АУРОК 13
Дызусҭада апионер?
Канада
Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара
Абиблиатә ҵара
Ахатәы ҭҵаара
Апионерцәа ҳәа ирышьҭоуп атерриториа ҿыцқәа аазыртуа, амҩа ҿыцқәа ылызхуа ажәабжьҳәаҩцәа. Уи аҵакы аҭаны уазхәыцуазар, Иисусгьы дпионерын, избанзар уи адгьыл ахь дааит ауаа рымаҵ иурц, насгьы аиқәырхаразы амҩа рзааиртырц (Матфеи 20:28). Уи иҿырԥшы иқәныҟәаны, Иегова ишаҳаҭцәа аҵаҩцәа разыҟаҵара аамҭа рацәаны иазалырхуеит (Матфеи 28:19, 20). Шьоукы апионертә маҵзура рҽаладырхәыртә алшара рымоуп.
Апионер — заамҭа зегьы амаҵзура иазызкуа маҵзуҩуп. Иегова ишаҳаҭцәа зегьы ажәабжь бзиа еиҭарҳәоит, шаҟа рылшо аамҭа алхны. Аха шьоукы рыԥсҭазаара убас еиҿыркаауеит, мызкахьы 70 сааҭ амаҵ рулартә. Ус иҟоу амаҵзуҩцәа апионерцәа рыхьӡуп. Апионертә маҵзура иахьӡаларц, апионерцәа аӡәырҩы шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа аус ахьырымуа аҭыԥ рыԥшаауеит. Шьоукы ирыдыргалоит ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо атерриториа аҿы иҷыдоу пионерцәас аҟалара. Урҭ есымза 130 сааҭ инареиҳаны амаҵ руеит. Апионерцәа рыԥсҭазаара дыруадаҩуам. Дара агәра ганы иҟоуп Иегова ишаанимыжьуа, рыԥсҭазааразы ирҭаху зегь шриҭо (Матфеи 6:31—33; 1 Тимофеи 6:6—8). Заамҭа зегьы амаҵзура азкра злымшо цхырааҩтә пионерцәас иҟалар ауеит, урҭ мызкахьы 30, ма 50 сааҭ амаҵ руеит.
Апионерцәа ргәазҭазҵо Анцәеи ауааи рахь ирымоу абзиабара ауп. Иисус иеиԥш, ҳаргьы иаҳбоит иахьа ауаа рдоуҳатә ҭагылазаашьа шыцәгьоу (Марк 6:34). Аха ҳара урҭ ауаа ҳрыцхраарц ҳалшоит, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш азы иҳамоу агәыӷра рзеиҭаҳҳәар. Апионерцәа ирзааигәоу рахь ирымоу абзиабара ргәазҭанаҵоит хамеигӡарада ауаа адоуҳатә цхыраара рыҭара (Матфеи 22:39; 1 Фессалоникаа 2:8). Уи аҩыза амаҵзураҿы апионер ихаҵара́ ирӷәӷәоит, Иегова еиҳа дизааигәахоит, агәырӷьара дугьы иоуеит (Аусқәа 20:35).
Ишԥадеилшәыркаарыз апионер дызусҭоу?
Ргәазҭазҵозеи шьоукы раамҭа зегь амаҵзура азкра?