АЖӘАБЖЬ 109
Пиотр Корнили иахь днеит
АРИ апостол Пиотр иоуп, уи ишьҭахь игылақәоу ҩыџьа иҩызцәа роуп. Аха ари ауаҩы Пиотр иҿаԥхьа дзышьамхышгылеи? Убас ҟауҵар ҟалома? Иудыруама, ари ауаҩы дызусҭоу?
Ари Корнили иоуп. Римтәи аруаа шәҩык иреиҳабу. Корнилии Пиотри еибаздырӡом, аха уи иҩныҟа дааиԥхьарц идҵан. Уааи, еилаҳкаап, ари ҟалашьаз иаиуз.
Иисус раԥхьатәи ишьҭанеицәа иудеиаа ракәын — Корнили иудеиаа дреиуам. Аха уи Анцәа бзиа дибоит, уи диҳәоит, ауаа абзиарақәагьы рацәаны ирзиуеит. Абар, ҽнак зны уи иаԥхьа амаалықь даацәырҵуеит, иагьиеиҳәоит: ‘Уара Анцәа игәы уақәшәоит, узызиҳәаз зегьы ҟаиҵаргьы иҭахыуп. Умаҵуҩцәа Пиотр зыхьӡу ауаҩы дааргаразы ишьҭы. Уи уажәы Иоппиа дыҟоуп, амшын азааигәара инхо Симон иҩнаҭа аҟны’.
Корнили убри аминуҭ азы Пиотр дааргаразы ауаа ишьҭуеит. Адырҩаҽны амаҵуҩцәа Иоппиа ианнеи, Пиотр Симон иҩны иҟьаҟьоу ахыб дшықәтәаз рбеит. Анцәа Пиотр ихәыцрақәа рҿы ауарҳал ду ажәҩан аҟынтә илеиуазшәа иирбеит. Уаҟа еиуеиԥшым аԥстәқәа ыҟоуп. Анцәа изакәан ала, арҭ аԥстәқәа цқьам ҳәа ишыԥхьаӡазгьы, абжьы иднаҵоит: ‘Пиотр, угыл. Ишьны иф’.
— Мап! — ҿааиҭуеит Пиотр.— Сара ахаангьы ицқьам сымфацт.— Аха абжьы Пиотр аҭак инаҭоит: ‘Анцәа уажәшьҭа ицқьоуп ҳәа ззиҳәаз уаҳа ицқьам ҳәа азумҳәалан’. Пиотр абжьы хынтә иацәажәоит. Пиотр ари иаанагарызеишь ҳәа дахьынӡазхәыцуа, Корнили иҟынтә уи иҩныҟа ауаа аауеит, Пиотр дабаҟоу ҳәагьы иҵаауеит.
Пиотр дылбаауеит, иагьиҳәоит: ‘Уи сара соуп. Ишәҭахыузеи?’ Урҭ амаалықь Корнили Пиотр аҩныҟа дааиԥхьарц шидиҵаз анизеиҭарҳәалак, Пиотр ацара дақәшаҳаҭхоит. Адырҩаҽны Пиотр иҩызцәа аӡәырҩы ицны Кесариаҟа Корнили иахь идәықәлоит.
Корнили иҭынхацәеи иҩызцәа гәакьацәеи еизигоит. Пиотр диԥыларцгьы ддәылҵит. Иубома — уи Пиотр иҽаԥхьа дшьамхышгылоит, дагьиеихырхәоит. Аха Пиотр уи даҿагылоит: ‘Угыл. Саргьы иубац уаҩуп’. Ааи, Абиблиа излаҳнарбо ала, ауаҩы иҿаԥхьа ашьамхышгылареи уи иеихырхәареи ҟалаӡом. Иегова заҵәык иоуп узеихырхәалаша.
Уажәы Пиотр еизаз зегьы ажәабжь рзеиҭеиҳәоит. ‘Излазбо ала, Анцәа имаҵ зурц зҭахыу ауаа зегьы идикылозаап’,— дналагоит Пиотр иажәахә. Уи ацәажәара данаҿу аамҭазы Анцәа адоуҳатә мчы ааишьҭуеит, ауаагьы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәара иалагоит. Пиотр ицны иааз иудеиатәи аҵаҩцәа иџьаршьоит — урҭ Анцәа ииҭахыу иудеиаа заҵәык роуп ҳәа акәын ргәы ишаанагоз. Абасала дара еилыркаауеит, Анцәа расак иатәу ауаа егьи араса аҵкьыс еиӷьуп, иагьеиҳауп ҳәа ишимԥхьаӡо. Ҳара ҳзыҳәангьы ихәарҭаӡами, убри еснагь иаҳхаҳмыршҭлозар?