Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?
Адунеи...
- еиҳа еиӷьхома? 
- еиҳа еицәахома? 
- ишыҟоу иаанхома? 
ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?
«Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом, избан акәзар ԥаса иҟаз мҩасит» (Аатра 21:4, Ауасиаҭ Ҿыц).
ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?
Алҵшәа змоу, угәы иахәо аусура (Исаиа 65:21—23).
Ачымазарақәеи, агәырҩеи, агәаҟрақәеи рҟынтә ахақәиҭра (Исаиа 25:8; 33:24).
Насыԥ змоу, инымҵәаӡо аԥсҭазаара уҭаацәеи уҩызцәеи рыбжьара (Аԥсалом 37:11, 29).
ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?
Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа ҩба:
- Анцәа илшоит ҳзықәиргәыӷыз анагӡара. Абиблиаҿы Анцәа Иегова заҵәык иоуп «Зегьзку» ҳәа зыӡбахә ҳәоу, избанзар иара имч ҳәаак амам (Аатра 15:3). Ус анакәха, иара адунеи шеиӷьитәуа азы иқәыргәыӷра анагӡара илшоит. Абиблиаҿы иҳәоуп «Анцәа лшарас иҟоу зегь имоуп» ҳәа (Матфеи 19:26). 
- Анцәа иҭахуп ҳзықәиргәыӷыз анагӡара. Иаҳҳәап, Иегова даара иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵар. Абиблиаҿы иҳәоуп иара урҭ гәхьааигоит ҳәа (Иов 14:14, 15). - Уи адагьы, Абиблиа иаанарԥшуеит Анцәа иԥа, Иисус Христос, ичмазаҩыз ауаа шихәышәтәуаз. Дрыцхраарызма иара, уи аҟаҵара иҭахымызҭгьы? (Марк 1:40, 41). Иисус ауаа данрыцхраауаз, Иаб ихаҭара инагӡаны иааирԥшуан (Иоанн 14:9). - Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иеговеи Иисуси насыԥ змоу аԥеиԥш ҳамҭас иҳарҭарц шырҭаху! (Аԥсалом 72:12—14; 145:16; 2 Пиотр 3:9). 
ШӘАЗХӘЫЦ
Ишԥеиӷьитәуеи Анцәа ҳара ҳдунеи?
Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит МАТФЕИ 6:9, 10, насгьы ДАНИИЛ 2:44 рҟны.