Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ахы 14, ад. 134—143
  • Аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиура

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиура
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҬААЦӘАРА АԤЫЗҴАЗ АНЦӘА ИОУП
  • АХАЦӘА РЗЫ АҾЫРԤШЫ
  • АҲӘСАҚӘА РЗЫ АҾЫРԤШЫ
  • АНИ АБИ РЗЫ АҾЫРԤШЫ
  • АХӘЫҶҚӘА РЗЫ АҾЫРԤШЫ
  • АҬААЦӘАРАТӘ НАСЫԤ АЗЫ АЦАԤХА
  • Шәҭаацәара насыԥ амазар алшоит
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ахы 14, ад. 134—143

АХЫ 14

Аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиура

  • Дыҟазар шԥеихәҭоу аҭаацәара иахагылоу ахаҵа?

  • Иналыгӡар шԥалыхәҭоу аԥҳәыс лроль?

  • Ишԥарылшо ани аби ҭаацәа бзианы аҟалара?

  • Ишԥарылшо ахәыҷқәа аҭаацәараҿы анасыԥ аизырҳара?

1. Иаҭахузеи аҭаацәараҿы анасыԥ аиуразы?

АНЦӘА ИЕГОВА иҭахуп уара насыԥ змоу аҭаацәара умазарц. Иара Иажәа, Абиблиа, аҭаацәара иалахәу зегьы ирнаҭоит анапхгара, насгьы уаҟа иануп иарбан рольу Анцәа дасу ирзалихыз. Дарбанзаалак аҭаацәара иалахәу Анцәа иабжьагарақәа дырзыӡырҩуазар, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит. Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп Анцәа иажәа заҳауа, иацныҟәауа» (Лука 11:28).

2. Зыгәра ҳгар ҳахәҭоузеи, аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиуразы?

2 Аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиуразы, агәра гатәуп аҭаацәара аԥызҵаз, Иисус «Ҳаб» ҳәа ззиҳәаз, Анцәа Иегова шиакәу (Матфеи 6:9). Адгьыл аҿы иҟоу аҭаацәарақәа зегьы жәҩан иҟоу ҳ-Аб ибзоуралоуп ишыҟоу, насгьы иара ҳәарада идыруеит аҭаацәарақәа анасыԥ рзаазго (Ефесаа рахь 3:14, 15). Иаҳәозеи Абиблиаҿы Анцәа аҭаацәараҿы дасу ирзалихыз ароль иазкны?

АҬААЦӘАРА АԤЫЗҴАЗ АНЦӘА ИОУП

3. Ишԥаԥҵаз аҭаацәара Абиблиа излаҳәо ала, насгьы избан ари аацҳара агәра ҳгар зҳалшо?

3 Иегова ишеит раԥхьатәи ауаа Адами Евеи, насгьы урҭ ҭаацәараны еидикылеит. Иара урҭ нхарҭас ириҭеит иссиру џьанаҭ ҩны — Едемтәи абаҳча. Иегова иҭахын урҭ ахәыҷқәа рымазарц. Иара Адами Евеи иреиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл» (Аҟазаара [Бытие] 1:26—28; 2:18, 21—24). Ари легендаӡам, избанзар аҭаацәара аԥҵара́ иазкны Аҟазаара ашәҟәы иану аацҳара Иисус Христос ихаҭа ишьақәирӷәӷәеит (Матфеи 19:4, 5). Ауадаҩрақәа рацәаны ҳашрықәшәогьы, иахьатәи аԥсҭазаара Анцәа игәҭакы ишацәыхароугьы, зегь акоуп аҭаацәараҿы анасыԥ аиура алшоит.

4. а) Ишԥарылшо аҭаацәараҿы зегьы анасыԥ аизырҳара? б) Избан Иисус иеилкаара захәҭоу, аҭаацәараҿы анасыԥ ҳаурц азы?

4 Аҭаацәараҿы дасу анасыԥ аизырҳара илшоит, Анцәа диҿыԥшны абзиабара ааирԥшуазар (Ефесаа рахь 5:1, 2). Аха излаҳалшои Анцәа иҿыԥшра, иара дҳамбозар? Иегова адгьыл ахь дааишьҭит ихшаазаҵәу Иԥа Иисус Христос, убри аҟынтә ҳара иҿырԥшы ҳақәныҟәалар ҳалшоит (Иоанн 1:14, 18). Иисус жәҩантә и-Аб ихаҭара убриаҟара ииашаны иааирԥшит изыӡырҩуаз ауаа, насгьы иҿырԥшы збоз Иегова ихаҭа иацәажәозшәа ргәы иабон (Иоанн 14:9). Убри аҟынтә, Иисус абзиабара шааирԥшуаз еилаҳкаалар, насгьы иҿырԥшы ҳацныҟәалар, ҳара аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аизырҳара ҳалшоит.

АХАЦӘА РЗЫ АҾЫРԤШЫ

5, 6. а) Дышԥазыҟоу Иисус аизара, насгьы иднарҵозеи ахацәа Христос иҿырԥшы? б) Иҟаҵатәузеи агәнаҳа анажьра ҳаурц азы?

5 Абиблиаҿы иҳәоуп ахацәа рыҳәсақәа ирызныҟәалароуп Иисус иҵаҩцәа дышрызныҟәоз еиԥш ҳәа: «Ахацәа, бзиа ижәбала шәыҳәса, Христос Ауахәама бзиа ишибаз, ихы шақәиҵаз аиԥш... Ахацәагьы абас рыҳәса бзиа ирбозароуп, дара ирцәеижьу ак еиԥш ирзыҟазароуп: зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа — ихгьы бзиа ибоит. Дыҟам зцәеижь бзиа изымбо, иахымӡыӡаауа уаҩԥсык: еснагь уи гәцаракны имоуп, акраҿеиҵоит, ирԥхоит, Иҳақәиҭу Ауахәама дшазыҟоу аиԥш» (Ефесаа рахь 5:23, 25—29).

6 Иисус аизарахь иааирԥшыз абас еиԥш иҟоу абзиабара ӷәӷәа ахацәа рзы ҿырԥш бзиоуп. Иисус иҵаҩцәа «аҵыхәтәанынӡа ибзиабара рзааиртит». Дара анаӡара ишацәыхаразгьы, иԥсҭазаара рыхҭниҵеит (Иоанн 13:1; 15:13). Абиблиа ахацәа ирнаҭоит ааԥхьара: «Шәыҳәса бзиа ижәбала, урҭ рышҟа шәымҽыӷымхан» (Кәаласаа рахь 3:19). Ицхраауазеи ахаҵа ари абжьгара ақәныҟәара, еиҳараӡак иԥҳәыс ииашамкәа ак аныҟалҵо? Иара ихеимыршҭуазар ауп ихаҭагьы агха шыҟаиҵо, насгьы Анцәа иҟынтә анажьра шиҭаху. Аха иҟаиҵар ихәҭоузеи ахаҵа, Анцәа иҟынтә анажьра иоурц азы? Иара иганахь ала агәнаҳа ҟазҵо ауаа, иԥҳәысгьы уахь дналаҵаны, ранажьра ихәҭоуп. Ҳәарада ари апринцип иԥҳәысгьы даҵанакуеит. (Шәаԥхьа Матфеи 6:12, 14, 15.) Баша ирҳәом насыԥ змоу аҭаацәара — ари анажьра иазхиоу ҩыџьа ауаа реидгыла ауп ҳәа.

7. Еиликаауази Иисус, насгьы иҿырҵаар рылшозеи ахацәа?

7 Ахацәа иара убас ирхадмыршҭлароуп Иисус иҵаҩцәа еснагь дышрызҿлымҳаз. Иара еиликаауан ирылымшозгьы, рымч зықәхозгьы. Иаҳҳәап, дара анааԥса, ус реиҳәеит: «Ҭыԥ цәҳәырак ахь шәцаны, убраҟа ԥыҭрак шәыԥсышәшьа» (Марк 6:30—32). Хаҵа ирымоу аҳәсагьы аиҷаҳареи азҿлымҳареи иаԥсоуп. Абиблиаҿы иҳәоуп урҭ «акырӡа ишкәадоу», убри аҟнытә ахацәа ирыхәҭоуп рыҳәсақәа «ҟәыӷарала рызныҟәара». Избан? Избанзар, аҳәсеи ахацәеи еиҟараны ироуеит «еицеиԥшу џьынџь-ԥсҭазаарак» (1 Пиотр 3:7). Ахацәа ирхадмыршҭлароуп Анцәа иҿаԥхьа ауаҩы акыр даԥсаны дҟазҵо, дахьхаҵоу, ма дахьԥҳәысу шакәым, аха ииашара абзоуралоуп (Аԥсалом 100:6 [101:6, АдҾ]).

8. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо «зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа — ихгьы бзиа ибоит» ҳәа? б) Иаанагозеи хаҵеи-ԥҳәыси «цәеижькуп» ҳәа Абиблиа иану?

8 Абиблиаҿы иаҳәоит «зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа — ихгьы бзиа ибоит» ҳәа. Избанзар Иисус хаҵеи-ԥҳәыси рзы иҳәеит «урҭ шьҭа ҩыџьа ракәхом, цәеижькуп» ҳәа (Матфеи 19:6). Ари иаанаго убриоуп, аҭаацәара иалоу хаҵеи ԥҳәыси заҵәык роуп цәеижьла аизааигәахара зыхәҭоу (Ажәамаанақәа [Притчи] 5:15—21; Ауриацәа рахь 13:4). Хаҵеи-ԥҳәыси азиашара рыхьчар рылшоит, рхатә ҭахрақәа мацара ракәымкәа, дара-дара рҭахрақәа ирызхәыцлар (1 Коринфаа рахь 7:3—5). Абиблиа иаҳгәаланаршәоит акрызҵазкуа иашарак: «Дыҟам зцәеижь бзиа изымбо, иахымӡыӡаауа уаҩԥсык: еснагь уи гәцаракны имоуп, акраҿеиҵоит, ирԥхоит». Ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибалар ихәҭоуп, ихы бзиа ишибо еиԥш, насгьы ихеимыршҭуазароуп иара Иисус Христос дшихагылоу (Ефесаа рахь 5:29; 1 Коринфаа рахь 11:3).

9. Иарбан Иисус имоу ҟазшьоу Филиппаа 1:8 аҟны зыӡбахә ану, насгьы избан ахацәа рыҳәсақәа рахь ари аҟазшьа аарԥшра зрыхәҭоу?

9 Апостол Павел иҳәеит Иисус Христос иҟәымшәышәыз ацәаныррақәа ааирԥшуан ҳәа (Филиппаа рахь 1:8). Иисус ихаара аӡәырҩы иргәаԥхон, иара иҵаҩцәаны иҟалаз аҳәсагьы уахь иналаҵаны (Иоанн 20:1, 11—13, 16). Аҳәсагьы убас еиԥш ирҭахуп рхацәа дара рахь ахаара аадырԥшларц.

АҲӘСАҚӘА РЗЫ АҾЫРԤШЫ

10. Ириҭазеи Иисус аҳәсақәа ҿырԥшыс?

10 Аҭаацәара — ари аиқәшаҳаҭра ауп, аха иара ақәҿиара, насгьы насыԥ аманы иҟазарц азы, аӡәы хадас дамазароуп. Иисус ихаҭагьы ахада димоуп. «Христос иакәзаргьы — Анцәа» хадас димоуп, иара убасгьы «аԥҳәыс лакәзар — лхаҵа» (1 Коринфаа рахь 11:3). Иисус жәҩантәи и-Аб хадас дышимоу азхеиҵон, уи ала иара иҳаиҭеит зеиԥшыҟам аҿырԥшы, избанзар ҳара зегьы хадас аӡәы дҳамоуп.

11. Дышԥеизыҟазар лыхәҭоу аԥҳәыс лхаҵа, насгьы иарбан лҵшәоу иаанаго уи аҩыза ахымҩаԥгашьа?

11 Ахацәа зегь наӡам, убри аҟынтә аҭаацәара рнапхгараҿы ак рыгымкәа иҟам. Ишԥалыхәҭоу аԥҳәыс ахымҩаԥгара? Лара илыхәҭам лхаҵа иларҟәра, ма анапхгара лнапахьы аагара. Аԥҳәыс илхалмыршҭлароуп Анцәа пату шиқәиҵо иԥагьам, иҭынчу ауаҩы (1 Пиотр 3:4). Ус лхы мҩаԥылгозар, лара еиҳа илзымариахоит ахадара иазку абиблиатә принцип ақәныҟәара, ауадаҩрақәа данрықәшәогьы. Убри инеиҳангьы, Абиблиаҿы иаҳәоит: «Аԥҳәысгьы лхаҵа дицәшәалааит» (Ефесаа рахь 5:33). Аха иҟаҵатәузеи, ахаҵа Христос хадас димԥхьаӡозар? Абиблиа аҳәсақәа аанаԥхьоит: «Шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, шәырзыӡырҩла, урҭ агәрахаҵара рыламзар агәрахаҵара роуразы. Шәыԥсҭазаара иаҵоу ацқьареи Анцәа иҿаԥхьа ишәымоу ашәаӡыӡареи ирҿыԥшны» (1 Пиотр 3:1, 2).

12. Избан угәаанагара аҳәара ахаҵа пату иқәуҵом ҳәа заанамго?

12 Ҳаҭырла ухатә гәаанагара аҳәара иаанагаӡом ахаҵа пату иқәуҵом ҳәа. Аԥҳәыс дахьақәшаҳаҭым хаала иалҳәар лылшоит, Анцәа иахь илымоу агәрахаҵара иара илыцеиҩишозаргьы, илыцеиҩимшозаргьы. Иҟалап лара диашазар, насгьы илҳәаз лҭаацәара абзиара рзаанагар. Авраам ҭаацәаратә зҵаарак аҟны иԥҳәыс Сарра длықәшаҳаҭмызт, аха Анцәа ус иеиҳәеит: «Илҳәо уазыӡырҩы». (Шәаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 21:9—12.) Аха ахаҵа Анцәа изакәан иаҿамгыло аӡбара идикылазар, иԥҳәыс илыхәҭоуп изыӡырҩра, насгьы лхаҵа иӡбара адгылара (Аусқәа 5:29; Ефесаа рахь 5:24).

Закәытә ҿырԥш бзиоузеи ирзаанлыжьыз Сарра хаҵа ирымоу аҳәса?

13. а) Идеилнаркаауазеи Тит иахь 2:4, 5 хаҵа ирымоу аҳәса? б) Иаҳәозеи Абиблиа хазы-хазы анхареи аилыҵреи аганахь ала?

13 Аԥҳәыс лроль аныналыгӡо, лҭаацәара насыԥ аиурц азы акыр дацхраар лылшоит. Хаҵа иҟоу аҳәса Абиблиа ргәазҭанаҵоит «рхацәа, рхәыҷқәа бзиа ишырбалаша; Ирылабжьалааит урҭ рхы ишацклаԥшлашазы, ицқьашәқьаны ишыҟалашазы, аҩн усқәа ирҿны, ихирны, зхацәа рҳәатәы иацныҟәо ракәны» (Тит иахь 2:4, 5). Ари алабжьара иқәныҟәо аԥҳәыс лхаҵеи лхәыҷқәеи рҟынтә абзиабареи аҳаҭыри лырҳауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 31:10, 28.) Аҭаацәара — ари ҩыџьа инаӡам ауаа реиқәшаҳаҭра ауп, убри аҟынтә ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны дара хазы-хазы анхара, ма аилыҵра рықәшәар алшоит. Иҟоуп ҭагылазаашьақәак, хаҵеи-ԥҳәыси хазы-хазы анхара Абиблиа азин анырнаҭо. Аха абри аҩыза аӡбара адкылара даара иазхәыцтәуп, избанзар Абиблиаҿы иаҳәоит: «Аԥҳәыс лхаҵа дилымҵыроуп... ахаҵа иакәзаргьы убас — иԥҳәыс даанимыжьроуп» (1 Коринфаа рахь 7:10, 11). Хаҵеи-ԥҳәыси руаӡәк ацәыбзара ҟаиҵазар, Абиблиа аилыҵразы азин рнаҭоит (Матфеи 19:9).

АНИ АБИ РЗЫ АҾЫРԤШЫ

14. Дышԥарзыҟаз Иисус ахәыҷқәа, насгьы иарбан цхыраароу дара ирҭаху?

14 Иисус ани аби аҿырԥш бзиа риҭеит, насгьы рхәыҷқәа ишырзыҟазар рыхәҭоу дирбеит. Ахәыҷқәа иара иахь инармышьҭырц ианалага, ус иҳәеит: «Ахәыҷқәа Сара сахь иаашәышьҭла, шәырԥырхагамхан». Абиблиаҿы иаҳәоит иара «иааигәыдикылан, инапқәа ҩарықәҵаны иԥшьеит» ҳәа (Марк 10:13—16). Иисус ахәыҷқәа аамҭа рзалихуан, иахәҭаӡами нас ҳаргьы ҳхәыҷқәа аамҭа рзалаҳхлар? Ахәыҷқәа минуҭқәак ракәӡам ирызктәу, аха аамҭа рацәаны ирзалхлатәуп. Урҭ аҵара дырҵатәуп, насгьы иааӡатәуп, избанзар Иегова уи ани аби ирыдиҵеит. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:4—9.)

15. Ишԥарыхьчари ани аби рхәыҷқәа?

15 Иахьа адунеи еиҳа-еиҳа игәымбылџьбарахоит, убри азы ани аби ирыхәҭоуп иԥхасҭоу ауаа рҟынтә рхәыҷқәа рыхьчаларц, иаҳҳәап зықәра наӡам ахәыҷқәа бжьызхуа рҟынтә. Уазхәыц Иисус «ахәыҷқәа ҳәа ззиҳәоз иҵаҩцәа» шихьчоз. Иисус иаӷацәа дыкны данырга, насгьы иԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагылаз, уи иҵаҩцәа аурышьҭыртә иҟаиҵеит (Иоанн 13:33; 18:7—9). Уара ахәыҷқәа умазар, Аџьныш иҽазышәарақәа урҭ ԥырхага рнамҭарц азы еиҳагьы угәуҽанызароуп. Ахәыҷқәа заанаҵ ргәырҽанҵатәуп ари ицәгьоу адунеи аҿы ашәарҭарақәа шыҟоуa (1 Пиотр 5:8). Иахьа еиԥш ахаан урҭ ргәабзиареи, рдоуҳатә ҭагылазаашьеи, ргәаԥхашәатә цқьареи, абас еиԥш ашәарҭара ӷәӷәа иҭамгылацызт.

Ирҵар рылшозеи ани аби Иисус иҿырԥшала?

16. Дышԥазыҟаз Иисус иҵаҩцәа рынамӡара, насгьы иднарҵозеи ани аби Иисус иҿырԥшы?

16 Иисус данԥсуаз ауха иҵаҩцәа аимак роуит ҳауа еиҳау ҳәа. Агәаареи аԥсахеибакреи аҭыԥан, Иисус дырҩагь абзиабара аарԥшуа ажәалеи, ихатә ҿырԥш алеи урҭ дрыцхрааит (Лука 22:24—27; Иоанн 13:3—8). Ишԥашәыхәҭоу ани аби Иисус иҿырԥшала шәхәыҷқәа рыриашара? Ариашара, ҳәарада, иаҭахуп, аха иахьынӡахәҭоу удыруазароуп: уԥсахеибакра ухәыҷқәа рҿы аарԥшра ҟалаӡом. А́ҳәа еиԥш ахәра узҭо ажәақәа уҽырцәыхьчала (Иеремиа [Иеремия] 30:11; Ажәамаанақәа [Притчи] 12:18). Ахәыҷы убас дыриашалатәуп, арҭ амҩақәҵарақәа иара иаԥхьаҟа ишихәо еиликаартә (Ефесаа рахь 6:4; Ауриацәа рахь 12:9—11).

АХӘЫҶҚӘА РЗЫ АҾЫРԤШЫ

17. Иарбан ҿырԥш бзиоу Иисус ахәыҷқәа ириҭаз?

17 Ирылшома ахәыҷқәа Иисус акы иҿҵаара? Ҳәарада! Иисус ириҭеит ани аби ишырзыӡырҩлатәу узырбо аҿырԥш бзиа. «Саб ишысирҵаз ала сышшәацәажәауа,— иҳәеит Иисус, нас иагьациҵеит: — Сара ианакәзаалакь Иара игәы иахәаша ауп иҟасҵауа» (Иоанн 8:28, 29). Иисус жәҩан иҟоу и-Аб дизыӡырҩуан, убри азы Абиблиа ахәыҷқәа ргәазҭанаҵоит рани раби ирзыӡырҩларц. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:1—3.) Иисус днаӡаны дшыҟазгьы, инаӡамыз иани иаби, Иосифи Мариеи, рҳәатәы хеиҵон. Ҳәарада, ари аҭаацәараҿы анасыԥ аҟалара иацхраауан (Лука 2:4, 5, 51, 52).

18. Избан Иисус зегь рыла и-Аб иҳәатәы дзықәныҟәоз, насгьы идыргәырӷьода ахәыҷқәа, азыӡырҩра анаадырԥшуа?

18 Ишԥадыргәырӷьо ахәыҷқәа рани раби, Иисус ианиҿыԥшуа? Ҳәарада, имариам еснагь ани аби рзыӡырҩра, аха Иегова иҭахуп ахәыҷқәа рани раби рҳәатәы харҵаларц (Ажәамаанақәа [Притчи] 1:8; 6:20). Иисус зегь рыла жәҩан иҟоу и-Аб ииҳәоз дацныҟәон, даара иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа данрықәшәозгьы. Ҽнак зны Иисус Анцәа игәаԥхара анагӡара еиҳарак ианицәыцәгьаха, иара и-Аб диҳәеит: «Абри а́ҿа саҩга». Убас дшыҟазгьы, Иисус Анцәа игәаԥхара наигӡеит, избанзар еиликаауан и-Аб иара иаасҭа иҟаҵатәу шидыруаз (Лука 22:42). Ахәыҷқәа азыӡырҩышьа рҵар, жәҩан иҟоу ҳ-Аб, насгьы рани раби дыргәырӷьалоит (Ажәамаанақәа [Притчи] 23:22—25)b.

Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аҿар, аԥышәарақәа ианрықәшәо?

19. а) Издицалозеи Аҩсҭаа ахәыҷқәа? б) Ишԥарныруеи аҭаацәа, ахәыҷқәа иҽеимкәа рхы анымҩаԥырго?

19 Аџьныш Иисус дԥишәон аҟынтә, ҳара ҳгәы иаанамгароуп ахәыҷқәагьы иҽеим ахымҩаԥгашьа иадицалом ҳәа (Матфеи 4:1—10). Зегь реиҳа зҿагылара уадаҩу Аҩсҭаа Аџьныш ишьацҳәақәа руак — ари ақәлацәа рықәыӷәӷәара ауп. Шаҟа иахәҭамзеи убри аҟынтә Анцәа изакәан зҭахым ауаа рыҿцаара! (1 Коринфаа рахь 15:33). Иаков иԥҳа Дина ҩызцәас илыман Анцәа имаҵ зымуаз, убри аҟынтә арыцҳара дақәшәеит (Аҟазаара [Бытие] 34:1, 2). Амала уазхәыц закәытә аахоу аҭаацәа ироуаз, ирзааигәоу ауаҩы асексуалтә гәаԥхашәадара иҽшаиҭаз еилыркаазҭгьы! (Ажәамаанақәа [Притчи] 17:21, 25).

АҬААЦӘАРАТӘ НАСЫԤ АЗЫ АЦАԤХА

20. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи дасу, аҭаацәараҿы анасыԥ аизырҳаразы?

20 Абиблиа абжьгарақәа ухы иаурхәозар, аҭаацәараҿы ауадаҩрақәа рыӡбара мариахоит. Абиблиатә абжьагарақәа рхархәара аҭаацәаратә ԥсҭазаара аҟны насыԥ узаазго цаԥхоуп. Ахацәа, шәыҳәсақәа бзиа ижәбала, насгьы Иисус аизара дшазыҟоу еиԥш шәырзыҟаз. Аҳәсақәа, шәхацәа аҭаацәара ахадацәа реиԥш шәырзыҟаз, насгьы Ажәамаанақәа (Притчи) 31:10—31 аҟны зыӡбахә аҳәо абзиара аҟаҵара иашьҭаз аԥҳәыс шәылҿыԥшла. Ани аби, шәхәыҷқәа шәрылабжьала (Ажәамаанақәа [Притчи] 22:6). Дарбанзаалак аб «ишахәҭоу аиԥш иҭаацәа рнапхгара илшозароуп» (1 Тимофеи иахь 3:4, 5; 5:8). Ахәыҷқәа, шәани шәаби шәырзыӡырҩла (Кәаласаа рахь 3:20). Аҭаацәараҿы зегь наӡам, насгьы агхақәа рцәыҟалоит. Убри аҟынтә ахынраалара аарԥшны ишәанеибажьла.

21. Закәытә ԥеиԥш лашоузеи ҳара иаҳзыԥшу, насгьы ишԥаҳауеи аҭаацәаратә ԥсҭазаара аҟны уажәнатә анасыԥ?

21 Абиблиаҿы иануп аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиуразы иуцхраауа, акыр иаԥсоу абжьагарақәеи апринципқәеи. Убри инеиҳангьы, уаҟа иаҳәоит Иегова имаҵзуҩцәа зегьы насыԥ роуны иахьынхало Анцәа идунеи ҿыц — Џьанаҭ дгьыл аӡбахә (Аатра 21:3, 4). Закәытә ԥеиԥш лашоузеи ҳара иаҳзыԥшу! Абиблиаҿы иану Анцәа инапхгара ҳацныҟәалар, уажәнатә насыԥ ҳаур ҳалшоит.

a Ҳхәыҷқәа шыхьчатәу атәы ануп Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ашәҟәы «Учись у Великого Учителя» 32-тәи ахаҿы.

b Ахәыҷы иани иаби Анцәа изакәан еилеигарц идырцалозар, дырзымӡырҩыр ҟалоит (Аусқәа 5:29).

ИАҲНАРҴОЗЕИ АБИБЛИА

  • Ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибалароуп ицәеижь еиԥш (Ефесаа рахь 5:25—29).

  • Аԥҳәыс лҭаацәа бзиа илбалароуп, насгьы лхаҵа пату иқәылҵалароуп (Тит иахь 2:4, 5).

  • Ани аби рхәыҷқәа бзиа ирбалароуп, аҵара ддырҵалароуп, ирыхьчалароуп (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:4—9).

  • Ахәыҷқәа рани раби ирзыӡырҩлароуп (Ефесаа рахь 6:1—3).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра