АЖӘАБЖЬ 89
Иисус аныҳәарҭа ирыцқьоит
ИИСУС араҟа игәамҵыз аӡәы иакәны даарԥшуп, ииашаӡами? Иудыруазар уи зыхҟьаз? Уи Анцәа иныҳәарҭаҿы иҟоу ауаа рыԥсымҭәра ауп. Урҭ арахь Анцәа иеихырхәаразы иаауа ауаа рыла аԥара рацәаны идырҳарц иашьҭоуп.
Иубома уаҟа аҳәысқәа, ауасақәа, аҳәыҳәқәа? Арҭ ауаа аныҳәарҭа аҩнуҵҟоуп иахьырҭиуа урҭ. Иудыруама, избан? Избанзар израилаа Анцәа акәырбан изнагаразы аԥстәқәа рҭахыуп.
Анцәа изакәан аҟны иаҳәон: израилаа иреиуоу аӡәы ацәгьара ҟаиҵазар, Анцәа акәырбан изнеигароуп. Израилаа акәырбан наргар акәын егьырҭ аусқәа рзгьы. Аха иабантәааигоз Израил инхоз ауаҩы аԥсаатәқәа ма аԥстәқәа, урҭ кәырбанс Анцәа изнеигарц азы?
Џьоукы рхатәы ԥсаатәқәеи аԥстәқәеи рыман. Даргьы урҭ кәырбанс инаргарц рылшон. Аха израилаа аӡәырҩы ирымамызт рхатәы ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи. Израилаа иреиуаз егьырҭ ауаа аныҳәарҭахь рыԥстәы рзаагомызт, избанзар ихараны инхон. Убри азоуп ауаа ааны абраҵәҟьа ирҭахыз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи заархәоз. Аха аҭиҩцәа рыхә мыцхәы ишьҭырхуан. Урҭ ауаа ржьон. Уи адагьы, урҭ Анцәа иныҳәарҭаҿы ахәҳахәҭра зынӡа азин рымамызт.
Убри азоуп Иисус абысҟак дызгәамҵыз. Уи аԥараԥыргацәа рыстолқәа хиршәҭуеит, рԥарақәагьы кеиԥсоит. Уи, иара убас, ашахақәа ирылхны аҟамчы ҟаиҵоит, аныҳәарҭагьы аԥстәқәа зегьы дәылицоит. Аҳәыҳәқәа зҭиуаз ирыдиҵоит: ‘Абыржәыҵәҟьа иҩныжәга арҭ! Саб иҩны малырҳарҭас иҟашәымҵан’.
Иисус ишьҭанеицәа ԥыҭҩык ицуп иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟны. Урҭ Иисус иааҟаиҵо зегьы џьаршьоит. Ҳамҭакы ашьҭахь урҭ Абиблиа аҟны Анцәа Иԥа изкны иахьаҳәо аҭыԥ ргәалашәоит: ‘Иҩнуҵҟа амца еиԥш иӷроуп Анцәа иҩны ахь имоу абзиабара’.
Мшаԥ-ныҳәа аҽны Иисус аџьашьахәқәа рацәаны иҟаиҵоит Иерусалим. Аныҳәа ашьҭахь Иудеиантә Галилеаиҟа дхынҳәуеит уи. Уи иааимҩатәны Самариагьы далсны дцоит. Уааи, еилаҳкаап, араҟа имҩаԥысуа.