Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • gf аур. 14, ад. 22—23
  • Анцәа иҩызцәа ацәгьа аҟаҵара рҽацәырхьчоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа иҩызцәа ацәгьа аҟаҵара рҽацәырхьчоит
  • Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа ицәымӷу аусқәа
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Иҟаҳҵарц ҳахәҭозеи Анцәа игәы ҳақәшәарц азы?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Ахәҭа 13
    Уизыӡырҩла Анцәа
  • Еиҭах иқәихуама Анцәа ауаа-цәгьақәа?
    Уеигәырӷьала аԥсҭазаара адгьылаҿы наунагӡа!
Шәахәаԥш еиҳаны
Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
gf аур. 14, ад. 22—23

АУРОК 14

Анцәа иҩызцәа ацәгьа аҟаҵара рҽацәырхьчоит

Аҩсҭаа ауаа ацәгьара дирҟаҵарц иҽазишәоит. Анцәа иҩызахара зҭахыу Иегова ицәымӷыу иаргьы ицәымӷзароуп (Ԥсалом 96:10). Иаҳҳәап, Анцәа иҩызцәа рҽацәырхьчоит анаҩстәи:

Анцәа ицәымӷуп цәеижьла аизааигәахара иадҳәалоу агәнаҳаи, аҩҽаршьреи, аҽԥыргареи, аӷьычреи, амци, нкылашьа змам агәеилашреи, алашыҩкратә хәмаррақәеи

Цәеижьла аизааигәахара аморал иадҳәалоу агәнаҳарақәа. «Умкалҭшьҭаныҟәан» (Ақәҵымҭа 20:14). Аҭаацәара уалалаанӡа цәеижьла аӡәы уизааигәахаргьы иашаӡам (1 Коринфаа рахь 6:18).

Аҩҽаршьра. «Аҩы зҽазыршьуа ...Анцәа иаҳрахь изнеиуам» (1 Коринфаа рахь 6:10).

Ауаҩшьра, аҽԥыргара. «Ауаҩы думшьын» (Ақәҵымҭа 20:13).

Аӷьычра. «Умӷьычын» (Ақәҵымҭа 20:15).

Амц. Иегова ицәымӷыуп «амц зҳәо абз» (Ажәамаанақәа 6:17).

Ақәымчреи нкылашьа змам агәеилашреи. [Иегова] «Амцқьеи ақәымчра бзиа избои ицәымӷыуп» (Ԥсалом 10:5). «Ацәеижь аусқәа [рахь иаҵанакуеит]... аԥырқьҳәа агәеилашра» (Галатаа рахь 5:19, 20).

Алашыҩкратә хәмаррақәа. «Сара ишәзызыҩуеит, аҳарам... шәиҿымцааларц» (1 Коринфаа рахь 5:11).

Расалеи хылҵшьҭралеи аибацәымӷра. «Шәааҟәымҵӡакәа шәаӷацәа бзиа ижәбала, шәыԥхазҵогьы рзы Анцәа шәиҳәала» (Маҭфеи 5:43, 44).

Анцәа иҳаиҳәо ҳара иаҳзеиӷьуп. Иҽеим аусқәа рҽырцәыхьчара еснагь имариам. Иегова имчалеи уи Ишаҳаҭцәа рыцхырааралеи Анцәа игәы нзырхо аусқәа уҽырцәухьчарц улшоит (Исаиа 48:17; Филиппаа рахь 4:13; Ауриацәа рахь 10:24, 25).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра