АЖӘАБЖЬ 82
Мардохеии Есфири
УААИ, уажәшьҭа ҳхынҳәып Ездра ныҟәара Иерусалимҟа дцаанӡа шықәсқәак шьҭахьҟа. Мардохеии Есфири аџьамтәи аҳраҿы зегь реиҳа еицырдыруа израилаа иреиуоуп. Есфир — даҳкәажәуп, уи илзааигәоу лҭынха Мардохеи — аҳ иаамышьҭахь напхгаҩыс дыҟоуп. Уааи, игәаҳҭап, ари шыҟалаз.
Есфир лҭаацәа ԥсит лара зынӡа дшысабиз, убри азы лара Мардохеи диааӡеит. Аџьамцәа раҳ Артаксеркс ихан Суза ақалақь аҟны иҟоуп, Мардохеи уи имаҵуҩцәа дыруаӡәкыуп. Ҽнак зны аҳ иԥҳәыс Астин аҳ дизыӡырҩуам, аҳгьы аԥҳәыс ҿыц далихуеит. Иудыруама, ларгьы дызусҭоу? Ааи — иқәыԥшу иблахкыгоу Есфир.
Дубома, зегь зеихырхәо ауаҩы ԥагьа? Ари Аман иоуп. Уи Џьамтәыла зегьы еицырдыруа иакәны дыҟоуп. Аман иҭахыуп, уажәы асахьаҿы итәаны иубо Мардохеигьы иара диеихырхәаларц. Аха Мардохеи ус ҟаиҵар иҭахӡам. Абри иеиԥш иҟоу ауаҩы цәгьа иеихырхәара ахәҭам ҳәа иԥхьаӡоит уи. Ари Аман даара даргәаауеит. Абар, иаргьы иҟаиҵо.
Аман израилаа рзы аҳ иҟам-ианым иеиҳәоит: ‘Урҭ уаа ҽеиқәам, урҭ узакәанқәа ирзыӡырҩуам. Урҭ шьтәуп’. Артаксеркс издырӡом, иԥҳәыс Есфир — израилаа дышреиуоу. Убри аҟынтә уи Аман дизыӡырҩуеит, азакәангьы ҭижьуеит, иалхыу амш азы израилаа зегь шышьтәу ала.
Ари Мардохеи ианиаҳа, даара илахь еиқәнаҵеит. Уи Есфир илеиҳәоит: ‘Ари аҳ иабҳәароуп, багьиҳәароуп, ҳаиқәирхарц азы’. Аҳ уааиԥхьаанӡа, иара иахь анеира — аџьамцәа рзакәан еилоугеит ауп иаанаго. Аха Есфир ааԥхьара лмоукәан дцоит. Аҳ ихьтәы лабашьа лара лахь инаирхоит, ашьра лықәымшәаразы. Есфир аҳи Амани ачара ду ахь ааԥхьара рылҭоит. Ачараҿы аҳ Есфир длазҵаауеит, ибҭахыузеи ҳәа. Усҟан Есфир адырҩаҽны иҟалҵарц лгәы иҭоу даҽа чарак ахь иаалыԥхьоит аҳи Амани.
Аҩбатәи ачараан Есфир аҳ лгәы изаалыртуеит: ‘Сыжәлари сареи ашьра ҳақәуп’. Аҳ дгәамҵит. ‘Изгәаӷьыда абри аҩыза аҟаҵара?’ — игәы нханы иҳәоит иара.
— Ари ауаҩы бааԥс — аӷа Аман! — лҳәоит Есфир.
Аҳ игәаара абзиара иатәым. Уи адҵа ҟаиҵоит, Аман дыршьразы. Уи ашьҭахь Мардохеи иара иаамышьҭахь аҩбатәи напхгаҩыс дҟаиҵоит. Усҟан Мардохеи деиҷаҳауеит, израилаа рықәхра ианалагалак, рхы еиқәдырхарц азин рызҭо азакәан ҿыц ҭрыжьыртә. Мардохеи уажәы иеицырдыруа аӡәы иоуп, убри аҟнытә аӡәырҩы израилаа ирыцхраауеит, даргьы раӷацәа рҟынтә рхы еиқәдырхоит.
Абиблиатә шәҟәы Есфир.