АЖӘАБЖЬ 88
Иоанн Иисус аӡы дӡааихуеит
УԤШЫ! Ари ауаҩы ихы аҳәыҳә ықәтәоит. Ари ауаҩы Иисус иоуп. Уажәы уи 30-ҟа шықәса ихыҵуеит. Уи иааигәара дгылоуп Иоанн. Иугәалашәома, Мариа лҭынха Елисавета дылбарц данааи, Елисавета лымгәаҭа иҟаз аԥшқа дгәырӷьан данҩацԥаз атәы? Ари усҟан макьана имицыз Иоанн иакәын. Иҟарҵои уажәы Иисуси Иоанни?
Уажәоуп Иоанн Иисус Иордан аӡы данӡааишь. Абасоуп ауаҩы аӡы дышӡаархуа. Зны уи аӡы дӡаарҵоит, нас дӡаархуеит. Иоанн ауаа аӡы иахьӡааихуа аҟнытә, уи Иоанн Аӡӡаахҩы ҳәа ишьҭоуп. Аха Иоанн Иисус аӡы дызӡааихуеи?
Иисус ихала дааны диҳәеит убри азы. Иоанн уаанӡа ииашамкәа рхы ахьымҩаԥаргоз азы, ишахьхәыз шьақәзырӷәӷәарц зҭахыу ауаа аӡы иӡааихуеит. Аха Иисус дзыхьхәышаз ицәгьоу ҳәа акыр ҟаиҵама? Мап — ахаангьы, избанзар уи ажәҩан аҟынтә иааз Анцәа Иԥа иоуп. Ус анакәха, Иисус Иоанн аӡы дӡааихырц дызиҳәаз хазуп. Уааи, еилаҳкаап, ари мзызс иамаз.
Уи аԥхьаҟа Иисус дуасҭан. Ауасҭа — ари амҿы иалхны еиуеиԥшым амаҭәарқәа ҟазҵо иоуп, иаҳҳәап: астолқәа, аскамқәа, аҟәардәқәа. Мариа лхаҵа Иосиф дуасҭан, Иисусгьы иирҵеит ари анапҟазара. Аха Иегова Иисус адгьылахь дзааишьҭыз ауасҭара азы акәым. Уи Иисус аус ҷыда идиҵеит, абар, иааит уи анагӡара аамҭагьы. Иисус Анцәа игәаԥхара неигӡарц дшааз ааирԥшуеит, Иоанн аӡы дӡааихырц дахьиҳәо ала. Ари Анцәа игәы иаахәама?
Ҳәарада — избанзар Иисус аӡы данҭыҵлак, ажәҩан аҟынтә абжьы гоит: ‘Ари гәахәас исымоу Сԥа иоуп’. Абар, ажәакала, ажәҩан аатуеит, Иисусгьы аҳәыҳә иқәтәоит. Ари аҳәыҳә ахаҭаҵәҟьа акәӡам. Уи ус аԥшра ыҟоуп ауп. Ари Иегова идоуҳатә мчыуп.
Уажәы Иисус дзызхәыцша рацәоуп, убри азы 40 мшы ҳәа уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк ахь дцоит. Уаҟа уи Аҩсҭаа дизнеиуеит. Хынтә Аҩсҭаа иҽазишәеит, знык иадамхаргьы Иисус Анцәа изакәан еилеигартә иирҟаҵарц. Аха Иисус уи аҟаҵара иҭахым зынӡа.
Нас Иисус дхынҳәуеит, ԥыҭҩык ауаагьы иқәшәоит, урҭ иара раԥхьатәи ишьҭанеицәеи иҵаҩцәеи ракәхоит. Абар урҭ рахьынтә аӡәырҩы рыхьӡқәа: Андреи, Пиотр (Симон ҳәагьы зыхьӡу), Филиппи Нафанаили (Варфоломеи ҳәагьы изышьҭоу). Иисус иҵаҩцәа ҿыцқәа иманы Галилеиатәи аҳаблахь иҿынеихоит. Галилеиа урҭ Нафанаил изгәакьоу иқалақь — Кана — аҟны иаанҿасит. Араҟа Иисус ачара ду ахь днеит, раԥхьатәи иџьашьахәгьы ҟаиҵоит. Изакәу удыруама? Аӡы аҩы алихуеит.