АЖӘАБЖЬ 113
Павел Рим дыҟоуп
ИУБОМА, Павел инапқәа еиқәԥах иҿаҳәоуп, римтәи аруаҩгьы иааигәа дгыланы дихьчоит. Уажәы Павел Римтәи абахҭа дҭакыуп. Римтәи аҳәынҭқар изиуша аниӡбо дазыԥшуп. Павел дҭакыуп, аха уи ауаа изнеиларц рылшоит.
Рим иҟазаара ахԥатәи амш азы Павел иара иахь иааиԥхьоит иудеиаа рԥызацәа. Рим инхо иудеиаагьы рацәаҩны инеиуеит иара иахь. Павел урҭ Иисуси Анцәа иаҳреи ртәы рзеиҭеиҳәоит. Џьоукы уи харҵоит, иагьқьырсианцәахоит, егьырҭ ихарҵом.
Павел, иара убас, иара дзыхьчо аруаагьы маҷымкәа ажәабжь рзеиҭеиҳәоит. Абарҭ ҩышықәса рыҩнуҵҟа абахҭаҿы Павел иааиқәшәо зегьы ажәабжь рзеиҭеиҳәоит. Цезар иҩнаҭа иатәу ауаагьы Аҳра иазкыу ажәабжь бзиа раҳауеит, урҭ иреиуоу џьоукгьы қьырсианцәахоит.
Аха дызусҭада астол иахатәаны аҩра иаҿу ауаҩы? Дудыруама? Ииашоуп — ари Тимофеи иоуп. Тимофеигьы абахҭа дҭакын, Аҳра иазкыу ажәабжь ахьеиҭеиҳәоз азы, аха уажәшьҭа уи ихы дақәиҭуп. Уи Павел дицхраарц ауп арахь дзааз. Иудыруама, уажәы Тимофеи иҩуа? Уааи, еилаҳкаап.
Иугәалашәома, 110-тәи ажәабжь аҟны зыӡбахә аҳәоз ақалақьқәа Филиппи Ефеси? Арҭ ақалақьқәа рҟны Павел ақьырсиантә еизарақәа раԥҵара дацхраауан. Абар, уажәы данҭакыу аамҭазы, Павел абарҭ ақьырсианцәа асалам шәҟәқәа рзишьҭуеит. Урҭ Абиблиаҿы иануп, иагьрыхьӡуп: «Ефесаа рахь», «Филипаа рахь». Абыржәы Павел Тимофеи иеиҳәоит Филипп ақалақь аҟны иҟоу аишьцәа рахь иҩша ашәҟәы.
Филиппаа Павел абзиарақәа рацәаны изырухьеит. Урҭ абахҭахь аҳамҭа изынарышьҭуеит, Павел уи азгьы иҭабуп ҳәа реиҳәоит. Аҳамҭа Епафродит иоуп иаазгаз. Аха нас уи даара дычмазаҩ гәаҟхеит, дыԥсырцгьы акгьы игымхеит. Уажәы уи еиҳа деиӷьуп: иаарласны аҩныҟа дхынҳәуеит. Филлиппҟа дахьцоз Павели Тимофеи рҟынтә ашәҟәы игоит.
Павел дахьынӡаҭакыу даҽа ҩ-шәҟәык иҩуеит, урҭгьы Абиблиа иануп. Урҭ руак Колосс ақалақь аҟны иҟоу ақьырсианцәа ирзынархоуп. Иудыруама, уи иахьӡу? «Колоссаа рахь». Аҩбатәи асалам шәҟәы Филимон иоуп иззынархоу. Уи Колосс ақалақьаҽы инхо Павел иҩыза гәакьа иоуп. Ашәҟәы Филимон хәуҩыс имаз Онисим иӡбахә аҳәоит.
Онисим Филимон дицәыбналаны, Римҟа дааит. Ишакәхалакгьы, иара иаҳауеит, Павел араҟа абахҭа дышҭакыу. Иаргьы Павел ибара даннеилак, Павел уи ажәабжь изеиҭеиҳәоит. Дук хара имгакәа Онисимгьы дқьырсианхоит. Уажәы Онисим дахьыбналаз азы дахьхәуеит. Убас, иудыруама Павел Филимон иахь иҩуа?
Уи Филимон диҳәоит, Онисим ианаижьырц. ‘Сара Онисим уара уахь деиҭанасышьҭуеит,— изынаицҳауеит иара Филимон.— Аха уажәшьҭа уи баша тәык иакәым уара узы. Убри инаҷыданы, уи даара ибзиоу қьырсиантә иашьоуп’. Онисим Колоссҟа даныхынҳәуа, арҭ аҩ-шәҟәык игоит: акы — колоссаа рахь, егьи — Филимон иахь. Ухаҿы иааугарц улшоит, шаҟа дгәырӷьаз Филимон, итәы дышқьырсианхаз анеиликаа.
Павел филиппааи Филимони рахь ашәҟәы аниҩуаз, ииашаҵәҟьаны узеигәырӷьашаз ажәабжь ҿыц иман. ‘Шәара шәахь Тимофеи днасышьҭуеит,— рзааицҳауеит Павел филипаа.— Хара имгакәа схаҭагьы шәа шәахь снеуеит’. Филимон уи диҳәоит: ‘Сахьаангылаша аҭыԥ сзырхиа’.
Павел даноурышьҭлак, ақьырсиантә иашьцәеи иаҳәшьцәеи ахьынхо аҭыԥқәа рацәаны дырҭаауеит. Аха нас Павел еиҭах Рим абахҭаҿы дҭаркуеит. Уажәазы уи дшыршьуа идыруеит. Убри аҟнытә уи Тимофеи иахь ашәҟәы иҩуеит, иахмырԥакәа иара иахь даарц. ‘Сара Анцәа гәык-ԥсыкала сшизыҟаз сынхеит,— иҳәоит Павел ашәҟәы аҟны,— Анцәагьы аҳамҭа сиҭоит’. Павел данԥсы ашьҭахь шықәсқәак анҵлак, Иерусалим аҩынтә раан ихдырбгалоит, уажәазы — римаа.
Аха ари амацара акәым Абиблиа иану. Анцәа Иегова апостол Иоанн агәацԥыҳәара ииҭеит, Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәқәа иҩырц, Аартра ашәҟәы уахь иналаҵаны. Ари абиблиатә шәҟәаҿы иаҳәоит ҳаԥхьаҟа иҟалаша атәы. Уааи, уажәы еилаҳкаап, ҳаԥхьаҟатәи аамҭа иаҳзаанаго.