АЦҴА
1914 шықәса — абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы акрызҵазкуа арыцхә
ЖӘАШЫҚӘСАҚӘАК шыбжьаз 1914 шықәса ҟалаанӡа, Абиблиа аҭҵааҩцәа ауаа ирыларҳәон ари ашықәс ҭоурыхтә хҭысны ишыҟало. Иарбан акрызҵазкуа хҭысқәоу иҟалаз усҟан, насгьы избан 1914 шықәса ииашаҵәҟьаны иҷыдоу ҭоурыхтә хҭысны иуԥхьаӡар залшо?
Лука 21:24 аҟны ишану еиԥш, Иисус иҳәеит: «Иерусалимгьы амурҭаҭцәа иршьаҟьалараны иҟоуп, амурҭаҭцәа раамҭа ииасаанӡа». Израиль аҳҭнықалақь Иерусалим акәын — Давид ишьҭра аҟынтә аҳцәа ртәарҭа ақалақь (Аԥсалом 47:1, 2 [48:1, 2, АдҾ]). Арҭ аҳцәа егьырҭ ажәларқәа рнапхгаҩцәа иреиԥшымызт. Дара «Иегова итәарҭа» иқәтәан, насгьы Анцәа ихаҭарнакцәа ракәын (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 29:23). Убри аҟынтә Иерусалим Иегова инапхгара акәын иаа́нагоз.
Ишԥалагеи, насгьы ианбалагеи ажәларқәа Анцәа инапхгара «аӷрагылара»? Ари ҟалеит 607 ашықәс ҳ. ҟ., вавилонаа Иерусалим анырга. Давид ишьҭра аҟынтә аҳцәа рхылҵшьҭра аанкылеит, насгьы «Иегова итәарҭа» аҟны уаҳа аӡәгьы дықәтәаӡамызт (2 Аҳцәа [2 Царей] 25:1—26). Аха иҟалома абас наӡаӡа? Мап, аҵыхәтәантәи Иерусалимтәи аҳ Седекиа изы Иезекииль иԥааимбаражәаҿы иҳәан: «Иухых атиурбан, насгьы еиқәҵаны иԥхьак агәыргьын... уаҳа аӡәгьы итәызааӡом, уи закәанла азин змоу даанӡа, нас уи сара исҭоит» (Иезекииль [Иезекииль] 21:26, 27). Давид игәыргьын аиура «закәанла азин» змоу Иисус Христос иоуп (Лука 1:32, 33). Убри аҟынтә Иисус Аҳас даныҟалалак ажәлар Иерусалим ашьаҟьара иаҟәыҵуеит.
Ианбаҟалар акәыз акрызҵазкуа ари ахҭыс? Иисус иаҳирбеит ажәлар напхгара шыруло иазалху аамҭа иалагӡаны. Уи иазалху аамҭа атәы еилаҳкаар ҳалшоит Даниил ишәҟәы, 4-тәи ахаҿы. Уаҟа иануп вавилонтәи аҳ Навуходоносор иибаз аԥааимбаражәатә ԥхыӡ аӡбахә. Аҳ ԥхыӡла ибеит ихҵәаны икажьыз аҵла ду. Аҵла авҵиаа ылнамгарц азы, уи ҿарҳәеит аихеи абҩе́и ала. Амаалықь ирылаиҳәеит: «Ииасуеит бжь-аамҭак» (Даниил [Даниил] 4:10—16).
Абиблиаҿы аҵлақәа зны-зынла анапхгара, ма аҳратә мчра ауп иаа́наго (Иезекииль [Иезекииль] 17:22—24; 31:2—5). Асимволтә ҵла анхырҵәа, уи иаа́нагоз Анцәа иҭыԥ аҿы итәаз аҳцәа рнапхгара шҿахҵәаз ауп. Аха Даниил иоуз абара ишҳаилнаркааз ала, ажәларқәа Иерусалим еснагь иршьаҟьо иҟалом, аха «бжь-аамҭак» рыҩныҵҟа ауп. Шаҟаамҭа ицалозеи уи?
Аатра 12:6, 14 аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит хԥеи бжаки зҵазкуа аамҭа «зқьи ҩышәи хынҩеижәамш» ишаҟароу. Ус анакәха, «бжь-аамҭак» (ҩынтә еиҳаны ицо апериод) 2 520 мшы ираҟароуп. Аха Иерусалим анырга ашьҭахь 2 520 мшыҵәҟьа анҵы, амурҭаҭтә жәларқәа Анцәа инапхгара ашьаҟьара иаҟәымҵӡеит. Ишаабо еиԥш, ари аԥааимбаражәа еиҳау аамҭа аҵанакуеит. Ахыԥхьаӡарақәа (Числа) 14:34, насгьы Иезекииль (Иезекииль) 4:6 иану апринцип «ҽнак шықәсык азы» инақәыршәаны, «бжь-аамҭак» 2 520 шықәса иаҟароуп.
2 520 шықәса алагеит 607 шықәса октиабр мза ҳ. ҟ., вавилонаа Иерусалим анырга, насгьы Давид ишьҭра иатәыз аҳ данықәырга. Ари апериод хыркәшахеит октиабр мза 1914 шықәса ҳ. ҳ. Убасҟан инҵәеит «ажәларқәа ирзалхыз аамҭақәа», насгьы Иисус Христос ажәҩан аҟны Аҳас дҟалеит (Аԥсалом 2:1—6 [2:1—6, АдҾ]; Даниил [Даниил] 7:13, 14)a.
Иисус заа ишиҳәаз еиԥш, иара жәҩантәи Аҳак иаҳасабала иаара аан иҟалоит арыцҳарақәа: аибашьрақәа, амлашьрақәа, адгьылҵысрақәа, насгьы иҿку ачымазарақәа (Матфеи 24:3—8; Лука 21:11). Арҭ ахҭысқәа агәра ҳдыргоит ажәҩан аҟны 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра шышьақәыргылаз, насгьы уи аамҭа инаркны ицқьам ари асистема «аҵыхәтәантәи амшқәа» шалагаз (2 Тимофеи иахь 3:1—5).
a 607 шықәса октиабр мза ҳ. ҟ. инаркны октиабр мза 1-тәи ашықәс ҳ. ҟ. аҟынӡа иҵит 606 шықәса. Нультәи ашықәс ахьыҟамыз азы, октиабр мза 1-тәи ашықәс ҳ. ҟ. инаркны, октиабр мза 1914 шықәса ҳ. ҳ. аҟынӡа иҵит 1914 шықәса. 606 шықәса иацуҵар 1914 шықәса, иҟалоит 2 520 шықәса. Инарҭбааны Иерусалим 607 шықәсазы ҳ. ҟ. ишыргаз иазкны еилукаар улшоит ашәҟәы «Все Писание вдохновлено Богом и полезно», адаҟьа 312, абзацқәа 5, 6, иара убас ажәар «Понимание Писания», астатиа «Хронология». Арҭ ашәҟәқәа Иегова Ишаҳаҭцәа рҭыжьымҭоуп.