Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • dg ахә. 1, ад. 2—3
  • Даҳхылаҧшҵәҟьома ҳара Анцәа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Даҳхылаҧшҵәҟьома ҳара Анцәа?
  • Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?
  • Иеиԥшу аматериал
  • Изиаҩижьуазеи Анцәа агәаҟрақәа?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Адгьыл, агәаҟрақәа рҟнытәи зхы иақәиҭхаз
    Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?
  • Ихароума Анцәа ҳзықәшәо агәаҟрақәа?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Избан ацәгьареи агәаҟрақәеи зыҟоу?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?
dg ахә. 1, ад. 2—3

Ахәҭа 1

Даҳхылаҧшҵәҟьома ҳара Анцәа?

1, 2. Иарбан зҵаарақәоу ауаа Анцәа изкны иқәдыргыло, насгьы избан?

ИҞАЛАП, уара зныкыр уҧсҭазаараҿы уҵаахьазар: «Дыҟазар Анцәа, ииашаҵәҟьаны ҳара иаҳхылаҧшуа, изаиҩыжьуазеи абысҟак ирацәаны иҟоу ацәгьарақәа?» Ҳара зегьы иаҳхаҳгахьеит агәаҟрақәа, мамзаргьы даҳдыруеит урҭ зхызгахьоу.

2 Ааи, аҭоурых зегьы ахы инаркны аҵыхәанӡа ауаа аибашьреи, агәымбылџьбарреи, ацәгьоурақәеи, ақәнамгареи, аҕарреи, ачымазарақәеи, аҭынхацәа рыҧсреи ирзаанагоз ахьаа иаргәаҟуан. Ҳҩажәатәи ашәышықәса мацара азы, аибашьрақәа рҿы ишьын шә-миллионк ауаа инреиҳаны. Егьырҭ шә-миллионҩыла ироуит ахәрақәа, мамзаргьы иаанхеит хыбрадеи мазарадеи. Ҳара ҳаамҭаз убысҟак ирацәаны амбатә хҭысқәа мҩаҧысуеит, ҵҩа змам ауаа иҵаулоу агурҩеи, алаҕырӡ рацәеи, гәыҕра змам ацәанырреи рызнарҵасыртә.

3, 4. Ишҧахәыцуеи аӡәырҩы, Анцәа агәаҟрақәа ахьаиҩыжьуа азы?

3 Шьоукы рыҽдырџьбароит, насгьы ихәыцуеит: Анцәа дыҟазар, иара ииашаҵәҟьаны ҳара даҳхылаҧшӡом. Мамзаргьы дара хәыцыр рылшоит, Анцәа зынӡа дыҟаӡам ҳәа. Иаҳҳәап, хаҵак актәи адунеизегьтәи аибашьра аан аетникатә ашьҭашәарыцарақәа рҟнытә агәаҟрақәа ирықәшәаз, насгьы уи иахҟьаны зҩызцәеи зҭаацәеи ҧсыз, дҵаауеит: «Дабаҟаз Анцәа, ҳара иара ида ҧсыхәа анҳамамыз?» Даҽаӡәы, аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан, миллионҩыла ауаа анацистцәа ианыршьуаз зыҧсы ацәынхаз, иибаз агәаҟрақәа убысҟак илахь еиқәырҵеит, абас иҳәартә: «Сгәы шәрыбзар шәылшозҭгьы, агәыхынҳәра шәызнырҵасуан».

4 Абасала, ирацәаҩны ауаа ирзеилкаауам, избан нас Анцәа бзиа изичҳауа имҩаҧыслар ацәгьарақәа. Урҭ Анцәа дара дшырхылаҧшуа, мамзаргьы иара дшыҟаҵәҟьоугьы, гәҩарас иҟарҵоит. Урҭ рахьынтә аӡәырҩы ргәы иаанагоит, агәаҟрақәа ауаҩытәыҩсатә ҧсҭазаара еснагь иахәҭакны иҟазаауеит ҳәа.

[Асахьа, адаҟьақәа 2, 3]

Иааигәоума, агәаҟрақәа рҟнытәи зхы иақәиҭхо, адунеи ҿыц?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра