Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 79
  • Даниил атышаҿы алымқәа дрыцыҟоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Даниил атышаҿы алымқәа дрыцыҟоуп
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Даниил алымқәа ахьҭаку дрыцҭакуп
    Учимся на примерах из Библии
  • Даниил шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 79

АЖӘАБЖЬ 79

Даниил атышаҿы алымқәа дрыцыҟоуп

ҞОҲ, Даниил арыцҳара ду дышҭагылоу ҩашьом. Аха алымқәа икьысуам! Иудыруама, избан? Алымқәа рахь дҭазыжьда Даниил? Уааи, еилаҳкаап.

Уажәы Вавилон аҳра иуеит Дари зыхьӡу ауаҩы. Уи Даниил даара бзиа дибоит игәыразреи иҟәышреи рзы. Дари иаҳраҿы Даниил напхгаҩыс дҟаиҵоит. Егьырҭ ауаа аҳраҿы уи дшьыцырго иалагоит, абар урҭ иҟарҵо.

Урҭ Дари иҟны иаауеит, иагьидыргалоит: ‘О, аҳ, ҳара иҳаӡбеит, 30 мшы уара уда, аӡәгьы иҳәара иақәиҭызымтәыша азакәан ҭужьыр ахәҭоуп ҳәа. Азакәан еилазгаз алымқәа рахь дҭажьтәуп’. Дари издыруам, арҭ ауаа ари азакәан аԥырҵар, зырҭахыу. Аха уи игәаԥхоит ари азакәан, убри азы иара иаԥиҵоит убри. Уажәшьҭа уи ԥсахшьа амам.

Даниил ари азакәан атәы аниаҳалак, уи аҩныҟа дцоит, ԥыхьеиԥшгьы Анцәа диҳәоит. Ауаа цәгьақәа ирдыруан, Даниил Иегова иҳәара амалахазгьы дшаҟәымҵуаз. Урҭ ари иеигәырӷьоит, избанзар ргәы иаанагоит, Даниил цәгьашақә излаизныҟәаша рплан рықәҿиоит ҳәа.

Дари арҭ ауаа абри еиԥш иҟоу азакәан аԥырҵарц зырҭахыз анеиликаа, уи даара игәы иалсит. Аха уи уажәшьҭа изыԥсахуам аҟынтә, адҵа ҟаиҵар акәхоит, Даниил атышахь, алымқәа ахьыҟоу дҭарыжьырц. Аха аҳ Даниил иеиҳәоит: ‘Зымаҵ ууа Анцәа, уеиқәирхап ҳәа сақәгәыӷуеит’.

Дари убысҟак игәы ԥнажәеит, уи ауха дзыцәомызт. Ашьыжьымҭан уи алымқәа ахьыҟаз атыша ахь дыҩны дцоит. Уихәаԥши уи асахьаҿы. Уи ҿиҭуеит: ‘Даниил, зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵуҩы! Урцәихьчама алымқәа зымаҵ ууа у-Нцәа?’

— Анцәа амаалықь дааишьҭит,— наиаҭеикит уи Даниил,— уи алымқәа рҿы ишәаҳаит, даргьы скьымсӡеит.

Аҳ гәыкала дгәырӷьоит. Уи адҵа ҟаиҵоит, Даниил атыша аҟынтә дҭыргарц, уахьгы иҭарыжьырц Даниил изы ацәгьара згәы иҭаз ауаа бааԥсқәа. Урҭ атыша аҵа аҟынӡа илеиаанӡа, алымқәа урҭ рхалеит, рыбаҩқәа зегьы ԥырҵәҵәеит.

Уи ашьҭахь аҳ Дари иаҳра аҟны инхоз ауаа зегьы ирзиҩит: ‘Даниил и-Нцәа пату иқәшәҵаларц адҵа ҟасҵоит. Уи аџашьахә дуӡӡақәа ирҿиуеит. Уи Даниил алымқәа дырцәихьчеит’.

Даниил 6:1—28.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра