Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ll ахә. 8, ад. 18—19
  • Иаа́нагозеи Иисус иԥсра уара узы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаа́нагозеи Иисус иԥсра уара узы?
  • Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ахәҭа 8
    Уизыӡырҩла Анцәа
  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
ll ахә. 8, ад. 18—19

АХӘҬА 8

Иаа́нагозеи Иисус иԥсра уара узы?

Иисус дыԥсит ҳара ҳанхаларц азы. Иоанн иҟнытә 3:16

Ахәсақәа иҭацәу Ииус идамра иҭаԥшуеит

Иисус данԥсы хымш рышьҭахь, ҳәсақәак идамрахьы ианааи, аӡәгьы дшыҟамыз рбеит. Иегова Иисус иԥсы ҭеиҵеит.

Иисус иапостолцәа дрызцәырҵуеит, уи ашьҭахь ажәҩан ахь дхалоит

Уи ашьҭахь Иисус иапостолцәа дрызцәырҵит.

Иегова Иисус иԥсҭазаара ирхынҳәит амч ду змоу, ԥсра зқәым доуҳатә шамҭак иеиԥш. Иисус иҵаҩцәа ирбон иара ажәҩанахь дышхалоз.

  • Иаа́нагозеи агәнаҳа ахә? (Римаа рахь 6:23).

  • Иисус наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь амҩа ааиртит (Римаа рахь 5:21).

Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵеит, дагьыҟаиҵеит Аҳас иара Иаҳраҿы. Аартра 11:15

Иисус жәҩантәи Иаҳра аҟынтәи џьанаҭ дгьыл аҿы инхо ауаа напхгара рзиуеит

Иисус ауаатәыҩса рҿыхразы иԥсҭазаара ахҭниҵеит (Маҭфеи иҟнытә 20:28). Убри аҿыхра абзоурала Анцәа иҳаиҭоит алшара наӡаӡа анхаразы.

Иегова Иисус адгьыл Аҳас дазикит. Иара анапхгара ицыруеит ииашоу 144 000-ҩык ауаа, ажәҩанахь аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵаз. Иисус, насгьы 144 000-ҩык ишьақәдыргылоит ииашоу жәҩантә ҳәынҭқарра — Анцәа Иаҳра (Аартра 14:1—3).

Анцәа Иаҳра адгьыл џьанаҭны иҟанаҵоит. Уаҳа иҟалом аибашьрақәа, ацәгьоурақәа, аӷарреи амлакреи. Ауаа ииашаҵәҟьаны насыԥ рымазаауеит (Ԥсалом 145:16).

  • Иарбан зылԥхарақәоу Анцәа Иаҳра иаанаго? (Ԥсалом 72).

  • Ҳара Анцәа ҳиҳәалароуп Иаҳра ааиразы (Маҭфеи иҟнытә 6:10).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра