Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 86
  • Ауаа амҩа дзырбо аеҵәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ауаа амҩа дзырбо аеҵәа
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова Иисус дихьчеит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 86

АЖӘАБЖЬ 86

Ауаа амҩа дзырбо аеҵәа

ИУБОМА, ахацәа руаӡәк инапы зқәикуа икәеицеиуа икыду аеҵәа? Уи аеҵәа цәырҵит, дара Иерусалим ианалҵ ашьҭахь. Арҭ ауаа Амрагыларҭа аҟынтә иааит, урҭ аеҵәақәа ҭырҵаауеит. Урҭ агәра ргоит, ари аеҵәа ҿыц уаҩ дук иахь иагоит ҳәа.

Иерусалим ианааи, урҭ азҵаауеит: ‘Дабаҟоу, иудеаа аҳас ирзыҟало асаби?’ «Иудеаа» — даҽакала абасоуп ишрышьҭоу израилаа. ‘Ҳара иаабеит асаби иеҵәа, Амрагыларҭа ҳаныҟаз,— рҳәоит урҭ ауаа,— ҳиеихырхәарцгьы ҳааит’.

Аҳ Ирод ари иаҳаз агәҭынчымра изнарҵысуеит. Уи иҭахӡам, иара ицынхәрас даҽаӡәы аҳас дҟалар. Убри аҟнытә Ирод аԥшьаҩцәа дрыԥхьаны, абас дразҵаауеит: ‘Дираны дабаҟоу жәлар зықәгәыӷуа аҳ?’ — ‘Абиблиа иаҳәоит: Вифлеем’,— рҳәоит аҭакс дара.

Усҟан Ирод Мрагыларҭа аҟынтә иааз ауаа даарыԥхьаны, адҵа риҭоит: ‘Шәцаны асаби дшәыԥшаа. Данышәыԥшаалак, сара исзаашәыцҳа. Саргьы сцаны сиеихырхәарц сҭахыуп’. Ирод, аиашазы, асаби диԥшаарц зиҭахыу дишьырц азоуп!

Уи ашьҭахь аеҵәа Вифлеемҟа иагоит, иагьаанагоит асаби дахьыҟоу аҭыԥахь. Урҭ аҩны ианыҩналалак, Мариеи Иисус хәыҷи рбоит. Усҟан урҭ аҳамҭақәа цәырганы, Иисус ирҭоит. Аха уи ашьҭахь Иегова ԥхыӡла иреиҳәеит, Ирод иахь имхынҳәырц. Даргьы даҽа мҩакала ртәылахь ицоит.

Ирод Мрагыларҭа ахьынтә иааз ауаа шцахьаз анеиликаалак, уи даара иԥсахы еибакуеит. Нас Вифлеем иҟоу ҩышықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәа зегьы рышьразы адҵа ҟаиҵоит. Аха Иегова Иосиф ԥхыӡла игәыиҽаниҵоит, Иосифгьы иҭаацәа иманы Мсырҟа иҽӡаны дцоит. Ҳамҭакы ашьҭахь, Иосиф Ирод дшыԥсыз аниаҳалак, уи Мариеи Иисуси иманы рыҩныҟа, Назарет ақалақь ахь, дхынҳәуеит. Араҟа имҩасуеит Иисус иқәыԥшра ашықәсқәа.

Угәы ишԥаанаго, ари аеҵәа ҿыц азыркыда? Иугәаларшәа, урҭ ауаа аеҵәа анырба, раԥхьа Иерусалимҟа рҿынархеит. Аҩсҭаа Аџьныш Анцәа Иҷкәын дишьырц иҭахын, насгьы уи идыруан, Иерусалим аҳ Иродгьы убас ҟаиҵарц иҽшазишәоз. Ус анакәха, Аҩсҭаа ихаҭаҵәҟьа иоуп аеҵәа азыркыз.

Маҭфеи 2:1—23; Михеи 5:2.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра