Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 100
  • Иисус абаҳчаҿы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус абаҳчаҿы
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус дыкны дыргоит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 100

АЖӘАБЖЬ 100

Иисус абаҳчаҿы

ИИСУС апостолцәеи иареи хыхьтәи ауада идәылҵны, Гефсимантәи абаҳчахь рхы дырхоит. Урҭ арахь уажәадагьы иааихьеит. Иисус апостолцәа ааԥхьара риҭоит, имыцәарц, аха Анцәа иҳәаларц. Ихаҭа ԥыҭк днаскьаны ҽыцха адгьыл аҿы иҽынкажьны Анцәа диҳәоит.

Уи ашьҭахь Иисус апостолцәа рахь дхынҳәуеит. Угәы ишԥаанаго, иҟарҵои урҭ? Урҭ ыцәоуп! Иисус хынтә дрыҳәоит, урҭ мыцәарц, рыхынтә раангьы урҭ шыцәоу даархагылоит. ‘Уажәааны шәышԥацәо? — дразҵаауеит Иисус, ахынтә раан даныхынҳә.— Абыржәыҵәҟьоуп саӷацәа рнапаҿы саныҟало’.

Убри аминуҭ азгьы иаауаз ауаа рышьҭыбжьқәа гоит. Абар! Иаацәырҵуеит аҳәақәеи апҟага лабақәеи рыла зҽеиқәыршәаны иҟоу ауаа! Урҭ рымҩа зладырлашо алашарбагақәа ркыуп. Ауаа рацәа анааигәаха, урҭ руаӡәк даарылҵны Иисус иахь дааиуеит. Уԥшы — уи Иисус дигәӡуеит. Ари Иуда Искариот иоуп! Аха уи Иисус дзигәӡуазеи?

— Иуда, гәӡралоума сшуҭиуа? — дҵаауеит Иисус. Ааи — агәӡра дыргас иҟоуп. Иуда ицны иааз ауаа уи иднарбоит, Иисус дызусҭоу. Убасҟан аӷацәа ԥхьаҟа еихоит, Иисус дыркырц. Аха Пиотр ус аламала дриҭар иҭахӡам. Уи иаҳәа ҭԥааны, иааигәа игылаз иахь иҟьоит. Ихы иақәиршәарц егьигымкәа, Пиотр уи ауаҩы иарӷьа лымҳа хиҵәоит. Аха Иисус илымҳа днакьысуеит, дагьихәышәтәуеит иара.

Пиотр идиҵоит: ‘Уаҳәа аҭра иҭаҵа. Иузымдырӡои, Саб сиҳәар, уи зықьҩык амаалықьцәа шысзааишьҭуа?’ Аиашазы, уи абри аҩыза аҟаҵара илшоит! Аха Иисус иаб диҳәаӡом, амаалықьцәа изааишьҭырц, избанзар идыруеит: уажәы иаӷацәа дыргараны ианыҟоу иаамҭоуп. Убри аҟнытә урҭ ражәа ҩбамтәкәа, дрыцны иҿынеихоит. Уааи, еилаҳкаап, Иисус наҟ-наҟ дзықәшәо.

Маҭфеи 26:36—56; Лука 22:39—53; Иоанн 18:1—12.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра