АУРОК 9
Еиҳа ишԥеиӷьу аиԥыларақәа рахь аҽазыҟаҵара?
Камбоџьа
Украина
Шәара Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа рыцышәҵозар, иҟалап заа аҭҵаара шәҽазыҟашәҵозар. Аха аизарақәа рахь аҽазыҟаҵарагьы даара ихадоуп. Даара ибзиахоит уи шәара шьцыларас ишьҭышәхыр. Усҟан уи алҵшәа бзиа аанагоит.
Ишәыӡба шәҽаназыҟашәҵало аамҭа, насгьы шәҽахьазыҟашәҵало аҭыԥ. Ианбашәзыманшәалоу шәара еиҳа шәыхшыҩ азышьҭны аԥхьара? Ашьыжь шаанӡа, шәусура аамҭа алагаанӡа? Ма ахәылбыҽха, шәхәыҷқәа аныцәалак ашьҭахь? Шәара акраамҭа аԥхьара шәылымшозаргьы, ишәыӡба уи шаҟа аамҭа азалышәхыр шәылшо, насгьы шәҽазышәшәа даҽакы шәахнамгарц. Ишәыԥшаа иахьҭынчроу, акгьы ахьышәԥырхагамхо аҭыԥ. Иаҿышәх арадио, ателевизор, аҭел. Аҭҵаара шәалагаанӡа анцәаиҳәара шәыцхраауеит шәгәы иҭыхо зегь ааныжьны, Анцәа Иажәа шәыхшыҩ азышәышьҭырц (Филиппаа 4:6, 7).
Аматериал аус адыжәул, насгьы аҽалархәра шәҽазшәырхиа. Шәалага аматериал ахҳәаа аҟаҵара ала. Шәазхәыц астатиа, ма ахы ахьӡ. Игәашәҭ ахеиҵақәа зегьы атема хада ишадҳәалоу. Шәрызхьаԥш ихадоу азхәыцрақәа ирыҵызшьуа асахьақәеи аиҭахысразы азҵаарақәеи. Уи ашьҭахь абзацқәа зегьы шәрыԥхьаны, ҵаҟа иану азҵаара аҭак шәыԥшаа. Абиблиа аартны, шәрыԥхьа ахыцқәа ирҭаку ажәеинраалақәа. Шәазхәыц арҭ ахшыҩҵакқәа аматериал ишадҳәалоу (Аусқәа 17:11). Аҭак анышәыԥшаалак, абзац аҿы иаҵышәшь, ма иалшәкаа шәхатәы зхәыцра ирласны ишәгәалазыршәо ихадоу ажәақәа, ма афразақәа. Усҟан шәара ишәылшоит шәнапы шәҩаханы, шәхатәы жәақәа рыла икьаҿу аҭак аҟаҵара.
Аиԥыларақәа рҿы есымчыбжьа еилдырго еиуеиԥшым азҵаарақәа анҭышәҵаауа, шәара ишәымоу абиблиатә дыррақәа ирыцышәҵар шәылшоит иҿыцу азхәыцрақәа рыла (Матфеи 13:51, 52).
Ишԥашәылшо шәҽаназыҟашәҵало аамҭа, насгьы шәҽахьазыҟашәҵало аҭыԥ алхра?
Иарбан ҽазыҟаҵароу аизараҿы аҭак бзиақәа рыҟаҵара иуцхраауа?