Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 107
  • Стефан ахаҳәқәа игәыдҵаны дыршьуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Стефан ахаҳәқәа игәыдҵаны дыршьуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 107

АЖӘАБЖЬ 107

Стефан ахаҳәқәа игәыдҵаны дыршьуеит

ИШЬАМХЫШГЫЛАЗ ахаҵа Стефан иоуп. Иисус иҵаҩы иаша. Аха уи изыруазеи! Уи ахаҳәқәа игәыдҵаны дыршьуеит. Дзырцәымӷхеи абысҟак абри ауаҩы, абас гәымбылџьбарала изныҟәартә еиԥш? Уааи, еилаҳкаап.

Анцәа имчала Стефан уаҩы иимбац аџьашьахәқәа ирҿиоит. Арҭ ауаа ари ргәы иақәшәом, ауаа ирзеиҭоуҳәо мцуп ҳәа гәыбӷангьы ирҭоит. Аха Анцәа Стефан аҟәышра дуӡӡа ииҭоит: Стефан идирбоит, ауаа зжьо дара рхаҭақәа шракәу. Ари даара рыԥсахы ԥнажәоит. Урҭ Стефан дыркуеит, нас уи иҟам-ианым изызҳәо ауаа еизыргоит.

— Ари иашоума? — аԥхьаԥшьаҩы Стефан диазҵаауеит. Аҭакс Стефан Абиблиа аҟынтә иаагоу ажәахә замана иҳәоит. Ахыркәшамҭаз уи ирзеиҭеиҳәоит, ажәытәан ауаа хәымгақәа Иегова иԥааимбарцәа шырцәымӷыз. Иагьреиҳәоит: ‘Шәаргьы урҭ ауаа рҩызцәа шәоуп. Шәара Анцәа имаҵуҩы Иисус дышәшьит, Анцәа изакәанқәагьы шәырзыӡырҩуам’.

Адин аԥызацәа уаҳа ирзаанкылом рыԥсахеибакра! Урҭ агәаӷ иаганы рхаԥыц аҿҿа ыҵгоит. Стефан ихы ҩышьҭыхны ҿааиҭуеит: ‘Шәыԥшы! Сара дызбоит Анцәа иарӷьарахь ала игылоу Иисус’. Арҭ ажәақәа анраҳалак, урҭ рлымҳақәа ршәаҳауеит, Стефангьы игәыдлоит. Дыкны, дырҳәазаны ақалақь далыргоит.

Араҟа урҭ рымаҭәақәа ршәыхны Савл зыхьӡу арԥызба ихьчарц ирҭоит. Дубома Савл асахьаҿы? Нас урҭ рахьтә аӡәырҩы Стефан ахаҳәқәа игәыдырҵоит. Стефан, ишубо еиԥш, дшьамхышгыланы Анцәа диҳәоит: ‘Иегова, ақәнага иақәумыршәан урҭ абри ацәгьара азы’. Уи еиликаауеит, урҭ рахьынтә аӡәырҩы адин аԥызацәа ишыржьаз. Нас Стефан дҭахоит.

Аӡәы ишакәым ала данузныҟәо, уаргьы аҭакс игәы иурхьырц уашьҭалома, мамзар Анцәа уиҳәома убри азы? Аха Стефани Иисуси убас ҟарҵаӡомызт. Урҭ ишакәым ирызныҟәозгьы ибзианы ирзыҟан. Уааи, урҭ иаҳзынрыжьыз аҿырԥшы ҳақәныҟәалап.

Аумҭақәа 6:8—15; 7:1—60.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра