Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 78
  • Анапы аҭӡамц аҟны иҩуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анапы аҭӡамц аҟны иҩуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аҭӡамц ианылаз аҩыра
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 78

АЖӘАБЖЬ 78

Анапы аҭӡамц аҟны иҩуеит

ИҞОУЗЕИ араҟа? Арҭ ауаа ачара ду рымоуп. Вавилонтәи аҳ зықьҩык асас дахьқәа дрыԥхьеит. Урҭ Иегова иныҳәарҭа ҩны идәылыргаз ахьи араӡни ирылхыз аҵәцақәа рыла иржәуан. Аха иаалырҟьаны аҳауаҿы ицәырҵуеит ауаҩы инапы, аҭӡамц аҟны, аҩрагьы иалагеит. Зегьы даараӡа ргәы ҭҟьоит.

Ари аамҭазы аҳра иоуит Валтасар, Навуходоносор имоҭа. Уи иахь аҟәышцәа аарыԥхьарц адҵа ҟаиҵоит. ‘Ари аҩыра иаԥхьо, иагьеиҭазҳәо уи аҵакы,— иҳәоит аҳ,— аҳамҭақәа рацәаны иоуеит, аҳраҿы ахԥатәи ҳәынҭқарны дагьыҟалоит’. Аха аҟәышцәа рҟынтә аӡәгьы илымшеит аҭӡамц аҟны ианыз аҩыра аԥхьареи уи аҵакы аилыркаареи.

Ашьҭыбжьқәа анлаҳа, аҳ иан дааиуеит акрыфарҭа ду ахь. ‘Иҟалозар, умшәан абысҟак,— диҳәоит лара аҳ.— Аҳраҿы дыҟоуп иԥшьоу анцәақәа здыруа ауаҩы. Уабду Навуходоносор аҳас даныҟаз, аҟәышцәа зегьы еиҳабыс дырхаиргылеит. Уи Даниил ихьӡуп. Ауаа шьҭы дааргаразы — уи еиҭеиҳәап ари иаҵанакуа зегьы’.

Даниил иаарласны дааргоит. Уи аҳамҭақәа мап рцәикуеит, нас иагьеиҭеиҳәоит, Валтасар иабду Навуходоносор зны Иегова аҳра ахьимихыз зыхҟьаз. ‘Уи даара дԥагьан,— еиҭеиҳәоит Даниил.— Убри азы Иегова ақәнага дақәиршәеит иара’.

— Уара,— Даниил Валтасар иахь ихы ирхоит,— Навуходоносор ихьыз зегьы удыруан, аха зегь акоуп, уаргьы уԥагьахеит. Уара аҵәцақәа угеит Иегова иныҳәарҭа ҩны аҟынтә, урҭ рылагьы иужәуан. Уара рыхьӡ ҳараукуан амҿлыхи, ахаҳәлых нцәахәқәеи, Ҳазшаз дуӡӡа ихьӡ ҳараумкит. Убри азоуп Анцәа анапы изадиҵаз, арҭ ажәақәа аҩырц. Иҩугьы абри ауп,— иҳәоит Даниил,— „МЕНЕ, МЕНЕ, ТЕКЕЛ, УПАРСИН“.

МЕНЕ иаанагоит: Анцәа уаҳра амшқәа иԥхьаӡеит, анҵәарагьы аҽҳәара аиҭеит. ТЕКЕЛ иаанагоит: уара акапангаҿы уркапанит, акгьы ушаԥсамызгьы ааԥшит. УПАРСИН иаанагоит: уаҳра амидцәеи аџьамцәеи ирыҭахоит.

Даниил дцәажәонаҵы, амидцәеи аџьамцәеи Вавилон иақәлеит. Урҭ ақалақь ргеит, Валтасаргьы дыршьит. Аҭӡамц аҟны ианыз наӡеит убри аухаҵәҟа! Аха ирыхьраны иҟоузеи уажәшьҭа израилаа? Уи хара имгакәа еилаҳкаауеит, аха раԥхьа, уааи, игәаҳҭап Даниил ихьыз.

Даниил 5:1—31.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра