АЖӘАБЖЬ 70
Ионеи аԥсыӡ дуӡӡеи
УИХӘАԤШИ аӡы аҵаҟа иҟоу ауаҩы. Иубома, закәытә шәарҭароу уи изыԥшу? Уажәы-уашьҭан уи аԥсыӡ дылбаанадоит! Иудыруама, ари ауаҩы дызусҭоу? Ари Иона иоуп. Уааи, еилаҳкаап, уи арыцҳара дшақәшәаз.
Иона — Иегова иԥааимбар иоуп. Уамаӡак мҵит, аԥааимбар Елисеи дыԥсиижьҭеи, Иегова Ионагьы адҵа ииҭоит: ‘Уца, Ниневиа ақалақь дуӡӡа ахь. Ари ақалақь аҟны инхо ауаа рыцәгьара дуӡӡоуп, убри атәы рылауҳәарцгьы сҭахыуп’.
Аха Иона убас ҟаиҵарц иҭахым. Уи Ниневиа аҟынтә нырцәҟа ицо аӷба дақәтәоит. Иегова уи игәамԥхеит. Убри аҟнытә Уи афырҭын ӷәӷәа аҿааирхоит. Аӷба уажәы-уашьҭан аӡы иагарыма уҳәартә еиԥш, иӷәӷәан афырҭын. Амшынуаа ргәы ҭҟьаны иҟоуп — урҭ рынцәахәқәа ацхырааразы ирыҳәоит.
Убасҟангьы Иона урҭ иреиҳәоит: ‘Сара Иегова сиеихырхәоит — ажәҩани адгьыли зшаз Анцәа. Сара уажәы Иегова иҟынтә сыҩны сцоит, уи идҵа насымгӡаразы’.— ‘Иузаҳурызеи, афырҭын еиқәтәаразы?’ — ирзеилкаауам амшынуаа.
— Амшын сыршәны салашәыжь, уи аҽагьеиқәнакып,— иҳәоит Иона. Амшынуаа ус ҟарҵарц рҭахым, аха афырҭын еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәоит, аҵыхәтәан урҭ Иона аӷба аҟынтә дыршәны амшын даларыжьуеит. Афырҭынгьы иаразнак аҽааиқәнакуеит, амшынгьы ҭынчхоит.
Аӡы аҵаҟа Иона аԥсыӡ дуӡӡа дылбаанадоит. Аха уи дҭахаӡом. Хаха-хымш аԥсыӡ амгәаҿы дыҟоуп. Уи цәгьаӡа дахьхәит, Иегова дахьизымӡырҩыз, Ниневиаҟагьы дахьымцаз. Иҟаиҵои иара?
Иона Иегова диҳәоит ацхырааразы. Усҟан Иегова Иона аԥсыӡ адгьыл дықәнажьыртә иҟаиҵоит. Уи ашьҭахь Иона Ниневиаҟа дцоит. Ари аҿырԥштәы иаҳнамырҵаӡои, шаҟа акраҵанакуа Иегова закәытә дҵазаалакгьы иҳаиҭо шынагӡалатәу?
Абиблиатә шәҟәы Иона.