Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 90
  • Аҵеџь аԥхьа аԥҳәыси иареи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҵеџь аԥхьа аԥҳәыси иареи
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус аҵеџь аҿы дзацәажәаз аԥҳәыс
    Учимся на примерах из Библии
  • «Уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз»
    «Усышьҭаланы уаала»
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 90

АЖӘАБЖЬ 90

Аҵеџь аԥхьа аԥҳәыси иареи

САМАРИА Иисус иԥсы ишьарц даанҿасуеит аҵеџь аԥхьа. Иҵаҩцәа афатә ааргаразы ақалақь ахь ицоит. Уи аамҭазы Иисус аӡаагаразы иааз аԥҳәыс длацәажәоит. Уи длыҳәоит: ‘Аӡы сыржә’.

Аԥҳәыс уаҩы ишимбац ала иџьалшьоит. Иудыруама, избан? Избанзар Иисус диудеиуп, лара дсамариатәуп. Иудеиаа реиҳараҩык самариаа бзиа ирбаӡом. Урҭ дара иагьрацәажәом! Аха Иисус ауаа зегьы бзиа ибоит. Убри аҟнытә иара иҳәоит: ‘Аӡы сыржә ҳәа ибыҳәо дыбдыруазҭгьы, бара бхаҭа биҳәарын уи, аӡы сыржә ҳәа, иаргьы ибиҭарын аԥсҭазаара узҭо аӡы’.

— Аҳ,— иџьалшьеит аԥҳәыс,— аҵеџь ҵаулоуп, аӡтагагьы умам. Излаҭугои аԥсҭазаара узҭо аӡы?

— Ари аҵеџь аҟынтә аӡы быжәлар, дырҩегь аӡба бакуеит,— илеилиркаауеит Иисус.— Сара ауаҩы исҭо аӡы наӡаӡатәи аԥсҭазаара инаҭоит.

— Аҳ,— диҳәоит аԥҳәыс,— исыҭ убри аӡы! Усҟан сара уаҳа сӡышалом. Арахьгьы аӡы атаразы аара сықәшәом.

Аԥҳәыс лгәы иаанагоит, Иисус аӡы ахаҭаҵәҟьоуп дызлацәажәо ҳәа. Аха уи аиаша ауп зыӡбахә имоу: Анцәеи уи иаҳреи ирызкыу аиаша. Ари аиаша аԥсҭазаара узҭо аӡы иаҩызоуп. Уи наӡаӡатәи аԥсҭазаара ауаҩы инаҭар алшоит.

Убасҟан Иисус аԥҳәыс длыҳәоит: ‘Бцаны бхаҵа арахь даага’.

— Сара ахаҵа дсымам,— лҳәоит аргама аԥҳәыс.

— Аиаша бҳәеит,— леиҳәоит уи Иисус.— Бара хәҩык ахацәа быман, уажәы ибыцынхогьы бара дыбхаҵам.

Аԥҳәыс даара иџьалшьоит, избанзар абарҭқәа зегь иашоуп. Аха иабеиликааи Иисус ари? Ииашоуп, Иисус — Анцәа ауаа ирзааишьҭыз, изықәиргәыӷхьаз иоуп, абарҭ адыррақәагьы Анцәа иоуп изҭо. Уи аамҭазы Иисус иҵаҩцәа хынҳәуеит — урҭ даара иџьаршьоит, Иисус самариатәи аԥҳәыс дахьлацәажәо.

Иаҳнарҵозеи ҳара абри ахҭыс? Ишаабо ала, Иисус арасақәа ирыҵаркуа ауаа зегьы дырзыразуп. Ҳаргьы убас ауаа ҳарзыразызароуп. Ҳара аӡәы дҽеим ҳәа дҳамԥхьаӡалароуп, уи даҽа расак дахьатәу азы. Иисус ауаа зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аиаша еилыркаарц иҭахыуп. Ҳаргьы ауаа аиаша дырҵара агәаҳәара ҳамазароуп.

Иоанн 4:5—43; 17:3.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра