АУРОК 26
Ҳашԥахылаԥшуеи ҳара Аҳратә зал?
Естониа
Зимбабве
Монголиа
Пуерто-Рико
Ҳара Ҳаҳратә залқәа Иегова изкуп, убри аҟынтә ҳара ҳзы ҳаҭырқәҵара дууп уа ацқьареи аиҿкаареи адгылара. Аҳратә зал аилыргареи амаҵ ауреи ҳара акрызҵазкуа иԥшьоу ҳмаҵзура иахәҭакуп. Уи рҽаладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы.
Аизара ашьҭахь аилыргаразы ҳаанхоит. Еснагь аизара аналгалак ашьҭахь, Аҳратә зал хыхь-хыхь еилдыргоит. Мчыбжьыкахь знык ибзианы еилдыргоит. Аизара аиҳабацәа, ма амаҵзуратә цхырааҩцәа рҟынтә аӡәы аилыргаразы иҟоу аинструкциа ала ириҭоит адҵақәа. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи адашьма рыԥссоит, ирыӡәӡәоит, асаба дрыцқьоит, аҟәардәқәа ииашаны идыргылоит, ашьашьмақәа рыӡәӡәоит, адезинфекциа ҟарҵоит, асаркьақәеи асаркьа иалху ашәқәеи дрыцқьоит, агәам-сам дәылыргоит, насгьы Азал акәша-мыкәша еилдыргоит. Шықәсыкахь знык иадамзаргьы шьаҭанкыла еилдыргоит. Ҳара ахәыҷқәагьы адҵақәа анраҳҭо, аизара ахьымҩаԥырго аҭыԥ апату ақәҵара дҳарҵоит (Екклезиаст 5:1).
Аремонт аҟаҵараҿы ҳрыцхраауеит. Есышықәса Аҳратә зал аплан инақәыршәаны аҩныҵҟеи адәахьи гәарҭоит. Иааиԥмырҟьаӡакәа Азал иахьахылаԥшуа ибзианы еиқәшәоуп (2 Ашықәсынҵа 24:13; 34:10). Уи абзоурала иаҭахым ахарџь ҟаҵатәхаӡом. Зегьы ибзианы аус ахьауа ицқьоу Аҳратә зал,— ари ҳара ҳ-Анцәа имҵахырхәаразы иаԥсоу ҭыԥуп. Азал аиҿкаареи ахылаԥшреи ҳҽалаҳархәуазар, ҳара иааҳарԥшуеит Иегова бзиа дшаҳбо, насгьы иара ихьӡ зху аҭыԥ пату шақәаҳҵо (Ԥсалом 122:1). Уи адагьы, ицқьаӡа, иԥшӡаӡа иҟоу Аҳратә зал егьырҭ ауаа анырра бзиа рнаҭоит (2 Коринфаа 6:3).
Избан акыр заҵанакуа Аҳратә зал ибзианы еиқәшәазарц?
Ҳашԥадгыло ҳара Аҳратә зал аҿы ацқьара?