Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ад. 195—ад. 197, абз. 3
  • Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ад. 195—ад. 197, абз. 3

АЦҴА

Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки

ИШԤЕИҬАГОУ уара иумоу Абиблиаҿы Аԥсалом 82:19 (83:18, АдҾ) иану ажәақәа? Адунеи Ҿыц Аиҭагаҿы ари ажәеинраала еиҭаҳәоуп абас: «Уара, Иегова ҳәа ахьӡ змоу, Аӡәк уоуп адгьыл аҿы Зегьирхаку». Аха библиатә ҭыжьымҭақәак рҟны Иегова ихьӡ уԥылаӡом: уи ԥсахуп абас еиԥш иҟоу атитулқәа рыла «Иҳақәиҭу», ма «Наӡаӡатәи» ҳәа. Иарбану ииашоу аиҭага? Ажәеинраалаҿы игылазар ахәҭоузеи: атитул акәу, мамзаргьы Анцәа ихьӡ акәу?

Ауриатә нбанла иҩу Анцәа ихьӡ

Аԥхьаӡатәи атекст ажәытәуриатә бызшәала иҩыз Абиблиа ахәҭақәа реиҳарак рыҟны игылоуп егьырҭ ирылазмырҩашьо ахатәы хьыӡ. Ари ахьӡ рыҩуеит ауриатә ԥшь-нбанк рыла יהוה (ИХВХ). Урысшәала уи еиҭагоуп «Иегова» ҳәа. Иаҳԥылома ари ахьӡ егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рҿы? Ааи. Ауриатә Ҩырақәа аоригиналтә текст аҟны уи ҳԥылоит 7 000-нтә раҟара!

Шаҟа ихадоузеи Анцәа ихьӡ? Ҳахәаԥшып Иисус Христос иҳаиҭаз иҿырԥшыгоу анцәаиҳәара. Уи алагоит абарҭ ажәақәа рыла: «Жәҩан иҟоу Ҳаб! Хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ» (Матфеи 6:9). Иисус иара убас Анцәа диҳәон: «Саб! Ухьӡ ырҳарак». Убасҟан ажәҩан аҟынтә Анцәа ибжьы геит: «Иҳараскхьеит, еиҭаҳараскрангьы сыҟоуп» (Иоанн 12:28). Ишаабо еиԥш, Анцәа ихьӡ даара акраҵанакуеит. Избан нас аиҭагаҩцәа аӡәырҩы уи атитулқәа рыла изырыԥсахыз?

Иҟоуп ихадоу ҩ-мзызк. Акы, еиҳараҩык ауаа ирыԥхьаӡоит Анцәа ихьӡ ахархәара иаԥсам, избанзар иахьа уи ииашаны аҳәашьа еилкаам ҳәа. Ажәытәуриатә алфавит аҟны иҟамызт абжьыҟа нбанқәа. Убри азы иахьа аӡәгьы ииашаны издырӡом абиблиатә аамҭақәа раан ИХВХ шырҳәоз. Аха иаа́нагома ари Анцәа ихьӡ ахархәара зынӡа иаҭахым ҳәа? Иисус ихьӡгьы ииашаны аҳәашьа еилкаам. Абиблиатә аамҭақәа раан уи «Иешуа», ма «Иехошуа» ҳәа рҳәозар ҟаларын. Ҳара ҳаамҭақәа раан адунеи зегь аҟны ауаа Иисус ихьӡ еиԥшымкәа ирҳәоит — дара рбызшәаҿы ишаԥу еиԥш. I ашәышықәсазы Иисус ихьӡ шырҳәаҵәҟьоз иахьа еилкаам, аха иара ихьӡ рхы иадырхәоит. Уара даҽа тәылак ахь уцар, агәра угоит аҳәаанырцәтәи бызшәала уара ухьӡгьы даҽакала ишырҳәо. Убри аҟынтә Анцәа ихьӡ иахьа ииашаны аҳәашьа ахьеилкаам иаанагаӡом ихьӡ ахархәара ҟалом ҳәа.

Ҩбагьы, Анцәа ихьӡ Абиблиа еиҭагақәак рҿы иахьуԥымло ажәытә-уриатә қьабзқәа ирыдҳәалоуп. Еиҳараҩык ауриацәа ихарҵоит Анцәа ихьӡ аҳәара ҟалом ҳәа. Иубарҭоуп ари аҩыза агәаанагара мзызс ишамоу, ииашаны иахьырзеилымкаауа абиблиатә ԥҟара: «Ишахәҭам ухы иаумырхәалан уара у-Нцәа Иегова ихьӡ, избанзар Иегова дахьмырхәыкәа даанижьуам иара ихьӡ ишахәҭам зхы иазырхәо» (Ақәҵымҭа [Исход] 20:7).

Ари аԥҟара иаҳнарбоит Анцәа ихьӡ ишақәнагам ахархәара азин шыҟам. Аха иаҳәома уи аԥҟара ари ахьӡ ҳаҭырла ахархәара ҟалом ҳәа? Ҳәарада, мап. Ауриатә бызшәала абиблиатә шәҟәқәа (Ажәытә Уасиаҭ) рыҩра иалахәыз ауаа Анцәа израильаа ириҭаз Азакәан ишахәҭоу иқәныҟәон. Дара зегь лассы-лассы Анцәа ихьӡ рхы иадырхәон. Иаҳҳәап, ари ахьӡ Иегова имаҵзуҩцәа еицҿакны ашәа ахьырҳәоз аԥсаломқәа рҟны иаҳԥылоит. Убри инеиҳангьы, Иегова ихаҭа иуаажәлар ихьӡ рхы иадырхәаларц, насгьы ииашоу имаҵзуҩцәа иара имҩақәҵарақәа ирықәныҟәаларц рыдиҵеит (Иоиль [Иоиль] 2:32; Аусқәа 2:21). Иахьа ииашоу ақьырсианцәа Анцәа ихьӡ ҳаҭырқәҵарала иазыҟоуп, насгьы, Иисус иеиԥш, уи аҳәара иацәшәаӡом (Иоанн 17:26).

Абиблиа аиҭагаҩцәа Анцәа ихьӡ атитулқәа рыла ирыԥсахуеит, аха ус аҟаҵара иашам. Ауаа Анцәа ихьӡ зным Абиблиа ианаԥхьо, иара дырцәыхарахоит, насгьы дара рзы иҟаҵәҟьоу хаҭараны дзыҟалом, аха Анцәа Иажәа ааԥхьара ҟанаҵоит Иегова ҳаизааигәахарц (Аԥсалом 24:14 [25:14, АдҾ]). Уазхәыц, уара уҩыза ихьӡ узымдыруазҭгьы, иалшарызу шәеизыҟазаашьақәа реизырҳара? Убас еиԥш ирылшару ауаа Анцәа иҩызахара, Иегова ихьӡ дара рҟынтә иҵәахызар? Убри инеиҳангьы, ауаа Анцәа ихьӡ рхы иадмырхәозар, дара ирзеилкаауам ари ахьӡ ҵакыс иамоу. Иаа́нагозеи нас уи?

Анцәа иԥааимбар Моисеи изеиҭеиҳәеит иара ихьӡ ҵакыс иамоу. Иегова иҳәеит: «Сара сҟаларц шысҭаху еиԥш сҟалоит» (Ақәҵымҭа [Исход] 3:14). Ротергам иеиҭагаҿы ари ажәеинраала еиҭагоуп абас: «Сара исҭаху сакәны сҟалоит». Ааи, Иегова игәҭакқәа рынагӡаразы, иахәҭоу иакәны дҟалар илшоит, насгьы ишамҭақәа «ииҭаху ракәны» иҟаиҵар илшоит.

Ухаҿы иааг уара иуҭаху уакәны уҟалар улшозшәа. Иҟауҵозеи убасҟан уҩызцәа рзы? Урҭ рахьтә аӡәы ӷәӷәала дычмазаҩхар, иара духәышәтәырц азы ибзиоу ҳақьымны уҟалар улшоит. Мамзаргьы уҩыза имоу зегь ицәыӡыр, уи ацәыӡ хаурҭәаар улшоит. Аха ҳара зегь ҳеиԥш, уара улшарақәа маҷуп. Абиблиа ануҵо, еилукаауеит Иегова игәҭакқәа рынагӡаразы џьашьахәыла иахәҭоу иакәны дшыҟало. Иара бзиа дызбо зегьы ирыхәарц азы, имч аарԥшра дазхиоуп (2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 16:9). Арҭ иџьашьахәу Иегова ихаҭаратә ганқәа ихьӡ ззымдыруа ауаа рҟынтә иҵәахуп.

Хымԥада, Иегова ихьӡ Абиблиаҿы иақәнагоу аҭыԥ ааннакылозароуп. Ари ахьӡ еилкааны ҳхы ианаҳархәо, жәҩан иҟоу ҳ-Аб Иегова еиҳагьы ҳаизааигәахоитa.

a Инарҭбааны Анцәа ихьӡ аҵакы, насгьы уи ахархәара захәҭоу еилаҳкаар ҳалшоит Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз аброшиура «Божье имя пребудет вовеки» аҟны. Иара убас, шәахәаԥш аброшиура «Слово Бога в картах и схемах», 1 ахәҭа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра