Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ахы 9, ад. 86—95
  • Ҳанхома ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳанхома ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан?
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЖӘҨАН АҾЫ АИБАШЬРА
  • АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА ИХАДОУ РҶЫДАРАҚӘА
  • АҴЫХӘТӘАНТӘИ ААМҬАҚӘА РААН АУАА ЗЕИԤШРАХО
  • АГӘЫРӶЬАРАЗЫ АМЗЫЗҚӘА
  • ИҞАУҴАРЦ УГӘЫ ИҬОУЗЕИ УАРА?
  • Иааигәоума адунеи аҵыхәтәа?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Излаадыруазеи ҳара, «аҵыхәтәантәи амшқәа» рҿы ҳшынхо
    Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?
  • Абарҭ амшқәа — ҵыхәтәантәиқәоуп!
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Џьанаҭ ааигәоуп!
    Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
Шәахәаԥш еиҳаны
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ахы 9, ад. 86—95

АХЫ 9

Ҳанхома ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан?

  • Иарбан ҷыдарақәоу Абиблиа заа иаҳәахьаз иахьатәи амшқәа рзы?

  • Иаҳәозеи Анцәа Иажәа «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан ауаа зеиԥшрахо иазкны?

  • Иаҳзаазгозеи агәырӷьара «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан Абиблиа инақәыршәаны?

1. Излаадыруазеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иаҳзаанаго?

АТЕЛЕХӘАԤШРАЛА ажәабжьқәа уанрыхәаԥшуа, уара изныкымкәа ухы уазҵаахьазар ҟалап: иабацо ари адунеи? Ҳаԥсҭазаараҿы агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи иаалырҟьаны ҳрықәшәоит, убри азы иҳаздырӡом уаҵәтәи амш иаҳзаанаго (Иаков 4:14). Аха Иегова идыруеит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иаҳзаанаго (Исаиа [Исаия] 46:10). Иахьа иҟоу агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи рыдагьы, иара Иажәа, Абиблиаҿы заа иҳәан, ауаа раԥхьаҟа ирзыԥшу азылԥхарақәа рыӡбахә.

2, 3. Иарбан зҵаароу Иисус иҵаҩцәа ирҭаз, насгьы аҭак шԥаҟаиҵеи?

2 Иисус Христос далацәажәон ацәгьара ықәызхуа, насгьы адгьыл џьанаҭны иҟазҵо Анцәа Иаҳра (Лука 4:43). Ауаа ирҭахын ирдырырц ари Аҳра анаауа. Ҽнак зны Иисус иҵаҩцәа иазҵааит: «Уара уаарагьы, аамҭа аиасрагьы дыргас ироураны иҟои?» (Матфеи 24:3). Иисус ҭакс иҳәеит Анцәа Иегова заҵәык иоуп издыруа ари асистема аҵыхәтәа аныҟалаҵәҟьо ҳәа (Матфеи 24:36). Аха уеизгьы, Иисус еилкаарак ҳамамкәа ҳаанимыжьит. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит Аҳра ииашаҵәҟьоу аҭынчреи ашәарҭадареи шьақәнаргылаанӡа адгьыл аҿы иҟало ахҭысқәа рыӡбахә. Арҭ аԥааимбаражәақәа анаӡара иаҿуп ҳара ҳаамҭақәа раан.

3 Уи агәра ҳгаанӡа, уааи раԥхьа ҳахәаԥшып иарбан еибашьроу иҟалаз иҳамбо адоуҳатә сфераҿы. Ари аибашьра ауаа рахьынтә аӡәгьы ишимбазгьы, уи аҵыхәтәа ҳара зегь иаҳныруеит.

АЖӘҨАН АҾЫ АИБАШЬРА

4, 5. а) Иҟалазеи ажәҩан аҿы, Иисус Аҳас даныҟала? б) Иабананагеи ажәҩан аҿы иҟаз аибашьра Аатра 12:12 инақәыршәаны?

4 Ҳазхысыз ахаҿы ҳара еилаҳкааит 1914 шықәсазы Иисус Христос Аҳас дшыҟалаз. (Шәаԥхьа Даниил [Даниил] 7:13, 14.) Аҳратә мчра аниоу Иисус аус анагӡара далагеит. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Ажәҩан аҟны еибашьрахеит: ганкахьала аибашьра иалахәын Михаил [Иисус] Имаалықьцәеи иареи, егьи аганахь — агәылшьап [Аҩсҭаа Аџьныш], иара амаалықьцәа» иваргыланыa. Аҩсҭааи ицәгьоу имаалықьцәеи аҵахеит, насгьы адгьыл ахь иршәын. Ишԥагәырӷьоз Анцәа ииашоу идоуҳатә ԥацәа, ажәҩан ацәгьара аҟынтә ианрыцқьаха! Аха ауаа уи иҽеиу ҳәа акгьы рзаанамгеит. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Адгьылгьы амшынгьы митәеиқәаҵәа шәԥеиԥшуп, избанзар шәара шәахь ԥсахеибакрала аҩысҭаа днеит, уи идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу!» (Аатра 12:7, 9, 12).

5 Уазхәыц иахькылнагаз ари аибашьра: Аҩсҭаа иԥсахы еибакны, адгьыл аҿы инхо зегьы арыцҳара рзааиго далагеит. Ишаабо еиԥш, ари аҟалара иаҿуп ҳара ҳанынхо аамҭазы. Аха аиқәырхара ааигәоуп. Аҩсҭааҵәҟьагьы идыруеит изаанхаз «аамҭа шмаҷу». Абиблиаҿы ари аамҭа «аҵыхәтәантәи амшқәа» ҳәа иашьҭоуп (2 Тимофеи иахь 3:1). Шаҟа игәырҭынчгоузеи ҳара ҳзы Анцәа иаарласны Аџьныш инырра аҟынтә адгьыл ширыцқьо адырра! Уааи ҳрыхәаԥшып ҳаамҭақәа раан анаӡара иаҿу абиблиатә ԥааимбаражәақәа. Урҭ ишьақәдырӷәӷәоит аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан ҳшынхо, насгьы Иегова бзиа дызбо зегьы Анцәа Иаҳра инымҵәаӡо азылԥхарақәа шырзаанаго. Раԥхьа ҳара еилҳаргоит Иисус иажәақәа рыла ҳаамҭа злалукаар алшо ихадоу ԥшь-дыргак.

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА ИХАДОУ РҶЫДАРАҚӘА

6, 7. Ишԥанаӡо иахьа аибашьрақәеи амлакреи ирызку Иисус иажәақәа?

6 «Ажәлари ажәлари, аԥсҳареи аԥсҳареи еиҿагылашт» (Матфеи 24:7). Аҵыхәтәантәи ашәышықәсазы аибашьрақәа рҿы миллионҩыла ауаа ҭахеит. Британиатәи ҭоурыхҭҵааҩык иазгәеиҭеит: «XX ашәышықәса ауаатәыҩсатә ҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭан. [...] Ари инымҵәаӡоз, зны-зынла еиқәтәоз аибашьрақәа иршәышықәсан». Абар аҳасабрба аинститут «Уорлдуотч» иаҳәо: «XX ашәышықәсазы мацара аибашьраҿы иҭахеит хынтә еиҳаны ауаа, ииасхьоу ҳара ҳера ашәышықәсақәа зегь рҿы иҭахаз раасҭа». 1914 шықәсазы аибашьрақәа реиҿыхарақәа раан иҭахеит 100 миллионҩык инареиҳаны ауаа. Аибашьраҿы ҳара иаҳзааигәоу аӡәы дҭахазаргьы, ҳара ахаангьы ҳхаҿы иаҳзаагом миллионҩыла ауаа рыԥсра иаанага́з ахьааи арыцҳареи.

7 Иҟалоит амлашьра (Матфеи 24:7). Аҭҵаарақәа ишаҳдырбо ала, аҵыхәтәантәи 30 шықәса аҩныҵҟа афатә аагалыҵ уамашәа иазҳаит. Аха уеизгьы ауаа уаанӡа еиԥш амла иакуеит, избанзар афатә злаархәо аԥара, ма аҽаҩра аарыхразы адгьыл рымам. Еизҳауа атәылақәа рҿы миллиардҩык инареиҳаны ауаа мышкы долларк, ма уи аасҭа еиҵаны ала инымхар ада ԥсыхәа рымам. Еиҳараҩык урҭ рахьынтә ауаа азхарамфара иахҟьаны даара игәаҟуеит. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә организациа ахәшьарала, есышықәса азхарамфара иахҟьаны иԥсуеит хә-миллионҩык инареиҳаны ахәыҷқәа.

8, 9. Излаабои адгьылҵысрақәеи ачымазара ҿкқәеи ирызку Иисус иԥааимбаражәақәа ҳара ҳаамҭазы анаӡара ишаҿу?

8 Иҟалоит «адгьылҵысра дуқәа» (Лука 21:11). Еиду Америкатәи Аштатқәа ргеологиатә маҵзура азԥхьагәаҭара ишаҳәо ала, есышықәса бжьаратәла 19 дгьылҵысра дуқәа ҟалоит, урҭ аҩн дуқәа ԥхасҭартәуеит, насгьы адгьыл дыршьшьоит. Убри инеиҳангьы, бжьаратәла есышықәса иҟалоит адгьылҵысрақәа, аҩн дуқәа зынӡа еилазырбго. Иҟоу аинформациа иаанарԥшуеит 1900 шықәса инаркны адгьылҵысрақәа ҩ-миллионк ауаа инареиҳаны рыԥсҭазаара ишалнахыз. Хыҵхырҭак аҿы иануп: «Иахьатәи атехнологиақәа аԥсрақәа рхыԥхьаӡара маҷхартә рацәак изацхраауам».

9 Иҟалоит ачымазара ҿкқәа (Лука 21:11). Амедицина аихьӡара дуқәа шамоугьы, адунеи аҿы ицәырҵуеит ачымазара ҿыцқәа, насгьы ажәытәтәи ачымазарақәа рыҽдырцәгьоит. Ҳасабрбак аҿы ишаҳәо ала, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа ибзианы идыру 20 чымазара, ачахотка, ашыӡ, ахолера реиԥш иҟоу даара ирылаҵәеит, насгьы урҭ ахәшәқәа рхархәарала риааира еиҳа ицәгьахеит. Ицәырҵит 30 рҟынӡа иҿыцу ачымазарақәа. Урҭ рахьтә еиҳарак хәшәтәышьа рымам, насгьы ауаҩы иԥсҭазаара далырхуеит.

АҴЫХӘТӘАНТӘИ ААМҬАҚӘА РААН АУАА ЗЕИԤШРАХО

10. Иарбан ҟазшьақәоу иахьа ауаа ирымоу 2 Тимофеи иахь 3:1—5 аҟны ишаҳәо еиԥш?

10 Абиблиаҿы аҵәыхәтәантәи амшқәа раан иҟало адагьы, ауаатәыҩсагьы рыҽшырыԥсахуа аарԥшуп. Апостол Павел дахцәажәеит ауаа рхымҩаԥгашьа. Иара иҩуан: «Аҵыхәтәантәи амшқәа ихьанҭоу аамҭақәахоит». (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:1—5.) Павел заа иҳәахьан ауаа:

  • рхы-рыԥсы ишашьҭало,

  • есааира акы абаҳарҳари ҳәа ишдәықәло,

  • изхылҵыз ирзымӡырҩуа ишалаго,

  • ԥсыцқьала аҟазаара мап шацәыркуа,

  • аӡәы иҩызахара-изааигәахара ишашьҭамло,

  • аҽынкылара шырцәыӡуа,

  • ишгәымбылџьбарахо,

  • Анцәа ицҟазаара аасҭа руаҩытәыҩсатә гәаҳәара ҿыхаа-мыхаақәа ишхырхуа,

  • адәахьала — нцәахаҵарак рымоушәа рхы шудырбо, ҩнуҵҟала — уи мап шацәыркхьоу.

11. Ишԥаҳнарбо Аԥсалом 91:8 (92:7, АдҾ) ауаа цәгьақәа ирыхьуа?

11 Иубома уара абарҭ реиԥш иҟоу аҟазшьақәа уааигәа инхо ауаа рҟны? Ҳәарада, ааи. Избанзар иахьа адунеи ҭәуп абарҭ реиԥш иҟоу ауаа рыла. Ари иаҳнарбоит Анцәа Иегова иаарласны аус анагӡара дшалаго, Абиблиа ишаҳәо ала: «Амцқьақәа, уԥшыр, аҳасқьын еиԥш ауп ишгылоу, аиакәым ҟазҵогьы ашәҭеиԥш ишәҭуеит азныказ, наунагӡа ақәӡааразы» (Аԥсалом 91:8 [92:7, АдҾ]).

АГӘЫРӶЬАРАЗЫ АМЗЫЗҚӘА

12, 13. Ишԥазҳаи «ииашоу адырра» «аҵыхәтәа аамҭа» азы?

12 Абиблиаҿы заа ишҳәаз еиԥш, аҵыхәтәантәи амшқәа арыцҳарақәа рацәаны иааргоит. Аха иҭынчым ари адунеи аҿгьы Иегова бзиа дызбо ауаа агәырӷьаразы амзызқәа рымоуп.

13 «Ииашоу адырра иазҳауеит»,— заа иҳәан абиблиатә шәҟәы Даниил аҟны. Ианбанаӡар акәыз арҭ ажәақәа? Аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан (Даниил [Даниил] 12:4). Еиҳараӡак 1914 шықәса инаркны, Иегова дрыцхраауа далагеит имаҵ аура, насгьы Абиблиа аилкаара зҭахыз ауаа. Дара ирзаатит зыхә ҳараку Анцәа ихьӡ, иара игәҭакқәа, Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара, иԥсхьоу рҭагылазаашьа, насгьы урҭ рыԥсҭалара ирызку аиаша. Убри инеиҳангьы, Иегова имаҵзуҩцәа еилыркааит рыԥсҭазаара анасыԥҵәҟьа рзаанагарц, насгьы Анцәа дҳараркырц азы иҟаҵалатәу. Дара еиӷьны еилыркаауа иалагеит иарбан рольу Аҳра иааннакыло, насгьы уи Анцәа игәаԥхара адгьыл аҿы ишынанагӡо. Ргәы зызҭанаҵазеи дара арҭ адыррақәа? Ари азҵаара ӷәӷәала иадҳәалоуп аҵыхәтәантәи амшқәа раан инаӡо егьи аԥааимбаражәа.

Ари Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылаҳәахоит ауаа зқәынхо адгьыл зегь аҟны (Матфеи 24:14)

14. Шаҟа инарҭбааны ирылаҳәахозеи Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа, насгьы ирылазҳәода ари ажәабжь?

14 «Ари Аԥсҳаратә Евангелие аӡбахә аԥсабара зегьы... иахьыгӡахоит, ажәларқәа зегьы азышаҳаҭхаразы; убасҟан иԥҵәоит зегьы рҵыхәтәа»,— иҳәеит Иисус Христос ари адунеи асистема ахыркәшара иазку иԥааимбаражәаҿы. (Шәаԥхьа Матфеи 24:3, 14.) Аҳра закәу, иара инанагӡо, насгьы иарбан зылԥхарақәоу иаанаго иазку ажәабжь бзиа,— адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо ирыладырҵәоит 700 бызшәа инареиҳаны рыла, 230 тәылеи территориеи инареиҳаны рҟны. Ари агәырӷьажәа рыларҳәоит «абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс, бызшәас иҟаз зегьы» рҟынтә миллионҩыла Иегова Ишаҳаҭцәа (Аатра 7:9). Дара имҩаԥыргоит хәыда-ԥсада иҟоу аҩнтәи Абиблиа аҵара, Анцәа Иажәа иаҳнарҵаҵәҟьо еилызкаарц зҭаху миллионҩыла ауаа рҟны. Ари аԥааимбаражәа анаӡара даара иссируп, еиҳараӡак иаҳгәалашәозар Иисус иажәақәа ииашоу ақьырсианцәа «зегьы цәымӷыс» ишыҟарҵало иазку (Лука 21:17).

ИҞАУҴАРЦ УГӘЫ ИҬОУЗЕИ УАРА?

15. а) Ихауҵома уара аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳшынхо? Иҳаилыркаа. б) Ирзаанагозеи аҵыхәтәа Иегова иҿагыло, насгьы ирзыԥшузеи Анцәа Иаҳра анапхгара иацныҟәо ауаа?

15 Агәра унаргома уара арҭ абиблиатә ԥааимбаражәақәа рынаӡара, ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳшынхо? Иегова ажәабжь бзиа рылаҳәара аанкылатәуп ҳәа аниӡбалак, «зегьы рҵыхәтәа» ҟалоит (Матфеи 24:14). Ажәақәа «зегьы рҵыхәтәа» иаа́нагоит Анцәа адгьыл аҟынтә ацәгьара ширыцқьо, насгьы иара иҿагыло зегьы шықәихуа. Иегова ари аус аҟаҵара рыдиҵеит Иисуси акыр зымчу имаалықьцәеи (2 Фессалоникаа рахь 1:6—9). Аҩсҭаа идемонцәеи иареи уаҳа ажәларқәа дырҩашьалаӡом. Убасҟан Анцәа Иаҳра анапхгара иаша иқәныҟәо зегьы азылԥхарақәа рацәаны ироуеит (Аатра 20:1—3; 21:3—5).

16. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥахәҭоу ари аҵыхәтәантәи амшқәа раан?

16 Аҩсҭаа исистема иаарласны иқәххоит, убри аҟынтә иазхәыцтәуп: иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара? Иахәҭоуп иҵегь еиӷьны Иеговеи иара инормақәеи реилкаара (Иоанн 17:3). Уҽазышәа ухы азышьҭны Абиблиа аҵара. Лассы-лассы урыҿцаала Иегова игәаԥхара анагӡара зҭаху ауаа. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Иегова Иажәа аҭҵаарала иара изку адыррақәа еизырҳала, насгьы уԥсҭазаара иара инормақәа инарықәыршәаны, уҽазышәа игәы иақәшәо аҟаҵара (Иаков 4:8).

17. Избан ари асистема анҵәамҭа аӡәырҩы ргәы ианҭам изрыхьӡо?

17 Иисус заа иҳәахьан еиҳараҩык ауаа рхы шазырмышьҭуа аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳшынхо аазырԥшуа ашьақәырӷәӷәарақәа. Ацәгьоуцәа рықәхра иаалырҟьаны иҟалоит. Аӡәырҩы ргәы ианҭам ирыхьӡоит аҵыхәтәа — уи ааиуеит «аӷьыч иеиԥш» уахынла. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:2.) Иисус ргәырҽаниҵеит: «Аха Нои имшқәа раан ишыҟалаз аиԥш ауп, Ауаҩытәыҩса Иԥа иаарагьы шыҟало: Избан акәзар убасҟангьы, аӡхыҵра иалагаанӡа, Нои иӷба дҭалаанӡа, ауаа акрырфон, акрыржәуан, хаҵа ицон, аҳәса ааргон, Аӡхыҵра рыжәланы, зегьы ықәнахаанӡа убри ишазымхәыцуаз, гәҩара шрымамыз аиԥш ауп, Ауаҩытәыҩса Иԥа иаарагьы шыҟало» (Матфеи 24:37—39).

18. Иарбан Иисус иҳаиҭаз гәҽанҵароу хшыҩзышьҭрала ҳзызнеир акәу?

18 Изыӡырҩуаз ауаа ацәихьчарц азы, Иисус иҳәеит: «Шәхы шәашьклаԥшла, имыцхәу крыфарала, рыжәтә-жәрала шәхы шәмырчалан, иахьеи-уахеитәи абзазара шәҽашәымҭан, уи амш шәгәышәҽанӡамкәа ицәырымҵразы: Избан акәзар уи акаҭа иаҩызоуп — адгьыл иқәынхауа ауааԥсыра зегьы ирхаԥоит; Нас, абас, иарбан аамҭазаалакь азы шәҷаԥшьала, шәныҳәала, абарҭ арыцҳарақәа зегьы рахьтә ахцәнырхара шәаҭәахаразы, Ауаҩытәыҩса Иԥа иҿаԥхьа [иразра шәоураны] шәгыларазы» (Лука 21:34—36). Иисус иажәақәа хшыҩзышьҭрала рызнеира даара ихадоуп. Избан? Избанзар Анцәа Иеговеи «Ауаҩытәыҩса Иԥа» — Иисус Христоси ззыразу ауаа Аҩсҭаа исистема ақәхра иацәынхоит, насгьы иџьашьахәу адунеи ҿыц аҟны наӡаӡа анхара рылшоит. Ари аамҭа зынӡа иааигәаӡоуп! (Иоанн 3:16; 2 Пиотр 3:13).

a Михаил Иисус Христос шиакәу ала ашьақәырӷәӷәарақәа уԥшаар улшоит Ацҵа, «Дызусҭада амаалықь хада Михаил?» аҿы.

ИАҲНАРҴОЗЕИ АБИБЛИА

  • Аҵыхәтәантәи амшқәа ирҷыдарахеит аибашьрақәа, амлакра, адгьылҵысрақәа, насгьы иҿку ачымазарақәа (Матфеи 24:7; Лука 21:11).

  • Аҵыхәтәантәи амшқәа раан ауаа хыбзиабаҩцәоуп, аԥара рыԥсы азыцәгьоуп, насгьы гәахәара бзиабаҩцәоуп, аха Анцәа бзиа дырбаӡом (2 Тимофеи иахь 3:1—5).

  • Абарҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан, Аҳра иазку ажәабжь бзиа адгьыл ахьынӡана-ӡааӡо ирылаҳәахоит (Матфеи 24:14).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра