Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 92
  • Иисус иԥсыз рыԥсы ҭеиҵоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус иԥсыз рыԥсы ҭеиҵоит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус аџьашьахәқәа рацәаны иҟаиҵоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?
    Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 92

АЖӘАБЖЬ 92

Иисус иԥсыз рыԥсы ҭеиҵоит

АРИ аӡӷаб 12 шықәса лхыҵуеит. Лнапы зкыу ахаҵа Иисус иоуп, уи иааигәара игылоуп лаби лани. Урҭ абысҟак изеигәырӷьо удыруама? Уааи, еилаҳкаап.

Ари аӡӷаб лаб — еицырдыруа уаҩуп, уи Иаир ихьӡуп. Ҽнак зны аӡӷаб дычмазаҩхеит, аиарҭаҿгьы днаганы дышьҭарҵоит. Аха уи лгәабзиара еиӷьхом, еиҳа-еиҳа лымчқәа лылӡаауеит акәымзар. Иаир иԥҳәыси иареи даара хьаас иҟарҵоит, избанзар аӡӷаб, абар, уажәы-уашьҭан дшыԥсра дыҟоуп. Лара — урҭ рыԥҳазаҵә лоуп. Убри аҟнытә Иаир Иисус иԥшаара дцоит. Уи уаанӡагьы иаҳахьан Иисус иџьашьахәқәа ртәы.

Иаир Иисус ауаа рыжәпараҿы диԥшаауеит. Ауаа рыжәпара дналсны, уи Иисус иаԥхьа иҽынкаижьуеит. ‘Сыԥҳа дычмазаҩ гәаҟыуп. Уааины дхәышәтәы, иҟалозар’,— диашьапкуеит уи. Иисус дақәшаҳаҭхоит.

Амҩахь Иисус ауаа рацәа еиҳа-еиҳа идыӷәӷәалоит. Иаалырҟьаны уи дааҭгылоит, икәша-мыкәшагьы даанаԥш-ааԥшуеит. ‘Искьысда?’ — дҵаауеит иара. Иисус амч шилҵыз инырит, убри алагьы еиликааит, аӡәы дшикьысыз. Аха дызусҭада? Ари абар уажәшьҭа 12 шықәса ачымазара бааԥс зыхьуаз аԥҳәыс лакәын. Убри лоуп инеины Иисус имаҭәа иакьысыз, зыгәгьы бзиахаз!

Иаир маҷк игәы ҭынчхоит, Иисус абас ауаа рыхәшәтәра изымариоушәа анибалак. Аха иаалырҟьаны аӡәы ажәабжь иманы даакылсуеит. ‘Иисус уаҳа агәхьаа даумырган,— уи Иаир диҳәоит.— Уԥҳа дыԥсит’. Иисус уи хырҩ аимҭеит, Иаиргьы иеиҳәоит: ‘Хьаас иумкын, зегь бзиахәӡа иҟалоит’.

Аҵыхәтәан, Иаир иҩны аҟны ианнеи, угәы ҭнашьаартә ауаа шҵәыуо рбоит. Аха Иисус иреиҳәоит: ‘Шәымҵәыуан. Ахәыҷы дымԥсӡеит. Уи дыцәеит аҟароуп’. Аха урҭ Иисус ихыччоит, избанзар аӡӷаб дшыԥсхьаҵәҟьаз рдыруан.

Усҟан Иисус аԥсы лҭаацәеи, хҩык апостолцәеи иманы лара дахьышьҭоу ауаҭах иҩналеит. Аӡӷаб лнапы аанкыланы абас налыдиҵоит: ‘Бгыл!’ Ишубо еиԥшгьы, аӡӷаб лыԥсы ҭалоит. Уи дгыланы, ауаҭах аҩнуҵҟа днаиааиуеит! Убри азоуп лаби лани абысҟак изгәырӷьо.

Уи Иисус раԥхьаӡа зыԥсы ҭеиҵаз лакәым. Абиблиа ишаҳәо еиԥш, раԥхьатәи Наин ақалақь аҟны инхоз аԥҳәысеиба лыҷкәын иоуп. Нас Иисус иԥсы ҭеиҵеит Лазар, Мариеи Марфеи рашьа. Иисус Анцәа иалихыз аҳак иаҳасабала напхгара ҟаиҵо даналагалак, уи даара ирацәаҩны ауаа рыԥсы ҭеиҵоит. Ари гәырӷьараӡами?

Лука 8:40—56; 7:11—17; Иоанн 11:17—44.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра