АУРОК 16
Изаҭахузеи амаҵзуратә цхырааҩцәа?
Мианма
Аизараҿы
Ажәабжьҳәараз аиԥылара
Аҳратә зал аилыргара
Абиблиаҿ рыӡбахә ануп ақьырсиантә еизара иеиҷаҳауа ҩ-гәыԥк ахацәа,— ари «ахылаԥшыҩцәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи роуп» (Филиппаа 1:1, АдҾ). Ишаԥу еиԥш аизарақәа зегь рҿы амаҵ руеит ԥыҭҩык аишьцәа. Иҟарҵозеи амаҵзуратә цхырааҩцәа?
Дара аизара аиҳабацәа рхеилак иацхраауеит. Амаҵзуратә цхырааҩцәа — ари адоуҳатә гәазыҟашьа змоу, узықәгәыӷыртә иҟоу хацәоуп. Дара ахылаԥшуеит акрызҵазкуа, еиҳараӡак аиҿкааратә хәҭахьы иаҵанакуа, аизара аус иадҳәалоу абзазаратә зҵаарақәа. Урҭ рыцхыраара абзоурала аизара аиҳабацәа арҵареи ахьчацәа имҩаԥырго ауси рыхшыҩ азырышьҭуеит.
Дара иаҭаху ацхыраара ҟарҵоит. Маҵзуратә цхырааҩцәақәак еиҿкааҩцәас амаҵ руеит — дара аизарахь инеиуа зегьы аԥсшәа рарҳәоит. Егьырҭ алхуп музыкала аиқәыршәара, алитература рыҭара, аизара афинанстә зҵаарақәа реилыргара, насгьы ажәабжьҳәаразы атерриториақәа ршаразы. Дара иара убас Аҳратә зал ахылаԥшреи аилыргареи иалахәуп. Аизара аиҳабацәа урҭ ирыҳәар ауеит аизараҿы зықәрахь инеихьоу ирыцхрааларц. Амаҵзуратә цхырааҩцәа иарбан дҵоу инарыгӡозаалакгьы, дара амаҵзура иахьазхиоу азы ҳара ҳапатуқәҵара иаԥсоуп (1 Тимофеи 3:13).
Дара аҿырԥш бзиа ҳарҭоит. Маҵзуратә хылаԥшыҩцәас иалырхуа доуҳала ишәхьоу аишьцәа роуп. Дара аиқәшәараҿы апрограмма ианалахәу, ҳхаҵара арӷәӷәара рҽазыршәоит. Урҭ ажәабжьҳәаратә ус аҿы анапхгара аныҟарҵо, иаадырԥшуа агәацԥыҳәара ҳара ҳахьгьы ииасуеит. Дара аизара аиҳабацәа рхеилак аус ахьрыцыруа иабзоураны, аизараҿы агәырӷьареи акзаареи ҟалоит (Ефесаа 4:16). Ԥыҭрак ашьҭахь дара аизараҿ еиҳабацәас иҟаларц азы ррекомендациа рышьҭыр алшоит.
Изусҭцәада амаҵзуратә цхырааҩцәа?
Ишԥацхраауеи амаҵзуратә цхырааҩцәа аизараҿы еиҿкаау аус?