АЦҴА
Дызусҭада амаалықь хада Михаил?
АБИБЛИАҾЫ амаалықь хада Михаил иӡбахә џьара-џьара ауп иахьуԥыло, аха уи еснагь акрызҵазкуа ахҭысқәа ирыдҳәалоуп. Аԥааимбар Даниил ишәҟәаҿы иаҳәоит иара ицәгьоу амаалықьцәа дышрабашьуаз; Иуда исаламшәҟәаҿы — Аҩсҭааи иареи аимак шрымаз; Аатра ашәҟәаҿы — Аџьныши адемонцәеи дышрабашьуаз. Михаил Иегова инапхгара хьчауа, насгьы уи иаӷацәа драбашьуа, иара ихьӡ аҵакы инақәыршәаны дныҟәоит — «Дызҿурԥшуада Анцәа?». Аха дызусҭада Михаил?
Лассы-лассы ауаа ирымоуп ҩба-хԥа хьӡы. Иаҳҳәап, апатриарх Иаков дырдыруан Израиль ҳәа, апостол Пиотр ихьӡын Симон (Аҟазаара [Бытие] 49:1, 2; Матфеи 10:2). Убас еиԥш, Михаил — ари Иисус Христос имоу даҽа хьӡык ауп. Уи убас ихьӡын адгьыл ахь даанӡа, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь. Уааи ҳахәаԥшып Абиблиа уи шышьақәнарӷәӷәо.
Амаалықь хада. Абиблиаҿы Михаил «амаалықь хада» ҳәа ихьӡуп (Иуда 9). Уи иаанагоит иара «амаалықьцәа иреиҳаӡоу» иоуп ҳәа. Аҩыраҿы «амаалықь хада» азаҵә хыԥхьаӡараҿы ауп иахьуԥыло, арацәа хыԥхьаӡараҿы ахаангьы иуԥылаӡом. Убри инеиҳангьы, 1 Фессалоникаа 4:16 аҟны зыӡбахә ану зыԥсы ҭалаз Иҳақәиҭу Иисус Христос изы иҳәоуп: «Иҳақәиҭу Ихаҭа ажәҩан ахьтә дылбаауеит Анцәа ибыкь иахылҵуа абжьы ӷәӷәа иаҩызоу ибжьала Амаалықь хада». Ари ажәеинраала аҟны ишаабо еиԥш, Иисус амаалықь хада ибжьы имоуп. Ус анакәха, Иисус амаалықь хада Михаил иоуп.
Ар Раԥхьагылаҩ. Абиблиаҿы иаҳәоит, «Ганкахьала аибашьра иалахәын Михаил Имаалықьцәеи иареи, егьи аганахь — агәылшьап, иара амаалықьцәа аваргыланы» (Аатра 12:7). Ус анакәха, Михаил — ииашоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ар Раԥхьагылаҩ иоуп. Иисус иара убас Аатра аҟны иӡбахә ҳәоуп ииашоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ар Рхада ҳәа (Аатра 19:14—16). Убри инеиҳангьы, апостол Павел иҩуан «Иҳақәиҭу Иисус», насгьы «амаҵ зуа Амаалықьцәа» рыӡбахә (2 Фессалоникаа рахь 1:7). Абиблиаҿы Михаил имаалықьцәеи иареи, насгьы Иисус имаалықьцәеи иареи рыӡбахә аҳәоит (Матфеи 13:41; 16:27; 24:31; 1 Пиотр 3:22). Михаил — ари ажәҩан аҟны ахьӡ-аԥша змоу Иисус Христос ихаҭа иоуп, избанзар Анцәа Иажәаҿы џьаргьы иҳәаӡам ажәҩан аҿы иҟоу ииашоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ҩ-гәыԥк ар еиуеиԥшым аԥхьагылаҩцәа рыман ҳәаa.
a Михаил — ари Анцәа Иԥа ихьӡ шакәу еиҳа еилукаар улшоит Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ажәар «Понимание Писания», астатиа «Михаил» аҟны.