АУРОК 22
Иарбан усу инарыгӡо афилиал аҿы?
Соломон идгьылбжьахақәа
Канада
Аладатәи Африкатәи Аҳәынҭқарра
Вефильтәи аҭаацәараҿы зегьы еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы амаҵ руеит, уи ала ажәабжьҳәара аус тәылақәак рҿы иадгылоит. Дара алитература еиҭаргоит, ажурналқәа ркьыԥхьуеит, ашәҟәқәа хырҟьоит, алитература шьҭаҵарҭаҿы аџьабаа рбоит, аудио-, насгьы авидеоҭыжьымҭақәа ҟарҵоит, насгьы инарыгӡоит егьырҭ акрызҵазкуа аусқәа.
Афилиал акомитет ахылаԥшра ала имҩаԥысуа. Анапхгаратә хеилак афилиал акомитет, хҩык ма инареиҳаны аизара аиҳабацәа рыла ишьақәгылоу, рнапы ианнаҵоит афилиал анапхгара аҭара. Акомитет аацҳара ашьҭуеит Анапхгаратә хеилак ахь рфилиал аҵаҟа иҟоу атәылақәа рҿы Аҳра аус шымҩаԥысуа иазкны, ицәырҵуа ауадаҩрақәа зегьы налаҵаны. Уи абзоурала Анапхгаратә хеилак иазымариоуп апубликациақәеи аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы излацәажәатәу атемақәа ралхра. Анапхгаратә хеилак иааиԥмырҟьаӡакәа афилиалқәа рахь ахаҭарнакцәа ашьҭуеит. Урҭ аишьцәа афилиалқәа ирҭаауеит, акомитет алахәылацәа рыдҵақәа рынагӡара ирыцхраауа абжьагарақәа рырҭоит (Ажәамаанақәа 11:14). Афилиал зхылаԥшуа атерриториа аҿы инхо рзы еиҿкаахоит ахадаратә усбарҭа ахаҭарнак дахьықәгыло иҷыдоу аиқәшәара.
Аҭыԥантәи аизарақәа реиҷаҳара. Афилиал аҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа роуп изыӡбо аизара ҿыцқәа реиҿкаара. Убри адагьы арҭ аишьцәа напхгара азыруеит афилиал зхылаԥшуа атерриториаҿы амаҵ зуа апионерцәа, амиссионерцәеи араионтә хылаԥшыҩцәеи рус. Дара еиҿыркаауеит аконгрессқәа, ирхылаԥшуеит Аҳратә залқәа рыргылара, насгьы аизарақәа рахь алитература ашьҭра аус. Афилиал аусура зегь зызку ажәабжьҳәара аус еиҿкааны амҩаԥысра ауп (1 Коринфаа 14:33, 40).
Аус шԥеицыруеи афилиал акомитетқәеи Анапхгаратә хеилаки?
Иарбан дҵоу ирыду афилиалқәа?