АЦҴА
Иисус Христос — ҳазқәыргәыӷу Мессиа
АНЦӘА ИЕГОВА деиҷаҳаит ауаа Мессиа деилыркаарц. Абиблиатә аамҭақәа раан инхоз еиҳараҩык аԥааимбарцәа ак агмыжькәа ианырҵеит ҳазқәыргәыӷыз Аиқәырхаҩ ииреи, имаҵзуреи, иԥсреи ирызкны. Абарҭ аԥааимбаражәақәа зегьы Иисус Христос иҟны инаӡеит. Урҭ зегь еилыкка иануп, насгьы иџьоушьартә иҟоу еиқәшәарала ирылукаауеит. Уи агәра ҳгарц азы, уааи ҳрыхәаԥшып Мессиа иира, насгьы раԥхьатәи иԥсҭазаара ашықәсқәа ирызку аԥааимбаражәақәа.
Анцәа иԥааимбар Исаиа заа иҳәахьан Мессиа дшыҟало аҳ Давид ишьҭрала (Исаиа [Исаия] 9:7). Ишдыру еиԥш, Иисус иара дихылҵшьҭран (Матфеи 1:1, 6—17).
Михеи зыхьӡыз даҽа ԥааимбарк заа иҳәеит ԥхьаҟатәи анапхгаҩы ақалақь Вифлеем-Ефрафа аҟны дираны дшыҟаз (Михеи [Михей] 5:2). Иисус даниз аамҭазы, Израиль иҟан ҩ-Вифлеемк. Урҭ руак атәыла аҩадахьы, Назарет азааигәара иҟан. Егьи — Иудеиа, Иерусалим иацәыхарамкәа иҟан, уи уаанӡа Ефрафа ҳәа иашьҭан. Абри ақалақь аҟныҵәҟьа ауп Иисус дахьиз. Абас ала инаӡеит Михеи иԥааимбаражәа (Матфеи 2:1).
Иара убас заа иҳәан Анцәа Иԥа «Мысрантә» дшааиԥхьоз. Иисус иҭаацәеи иареи Мысраҟа амҩа иқәлеит. Ирод данԥсы ашьҭахь, дара хынҳәит, аԥааимбаражәагьы абас ала инаӡеит (Осиа [Осия] 11:1; Матфеи 2:15).
Атаблица «Мессиа изку аԥааимбаражәақәа», аҩбатәи аколонка аҟны, уара иуԥшаауеит Мессиа изкны аԥааимбаражәақәа зну абиблиатә жәеинраалақәа. Ахԥатәи аколонка аҟны иаагоуп урҭ шынаӡаз узырбо ажәеинраалақәа. Ҳуҳәоит, урҭ ажәеинраалақәа еиҿырԥш. Уи еиҳагьы угәрахаҵара́ арӷәӷәоит, насгьы уара еилукаауеит Анцәа Иажәа агәрагара ишаԥсоу.
Иазгәаҭатәуп аҩбатәи аколонка аҟны иҟоу ажәеинраалақәа шанырҵахьаз Иисус диаанӡа ашәышықәсақәа шыбжьаз. Иисус ихаҭа иҳәеит: «Сара сзы Моисеи иԥҟарақәа рҿы, аԥааимбарцәа ранҵамҭақәа, аԥсалмақәа рҿы иҳәоу зегьы рынаӡара ауп» (Лука 24:44). Абиблиа ҭҵаауа, уара агәра угар улшоит арҭ аԥааимбаражәақәа зегьы шынаӡаз.