АУРОК 25
Аҳратә залқәа — издыргылозеи, насгьы ишԥадыргыло урҭ?
Боливиа
Нигериа, идыргылаанӡа, иандыргыла ашьҭахь
Таити
Ҳара Ҳзалқәа Аҳратә залқәа ҳәа рыхьӡуп, избанзар Анцәа Иаҳра — ари ихадоу библиатә ҵароуп, насгьы Христос ирылаиҳәоз ажәабжь атема хада ауп (Лука 8:1).
Ииашоу амҵахырхәара аҭыԥқәа. Аҳратә залқәа рҿы еиҿыркаауеит ажәабжьҳәараз аиқәшәара (Матфеи 24:14). Арҭ Азалқәа ашәагааи адизаини рыла еиԥшӡам, аха еснагь иԥшӡоуп. Лассы-лассы Залк рхы иадырхәоит аизарақәа рацәаны. Ҳаизарақәа рахь иныҟәо рхыԥхьаӡара есымша иазҳауеит аҟынтә, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳара иҳаргылеит зқьыла Аҳратә зал ҿыцқәа — бжьаратәла есыҽны хә-залк ргылан. Ишԥаҳалшеи ҳара уи? (Матфеи 19:26).
Иргылоуп Аҳратә залқәа рыргыларазы хатәгәаԥхарала иаларҵо ала. Хатәгәаԥхарала иалаҵоу аԥарақәа афилиал ахь ирышьҭуеит, аизарақәа апроцент ада аԥара роуларц Аҳратә залқәа рыргыларазы, насгьы реиҿкааразы.
Еиуеиԥшым аилазааратә гәыԥқәа ирыҵанакуа ауаа хатәгәаԥхарала хәыда-ԥсада аус руеит. Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиҿкаауп Аҳратә залқәа рыргыларазы агәыԥқәа. Заамҭа зегь аргыларақәа ирзызкуа, насгьы аамҭала хатәгәаԥхарала аргылара иаауа рыла ишьақәгылоу абригадақәа, ртәылаҿы еизарак аҟынтә даҽа еизарак ахь ииасуеит уатәи аишьцәа ирыцхраарц — ихароу арегионқәа рҿгьы — рхатәы Аҳратә залқәа рыргыларазы. Егьырҭ атәылақәа рҿы Аҳратә залқәа рыргылара, насгьы реиҿкаара анапхгара аҟаҵаразы иалкаау регионк аҿы иалырхуеит уи аус аҿы аԥышәа змоу Ашаҳаҭцәа. Ишаԥу еиԥш аргылара егьырҭ аҭыԥқәа рҟынтәи аԥышәа змоу аргылаҩцәа шалахәугьы, еиҳарак зҽалазырхәуа аҭыԥантәи аизарақәа рҟынтәи ажәабжьҳәаҩцәа роуп. Аҳратә залқәа рыргылара — даара иссируп, уи зыбзоуроу Иегова идоуҳа, насгьы Иара имаҵзуҩцәа рхы мап ацәкра иахьазхиоу ауп (Ԥсалом 127:1; Кәаласаа 3:23).
Изрыхьӡузеи Ҳзалқәа Аҳратә залқәа ҳәа?
Ишԥаҳалшо ҳара адунеи зегь аҿы Аҳратә залқәа рыргылара?