Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 12 азҵ. 1—5
  • Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа ишизааигәахатәу
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Анцәа уизааигәахала иҳәарала
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Аныҳәарала Анцәа ишизааигәахатәу
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Ҳара Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 12 азҵ. 1—5

АУРОК 12

Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?

1. Иаҳауама Анцәа а́ҳәарақәа зегьы?

Ахаҵа Анцәа диҳәоит

Анцәа иҭахуп ауаа зегь иара изааигәахаларц иҳәарала (Ԥсалом 65:2). Аха иара аҳәарақәа зегьы дырзыӡырҩӡом. Иаҳҳәап, зыԥҳәыс иҽеимкәа илызныҟәо ахаҵа иҳәарақәа ҭакда инхар ауеит (1 Пиотр 3:7). Анцәа израилаа дырзыӡырҩӡомызт, избанзар иааҟәымҵӡакәа ацәгьоура иаҿын. Аха иара зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рзыӡырҩра дазхиоуп. Иаҳхаҳмыршҭлароуп Анцәа иҳәара шҳаҭыр дуу. (Шәаԥхьа Исаиа 1:15; 55:7.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Дырзыӡырҩуама Анцәа аҳәарақәа зегьы?»

2. Ҳашԥаиҳәалар акәу Анцәа?

Иегова заҵәык иоуп зыҳәара ҳахәҭоу, избанзар иара иоуп Зегьзшаз иаӡәыку ииашоу Анцәа (Матфеи 4:10; 6:9). Ҳара зегь агәнаҳа ҳациуеит аҟынтә, ҳагәнаҳарақәа рзыҳәан иԥсыз Иисус Христос ила Анцәа иҳәара ҳахәҭоуп (Иоанн 14:6). Иегова иҭахӡам аҳәарақәа ҿырҳәала иаҳҳәаларц, мамзаргьы урҭ ахьану ашәҟәы аҟынтәи ҳаԥхьаларц. Иара иҭахуп ҳаҳәара ҳара ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи аныԥшларц. (Шәаԥхьа Матфеи 6:7; Филиппаа 4:6, 7.)

Ҳазшаз ҳара гәанылаҵәҟьа иаҳҳәо аҳәарақәагьы иаҳауеит (1 Самуил 1:12, 13). Иара ҳгәазҭеиҵоит ианаҳҭаху аамҭазы ҳиҳәаларц. Ибзиахон ҳара ҳамш ҳалагалар, насгьы ҳалгалар анцәаиҳәарала, акраҳфаанӡа, насгьы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо. (Шәаԥхьа Ԥсалом 55:22; Матфеи 15:36.)

3. Избан ақьырсианцәа еицеизалар зрыхәҭоу?

Ауаа ақьырсиантә еизараҿы Абиблиа иаԥхьоит

Анцәа изааигәахара мариам, избанзар ҳара ҳанхоит аӡәырҩы ауаа Анцәа дахьхарымҵо, насгьы иара адгьыл зегьы џьанаҭны ишыҟаиҵо иқәыргәыӷрақәа иахьахыччо (2 Тимофеи 3:1, 4; 2 Пиотр 3:3, 13). Убри аҟынтә ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыҿцәажәара, насгьы ҳара-ҳара ҳаидгылара. (Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25.)

Анцәа бзиа дызбо рыҿцәажәара иара изааигәахараҿы иҳацхраауеит. Иегова Ишаҳаҭцәа реиқәшәарақәа — лшара бзиоуп, ҳхаҵара арӷәӷәаразы. (Шәаԥхьа Римаа 1:11, 12.)

4. Ишԥашәылшо шәара Анцәа изааигәахара?

Ахаҵа иусураҿы аԥсшьара аамҭазы Анцәа Иажәа даԥхьоит

Шәара Иегова шәизааигәахоит, иара Иажәа аҟынтәи ижәдыруа шәааҭгыланы шәазхәыцуазар. Убри аҟынтә шәрызхәыцла иусқәеи, изакәанқәеи иқәыргәыӷрақәеи. Ари Анцәа иҟәыӷареи ибзиабареи рҵаулара аилкаара ишәыцхраауеит. (Шәрыԥхьа Иисус Навин 1:8; Ԥсалом 1:1—3.)

Шәара Анцәа еиҳа шәизааигәахар аншәылшо, игәра жәгалар, насгьы иара иахь агәрахаҵара аашәырԥшлар мацара ауп. Агәрахаҵара аҵиаа иеиԥшуп: уи иазҳаларц, аӡы аҵаҭәалатәуп. Агәрахаҵарагьы еснагь иахылаԥшлатәуп. Уи азы иазхәыцлатәуп библиатә ҵарак шиашоу агәра шәзырго. (Шәрыԥхьа Матфеи 4:4; Ауриацәа 11:1, 6.)

5. Избан Анцәа изааигәахара заԥсоу?

Иегова иара бзиа дызбо зегьы дреиҷаҳауеит. Иара ҳихьчоит ҳхаҵара хзырбгало, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳамызхуа зегьы рҟынтә (Ԥсалом 91:1, 2, 7—10). Анцәа ҳгәабзиара иаԥырхагоу, насгьы ҳнасыԥданы ҳҟазҵо аԥсҭазаашьа ҳацәихьчоит. Иегова зегь раасҭа иеиӷьу аԥсҭазааратә мҩала ацара дҳацхраауеит. (Шәрыԥхьа Ԥсалом 73:27, 28; Иаков 4:4, 8.)

Аҩызцәа аамҭа еицырхыргоит

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 17-тәи ахаҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра