Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • gf аур. 7, ад. 12—13
  • Ажәытәра иаҳнарҵо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәытәра иаҳнарҵо
  • Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
  • Иеиԥшу аматериал
  • Адунеизегьтәи аӡхыҵра: иаазырԥшыда, насгьы иаазмырԥшыда азыӡырҩра?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Нои аковчег иргылоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Нои аковчег иргылоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иара «ииашоу Анцәа дицын»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәахәаԥш еиҳаны
Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
gf аур. 7, ад. 12—13

АУРОК 7

Ажәытәра иаҳнарҵо

Иегова ауаа цәгьақәа ирылиршом, урҭ Џьанаҭ ԥхасҭартәырц. Уаҟа Анцәа иҩызцәа рымацара роуп инхало. Ирыхьраны иҟоузеи ауаа цәгьақәа? Аҭак аилкааразы, ҳахәаԥшып иҟалахьоу Нои иҭоурых. Нои дынхон азқьышықәсақәа раԥхьаҟа. Уи дуаҩ бзиан, насгьы еснагь излаилщоз ала Иегова игәаԥхара анагӡара дашьҭан. Аха егьырҭ ауаа адгьылаҿы цәгьарамзар, бзиарак ҟарҵомызт. Убасҟан Иегова Нои иеиҳәеит, Аӡхыҵра ҟаҵаны, ауаа цәгьақәа ҭаирхарц игәы ишҭеикыз. Уи Нои идиҵеит, аковчег иргыларц, Аӡхыҵра анааилак, Нои иҭаацәеи иареи ҭамхарц азы (Аҟазаара 6:9—18).

Ауаа Нои иҭаацәеи иареи аԥстәқәа аковчег ишҭаргало шырбогьы, ашәарҭара шыҟоу ала агәҽанҵара азыӡырҩра рҭахӡам

Нои иҭаацәеи иареи аковчег дыргылеит. Нои ауаа ргәырҽаниҵон, Аӡхыҵра шыҟало ала, аха дара уи иазыӡырҩуамызт, ацәгьаура ишаҿыц иаҿын. Аковчег ргыланы дшаалгаз еиԥш, Нои аԥстәқәа уахь иҭеигалеит, нас иҭаацәагьы иаргьы аковчег инҭалеит. Усҟан Иегова аԥша бааԥсы аҿааирхеит. 40 мши-ҵхи ақәа алеира иаҿын. Аӡы адгьыл зегьы иахаҵәеит (Аҟазаара 7:7—12).

Ауаа цәгьақәа ҭахеит, Нои иҭаацәеи иареи еиқәхеит. Иегова, урҭ Аӡхыҵраан еиқәырханы, ацәгьара аҟынтә ирыцқьахаз адгьыл риҭеит (Аҟазаара 7:22, 23). Абиблиа аҟны иаҳәоит, Иегова иашала ахымҩаԥгара мап ацәызкуа ианықәихша ҩаԥхьа аамҭа шааиуа. Ауаа бзиақәа ҭахаӡом. Урҭ наӡаӡа Џьанаҭ дгьылаҿы инхалоит (2 Пиотр 2:5, 6, 9).

Иахьа аӡәырҩы ацәгьара ҟарҵоит. Адунеи гәырҩала иҭәит. Иегова, ауаа ргәырҽаниҵарц азы, уажәы-уажәы Ишаҳаҭцәа рзынаишьҭуеит, аха урҭ реиҳараҩык Иегова иажәақәа ирзыӡырҩырц рҭахым. Урҭ ирҭахым, рымҩақәа рыԥсахырц. Урҭ ирҭахым, Анцәа абзиеи ацәгьеи рзы иреиҳәо рыдыркыларц. Изықәшәараны иҟоузеи абарҭ ауаа? Рҽырԥсахрушь урҭ мышкы-зны? Аӡәырҩы ахаангьы рҽырԥсахраны иҟам. Иааиуеит аамҭа, ауаа цәгьақәа анықәынҵәаша, урҭ ахаан ҩаԥхьа инхалом (Ԥсалом 91:8).

Адгьыл ҭархаӡахом — уи Џьанаҭхоит. Анцәа иҩызцәахо ауаа наӡаӡа Џьанаҭ дгьылаҿы инхалоит (Ԥсалом 36:29).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра