Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ia ахы 10, ад. 84—91
  • Иара ииашоу агәрахаҵара ӷәӷәала дадгылан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иара ииашоу агәрахаҵара ӷәӷәала дадгылан
  • Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Акраамҭатәи аиҿыхара аҽарцәгьоит
  • Иаа́нагозеи «ацыркьра шәыҩшьапык рыла»?
  • Ихадоу аԥышәара
  • Аԥышәара аҵыхәтәа
  • Иегова иоуп Анцәа ду
    Учимся на примерах из Библии
  • Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иара агәҽанызаара иман, насгьы дыԥшын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иҟалахьоума зныкыр аӡәгьы уиҭахымызшәа ухы анубо, насгьы уаншәо?
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
ia ахы 10, ад. 84—91
Аԥааимбар Илиа

АХЫ 10

Иара ииашоу агәрахаҵара ӷәӷәала дадгылан

1, 2. а) Изыхҟьазеи израильаа ргәаҟра? б) Иарбан ҿагылароу ашьха Кармил аҿы Илиа дзықәшәаз?

ИЛИА ашьха Кармил анаара иаҿаланы ицо ауаа рацәа дрыхәаԥшуеит. Ашьыжьтәи ашәаԥшь аарла ишцәыҵлашозгьы, иузгәамҭо иҟамызт урҭ рымамзаареи рӷарреи. Абар шьҭа хышықәсеи бжаки ҵуеит дара аарҩара ӷәӷәа иаргәаҟуеижьҭеи.

2 Урҭ ирыцны рҽырԥагьаны ицоит 450-ҩык Ваал иԥааимбарцәа. Дара Иегова иԥааимбар Илиа бааԥсыла дырцәымӷуп. Аҳкәажә Иезавель Иегова имаҵзуҩцәа рацәаҩны ишықәылххьазгьы, Илиа Ваал икульт дшаҿагылац даҿагылоуп. Аха илшару уаҩы заҵәык ари еиҟарам амчқәа реиҿагылараҿы аиааира агара? Иҟалап Ваал иныхаԥааҩцәа уи ҟалашьа амам ҳәа ргәы иаанагозар (1 Аҳ. 18:4, 19, 20). Иара убас аҳ Ахав иҽыуардын ала ашьха Кармил дхалеит, аха уигьы Илиа ӷас диԥхьаӡоит.

3, 4. а) Избан уи ихадаз амш аҽны Илиа ашәара зизцәырҵыз? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

3 Аԥааимбар Илиа иԥсҭазаараҿы ари аҩыза амш ҟамлацызт. Ауаатәыҩсатә ҭоурых аҿы зегь раасҭа идраматәу ацәгьеи абзиеи реиҿагылара иалагеит. Иарбан цәаныррақәоу иоуз аԥааимбар уи ашьыжь азы? Иара зынӡа ашәара имамызт ҳәа узҳәом, избанзар иара «ҳарҭ зегьы иҳаиԥшыз аӡә иакәын». (Шәаԥхьа Иаков 5:17.) Аха агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит — ииашам ажәлари, Анцәа иаша ицәхьаҵыз аҳи, насгьы рыцҳашьара зламыз аныхаԥааҩцәеи дрыхәаԥшны, Илиа уажә еиԥш дзаҵәны ахаан ихы имбацызт ҳәа (1 Аҳ. 18:22).

4 Аха избан Израиль абас еиԥш ишәарҭоу аҭагылазаашьа изақәшәаз? Насгьы ҳашԥаҵанакуеи ҳара уи аацҳара? Шәааи еилаҳкаап иарбан гәрахаҵароу Илиа иааирԥшыз, насгьы уи иҿырԥшы иахьа ҳара излаҳахәо.

Акраамҭатәи аиҿыхара аҽарцәгьоит

5, 6. а) Иарбан еиҿыхароу излагалаз Израиль? б) Дышԥалаирҟәуаз аҳ Ахав Иегова?

5 Илиа иԥсҭазаара абжеиҳан цхыраара имамкәа дахәаԥшуан ижәлар зегь иреиӷьу ҳәа ирымаз мап шацәыркуаз, насгьы имшаҭакәа ишаӷрагылоз. Израиль акраамҭатәи аиҿыхара иалагалан — игәымбылџьбароу аиҿагылара ииашоу, насгьы имцу адинхаҵарақәа рыбжьара, иара убас израильаа Анцәа Иегова иахь рыгәрахаҵареи ирыванхоз ажәларқәа рныхамҵахырхәареи рыбжьара. Илиа ихаан уи аиҿыхара еинышәашьа змам, насгьы узыргәаҟуа акәны иҟалеит.

6 Аҳ Ахав сидонтәи аҳ иԥҳа Иезавель ԥҳәысс дигеит. Лара израильтәи адгьыл аҿы лҽазҵәылхны Ваал икульт алалгалон, Иегова имҵахырхәара шьаҭанкыла иқәылхырц азы. Иаарласны Ахав лнапахьы даалгеит. Иара Ваал изы аныхабаа, насгьы амҭанагарҭа иргылеит, иара убас уи амурҭаҭ нцәахәы имҵахырхәара дахагылеит. Иара иусқәа рыла Иегова ӷәӷәала длаирҟәуан (1 Аҳ. 16:30—33).

7. а) Избан Ваал икульт убас изыхәымгаз? б) Избан агәра ҳгар зҳалшо Илиа ихаан аарҩара шаҟаамҭа иҟаз иазкны Абиблиаҿы аиқәымшәарақәа шыҟам? (Шәхы иашәырхәа арамка аҟынтә азхәыцрақәа.)

7 Избан Ваал икульт убас изыхәымгаз? Ари анцәахәы имҵахырхәара Израиль бжьнахуан, насгьы аӡәырҩы ииашоу Анцәа ицәхьаҵит. Уи игәымбылџьбараз, иҿаасҭаз динхаҵаран. Ваал икульт иацын ауахәамаҿы ахацәеи аҳәсеи ркаҳԥра, асексуалтә оргиақәа, ахәыҷқәа кәырбанс рнагара. Иегова Ахав иахь Илиа днаишьҭит аарҩара шыҟало, насгьы уи Анцәа иԥааимбар иҳәаанӡа ишаанымгыло иеиҳәарц азы (1 Аҳ. 17:1). Шықәсқәак анҵы ашьҭахь ауп Илиа дырҩегь Ахав иҿы днеины, ажәлари Ваал иԥааимбарцәеи ашьха Кармил аҿы еизигарц анидиҵаa.

Иаҳҳәар ҳалшоит Ваал икульт иҷыдоу аҟазшьақәа иахьанӡагьы иаанхеит ҳәа

8. Избан ҳара Ваал икульт иадҳәалоу ахҭысқәа рахь аинтерес ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

8 Аха избан ҳара арҭ ахҭысқәа рахь аинтерес аарԥшра зҳахәҭоу? Шьоукы ирҳәар рылшоит иахьа Ваал изку аныхабаақәеи амҭанагарҭақәеи ахьыҟам азы, уи ҳара ҳахь иаҵанакӡом ҳәа. Аха ари ахҭыс ус баша ижәытәтәиу ҭоурыхым (Рим. 15:4). Ажәа «ваал» иаанагоит «аԥшәма», ма «аиҳабы». Анцәа ижәлар ԥшәымас — мамзаргьы «ваалс» — Иегова далырхыр акәын (Ис. 54:5). Шәақәшаҳаҭӡами шәара иахьагьы аӡәырҩы ауаа Зегьзымчу Анцәа иакәымкәа, еиуеиԥшым «аиҳабацәа» рымаҵ шыруа? Урҭ рзы «еиҳабацәас» иҟалеит аԥара, акариера, аԥсшьара, асексуалтә гәахәарақәа, иара убас Иегова имаҵ аура ацымхәрас, зхыԥхьаӡара рацәахаз анцәақәа рымҵахырхәара (Матф. 6:24; шәаԥхьа Римаа рахь 6:16.) Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит Ваал икульт иамоу иҷыдоу аҟазшьақәа иахьанӡагьы иаанхеит ҳәа. Иеговеи Ваали реиҿагылара иазку аҭоурых инарҵауланы ҳазхәыцыр, ҳара иҳалшоит зымаҵ ҳуша ииашаны иалхра.

Иаа́нагозеи «ацыркьра шәыҩшьапык рыла»?

9. а) Избан ашьха Кармил Ваал икульт аҿаԥҽразы иреиӷьыз ҭыԥны изыҟаз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.) б) Иреиҳәазеи Илиа ажәлар?

9 Ашьха Кармил ақәцәа аҟынтә иубарҭан ҵаҟа иҟаз аӡиас Киссон аԥшаҳәеи Амшын дуи (Адгьылбжьаратә мшын), насгьы хара аҩада игылаз Ливантәи ашьхақәаb. Аха амра ашәахәақәа анцәыҵлашоз ихадоу ари амш аҽны аԥааимбар аҿаасҭа ила иабеит. Анцәа Авраам ихәыҷқәа ириҭаз, зны ибарақьаҭыз адгьыл аԥсра азыԥшын. Амра ашыра уи адгьыл аркьакьеит, иарҷҷеит. Уи зхаразгьы Анцәа ижәлар ракәын. Ашьхаҿы ауаа анеиза, Илиа днарыдгыланы иреиҳәеит: «Шәанбаҟәыҵуеи ацыркьра шәыҩшьапык рыла, еиԥшым ҩ-гәаанагарак шәыманы? Иегова иакәзар ииашоу Анцәа, иара шәишьҭанеила, аха Ваал иакәзар, уи шәишьҭанеила» (1 Аҳ. 18:21).

10. Избан Илиа ажәлар изреиҳәаз шәцыркьуеит «шәыҩшьапык рыла, еиԥшым ҩ-гәаанагарак шәыманы» ҳәа, насгьы ирхашҭзеи израильаа?

10 Ииҳәарц ииҭахызи Илиа ажәлар шәцыркьуеит «шәыҩшьапык рыла, еиԥшым ҩ-гәаанагарак шәыманы» ҳәа анреиҳәаз? Арҭ ауаа ирзеилкаауамызт зымаҵ руша иалхра шрыхәҭаз — Иегова, мамзаргьы Ваал. Дара ргәы иаанагон ихәымгаз рқьабзқәа ирықәныҟәалар, Ваал дырзыразхоит ҳәа, уи аамҭазгьы Анцәа Иегова ацхырааразы иҳәалар рылшоит ҳәа. Иҟалап дара ирыԥхьаӡозҭгьы Ваал урҭ рымхурсҭақәеи ргәарҭақәеи дырзылԥхалоит, насгьы «Иегова ар реиҳабы» аибашьраҿы ихьчалоит ҳәа (1 Сам. 17:45). Иахьа, аӡәырҩы ауаа реиԥш, дара ихадоу ак рхашҭит: Иегова дарбанзаалак аӡәгьы ицеиҩишаӡом ихьӡ-иԥша — иара иҭахуп, насгьы даԥсоуп иара заҵәык иахь инагӡоу азиашара аадырԥшларц. Иара идикылаӡом, насгьы дланарҟәуеит ауаа иара ианимҵахырхәо аамҭазы даҽаӡәгьы, ма даҽакгьы ианрымҵахырхәо. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 20:5.)

11. Ишԥаҳацхраауеи ҳара Илиа ашьха Кармил аҟны ииҳәаз ажәахә раԥхьа иҳаргылаша, насгьы Анцәа ҳшизыҟоу азхәыцра?

11 Рыҩшьапык рыла ицыркьуаз израильаа зныкала ҩ-мҩахәасҭак ирныланы ацара зҽазызшәо ауаҩы иеиԥшын. Шаҟа лассы-лассы иҟарҵозеи ауаа иахьа абас еиԥш иҟоу агха! Дара ииашоу Анцәа мап ицәкны еиуеиԥшым «ваалраа» ирырҭоит алшара рыԥсҭазаара ианырларц. Ажәлар зымҵахырхәаша рыӡбарц ааԥхьара рызҭоз Илиа иҿырԥшы ҳаргьы иҳацхраауеит раԥхьа иҳаргылаша, насгьы Анцәа ҳшизыҟоу азхәыцра.

Ихадоу аԥышәара

12, 13. а) Иарбан ԥышәароу Илиа ирыдигалаз? б) Ишԥаҳалшо ҳара Илиа иеиԥш Иегова игәрагара?

12 Илиа ажәлар ирыдигалеит аԥышәара иахысырц. Уи даара имариан. Ваал иныхаԥааҩцәа амҭанагарҭа ргыланы амҭа уа иақәырҵар акәын. Нас рынцәа амца еиқәиҵарц и́ҳәар акәын. Убасҵәҟьа ҟаиҵар акәын Илиагьы. Иара иҳәеит: «Амца аашьҭны аҭак ҟазҵо Анцәа, убри иоуп ииашаҵәҟьоу Анцәа». Илиа агәра ганы дыҟан ииашаҵәҟьоу Анцәа дызусҭоу. Иара игәрахаҵара убриаҟара иӷәӷәан, Ваал иныхаԥааҩцәа феида злоу аҭагылазаашьа рыдигалеит, насгьы раԥхьа Ваал иԥааимбарцәа рынцәа иҳәарц алшара риҭеит. Аныхаԥааҩцәа амҭас ацә алхны Ваал иҳәара иалагеитc (1 Аҳ. 18:24, 25).

13 Иахьа ус еиԥш иҟоу аџьашьахәқәа ыҟаӡам, аха Иегова иҽимԥсахӡеит. Ҳара Илиа иеиԥш Иегова игәра ҳгалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, аӡәырҩы ауаа Абиблиа иаҳнарҵо иақәшаҳаҭӡам. Дара ргәаанагара рҳәозаргьы, ҳара уи ҳацәымшәалароуп. Илиа иеиԥш, ҳаргьы агәыӷра ҳамазар ҳалшоит Анцәа урҭ аиашара шырзааиртуа. Ҳара иҳахәҭоуп ҳхы акәымкәа, иара Иажәа ҳақәгәыӷлар, избанзар уи зҳаиҭаз «агхақәа рырҽеираҿ» иҳацхрааларц азы ауп (2 Тим. 3:16).

Аԥааимбар ибзианы еиликаауан Ваал имҵахырхәара шыхшыҩдараз, аха Анцәа ижәларгьы уи еилыркаар иҭахын

14. Дышԥархыччоз Илиа Ваал иԥааимбарцәа, насгьы избан?

14 Ваал иԥааимбарцәа амҭа рхианы, рынцәа иҳәара иалагеит. Дара иааҟәымҵӡакәа иҳәҳәон: «Ваал, аҭак ҳаҭ!» Иҵит аминуҭқәа, асааҭқәа, «аха иҟамызт бжьыкгьы, ҭаккгьы». Шьыбжьышьҭахь Илиа урҭ рхыччара далагеит, аҵәы рылаҵаны иҳәон, иҟалап Ваал аха ахьимам азы акәзар аҭак зриимҭо ҳәа. Иҟалап иара ашьышьмаҭрахьы дцазар, ма дыцәазар, насгьы дырҿыхатәызар. «Шәыҳәҳәала шәыбжьы рдуны»,— иааиԥхьон Илиа урҭ амцҳәаҩцәа. Аԥааимбар ибзианы еиликаауан Ваал имҵахырхәара шыхшыҩдараз, аха Анцәа ижәларгьы уи еилыркаар иҭахын (1 Аҳ. 18:26, 27).

15. Ишԥаанарԥшуеи Ваал иныхаԥааҩцәа рыхҭыс Иегова ида даҽаӡәы имҵахырхәара шыхшыҩдароу?

15 Ваал иныхаԥааҩцәа еиҳагьы рыԥсахы еибакит. Дара «рыбжьы рдуны аҳәҳәара иалагеит, насгьы ҵасс ишрымаз еиԥш, ашьа аауа аҟынӡа аҟамақәа рыла рыҽԥырҟон, аԥсақәа рыларҵон». Аха иҟарҵоз зегь башан! «Бжьыкгьы, ҭаккгьы, жәакгьы ыҟамызт» (1 Аҳ. 18:28, 29). Ваал ахаангьы дыҟамызт. Уи дыҟоуп ҳәа Аҩсҭаа ихы иҭиҳәааит ауаа Иегова иҟынтә ихьаирҳәырц азы. Убри ауп иахьагьы иҟоу. Ауаа Иегова ида даҽаӡәы имҵахырхәозар, дара хымԥада агәахшәареи аԥхашьареи рызцәырҵуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 24:3; 113:12—16; [25:3; 115:4—8, АдҾ].)

Аԥышәара аҵыхәтәа

16. а) Иргәаланаршәар алшози израильаа Илиа ашьха Кармил аҿы еиҭашьақәиргылаз Иегова имҭанагарҭа? б) Ишԥааирԥши Илиа иара Инцәа игәра шигоз?

16 Ахәылбыҽха Илиа иаамҭа ааит. 12 хаҳәк аашьҭыхны, иара ииашоу Анцәа иаӷацәа ихдырбгалаз Иегова имҭанагарҭа еиҭашьақәиргылеит. Уи ала иҟалап Илиа Израиль аҳра жәахылҵшьҭрак иатәыз ажәлар иргәалаиршәазар, дара жәаҩахылҵшьҭра ирыҭаз Азакәан уажәраанӡагьы ишаҵанакуаз. Аԥааимбар амҭа амҿы иақәиҵан адҵа риҭеит аӡы ақәырҭәарц, иҟалап уи ааигәа иҟаз Адгьылбжьаратә мшын аҟынтә иааргазар. Илиа иара убас ирыдиҵеит амҭанагарҭа иаакәыршаны ажра ҟаҵаны ӡыла идырҭәырц. Илиа Ваал иныхаԥааҩцәа феида злоу аҭагылазаашьа рыдигалазар, Иегова изы уи феида аламызт. Убриаҟара иара Инцәа игәра игон! (1 Аҳ. 18:30—35).

Анцәаиҳәараҿы Илиа дызланхоз ижәлар дышреиҷаҳауаз иҳәеит, избанзар иара иҭахын Иегова урҭ «рыгәқәа» хьаирҳәырц

17. Ишԥаанарԥши Илиа инцәаиҳәара иара изы зегь раасҭа ихадаз, насгьы ишԥаадырԥшуеи ҳара ҳанцәаиҳәарақәа иара ҳшиҿыԥшуа?

17 Зегьы андырхиа, Илиа Анцәа диҳәеит. Еилыкка иҟаз, насгьы имариаз Илиа инцәаиҳәара иаанарԥшуан иара изы зегь раасҭа ихадаз. Акы, иара иҭахын зегьы ирдырырц «Израиль аҿы Анцәа» — Ваал иакәым, аха Иегова шиакәу. Ҩба, Илиа иааирԥшырц иҭахын иара ироль — Иегова имаҵ аура мацара шакәу, убри аҟынтә ахьӡи-аԥшеи зегь Анцәа ишиҭалатәу. Аҵыхәтәаны иара дызланхоз ижәлар дышреиҷаҳауаз иҳәеит, избанзар иара иҭахын Иегова урҭ «рыгәқәа» хьаирҳәырц (1 Аҳ. 18:36, 37). Илиа дара бзиа рбара даҟәымҵӡеит, урҭ агәрахаҵара ахьрымамыз иахҟьаны иара агәаҟра дшақәшәазгьы. Ирныԥшуама ҳара ҳанцәаиҳәарақәа Анцәа ихьӡ ахь ус еиԥш иҟоу ахынраалара шҳамоу, насгьы ацхыраара зҭаху рахь агәрыцҳашьареи ацхыраареи шааҳарԥшуа?

18, 19. а) Ишԥаҟаиҵеи Иегова Илиа инцәаиҳәара аҭак? б) Ирыдиҵазеи Илиа ажәлар, насгьы избан Ваал иныхаԥааҩцәа агәшаҭара зрықәнагамыз?

18 Илиа Анцәа диҳәааанӡа, Иеговеи Ваали еиԥшуп ҳәа ауаа ргәы иаанагозҭгьы, уажәшьҭа анцәаиҳәара ашьҭахь зегьы еилыкка иубо иҟалеит. Уи ахҭыс аҿы иаҳәоит: «Арҭ ажәақәа рышьҭахь Иегова имца лбааны, абылтәи, амҿи, ахаҳәи, асабеи ахәланабгеит, насгьы ажра иҭаз аӡы зегь ҭанарбеит» (1 Аҳ. 18:38). Ари џьашьахәыҵәҟьан! Аха ишԥақәҿырҭи уи ажәлар?

Ваал иԥааимбарцәа ахәаԥшуеит ажәҩан аҟынтә амца Илиа инеигаз амҭа шахәланабго

«Арҭ ажәақәа рышьҭахь Иегова имца лбааит»

19 Зегьы аҳәҳәара иалагеит: «Иегова иоуп иҵабыргыҵәҟьоу Анцәа! Иегова иоуп иҵабыргыҵәҟьоу Анцәа!» (1 Аҳ. 18:39). Абар, уажәшьҭа рылақәа аатит! Аха иузҳәом ажәлар ииашаҵәҟьоу агәрахаҵара аадырԥшит ҳәа. Арҭ ауаа Иегова — ииашаҵәҟьоу Нцәоуп ҳәа зырҳәаз, анцәаиҳәара ашьҭахь жәҩанынтә амца ахьылбааз азы ауп. Аха уи иаанарԥшуамызт дара агәрахаҵара шрымоу. Убри аҟынтә Илиа дрыҳәеит урҭ рыгәрахаҵара шьақәдырӷәӷәарц. Иара дрыҳәеит акыр шықәса иҟарҵараны иҟаз нарыгӡаларц — Иегова Изакәан ақәныҟәара. Уи Азакәан инақәыршәаны амцԥааимбарцәеи аныхамҵахырхәацәеи ашьра рықәын (Ҩынтә. 13:5—9). Ваал иныхаԥааҩцәа Иегова ӷас дрыман, насгьы рҽазҵәылхны игәаԥхара иаҿагылон. Иаԥсазма нас дара агәшаҭара? Иарбан гәшаҭароу дара иаадырԥшыз, Ваал изы акгьы зхарамыз ахәыҷқәа рыԥсы шҭаз кәырбанс ианырбылуаз? (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 21:13; Иер. 19:5.) Ари аҭагылазаашьаҿы дара агәшаҭара зынӡаск ирықәнагамызт! Убри азоуп Илиа Ваал иԥааимбарцәа ршьырц зииӡбаз, насгьы уи азыӡба зынаигӡаз (1 Аҳ. 18:40).

20. Избан Ваал иныхаԥааҩцәа рышьра иадҳәалоу иахьатәи акритикцәа ршәара шьаҭа замам?

20 Иахьатәи акритикцәа ашьха Кармил иҟаз аԥышәара аҵыхәтәа аганахьала аимак рымоуп. Шьоукы ацәшәоит адинхаҵаратә фанатикцәа ари ахҭыс аҵыхәтәа иаҿыԥшны адинтә амчҳареи ақәымчреи иашоуп ҳәа рхы иадырхәар ҳәа. Илахьеиқәҵагоуп, аха иахьа имаҷым урҭ реиԥш иҟоу ауаа. Аха Илиа дфанатикӡамызт. Иегова ихьӡала иара ииашоу азыӡба наигӡеит. Уи адагьы, ииашоу ақьырсианцәа еилыркаауеит дара азин шрымам, Илиа ишыҟаиҵаз еиԥш, ииашам ауаа рахь а́ҳәа ашьҭыхра. Уи аҭыԥан, дара Христос иҵаҩцәа зегь рзы иҟоу зҽызымԥсахуа апринцип иқәныҟәоит. Уи апринцип аагоуп Иисус Пиотр иеиҳәаз ажәақәа рҿы: «Уаса аҭыԥ ахь унах; аханатә, аса шьҭызхыз, асала дҭахоит» (Матф. 26:52). Аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ииашоу аӡбара аус Иегова Иԥа идиҵеит.

21. Ишԥарыцхраауеи иахьа ииашоу ақьырсианцәа Илиа иҿырԥшы?

21 Ииашоу ақьырсианцәа ирыхәҭоуп гәрахаҵарала анхара (Иоанн 3:16). Уи аганахьала дара, Илиа иеиԥш, Иегова изиашоу ауаа ирҿыԥшлар рылшоит. Иара Иегова мацара иакәын зымаҵ иуаз, егьырҭгьы убас ҟарҵаларц иааиԥхьон. Илиа гәымшәарыла иҿаԥиҽуан Аҩсҭаа Анцәа иҟынтә ауаа злахьаирҳәуаз амцдинхаҵара. Ари аԥааимбар иара имч дақәгәыӷуамызт, аха Иегова диқәгәыӷуан. Иара ииашоу агәрахаҵара ӷәӷәала дадгылон. Ҳақәныҟәалааит ҳара зегь уи иҿырԥшы!

Шаҟаамҭа иҟази аарҩара Илиа ихаан?

Иегова иԥааимбар Илиа аҳ Ахав иеиҳәеит акыраамҭа иҟаз аарҩара иаарласны ишынҵәо. Уи ҟалеит, Илиа раԥхьаӡа аарҩара аӡбахә анрылеиҳәаз амш инаркны иуԥхьаӡозар, «ахԥатәи ашықәс аан» (1 Аҳ. 18:1). Илиа уи аӡбахә аниҳәа ашьҭахь, Иегова иаарласны ақәа аируит. Шьоукы ргәы иаанагар ҟалоит аарҩара ахԥатәи ашықәс аан инҵәеит, убри аҟынтә хышықәса еиҵаны ицон ҳәа. Аха Иисус Христосгьы Иаковгьы ирҳәон аарҩара «хышықәсеи фымзи» ишыҟаз (Лука 4:25; Иак. 5:17). Иҟоума ара аиқәымшәара?

Ҳәарада мап. Ажәытәтәи Израиль аҟны аарҩара акраамҭа иҟан, насгьы фымз раҟара иҟалар алшон. Илиа аарҩара аӡбахә аниҳәоз уи ҟалахьан, ааха дугьы аанагахьан. Ус анакәха, аарҩара алагеижьҭеи шьҭа шықәсыбжак ҵхьан. Убас ала, аарҩара нҵәоит ҳәа анрылаҳәаз, хышықәсеи бжаки ҵхьан. «Хышықәсеи фымзи» хыркәшахеит ашьха Кармил аҿы ауаа еизаны аԥышәара ду анырба.

Иара убас иазхәыцтәуп Илиа аарҩара шыҟало Ахав ианиеиҳәаз аамҭа. Ажәлар ихарҵон Ваал — «аԥсҭҳәақәа икаԥо ирықәу», ақәа азыруа, насгьы аарҩара аанызкыло нцәоуп ҳәа. Аарҩара анаҟәымҵуаз, ауаа ҵаауазҭгьы ҟаларын: «Дабаҟоу Ваал? Ианбаҳзаируеи ақәа?» Илиа иҳәеит аӡаӡагьы ақәагьы шыҟамло, аарҩара анынҵәо аамҭа иара ирылеиҳәаанӡа. Шаҟа ргәы ԥнажәазеи ари Ваал имаҵзуҩцәа! (1 Аҳ. 17:1).

a Шәахәаԥш арамка «Шаҟаамҭа иҟази аарҩара Илиа ихаан?».

b Ашьха Кармил ашәаԥыџьаԥ быбышӡа иҟоуп, избанзар амшын аҟынтә иасуа ицәааку аԥша уи ашьха анаара арԥсаауеит. Араҟа лассы-лассы ақәа леиуеит, насгьы аӡаӡа рацәаны ишьҭалоит. Ауаа ақәа анцәахәы ҳәа Ваал игәра ргон аҟынтә, имҵахырхәаразы уахь ицон. Акгьы ахьықәымиаауаз, амра иаблыз ашьха Кармил Ваал икульт аҿаԥҽразы иреиӷьыз ҭыԥны иҟалеит.

c Иазгәаҭатәуп Илиа дара иреиҳәаз: «Амца еиқәышәымҵан». Абиблиа ҭызҵаауа шьоукы ирҳәоит аныхамҵахырхәаҩцәа зны-зынла амҭанагарҭа аҵаҿы аҵәахырҭақәа ҟарҵон ҳәа, иԥсабаратәым мчык ала амца цәырҵуазшәа аадырԥшырц азы.

ИЗЫЗХӘЫЦТӘУ

  • Ишԥаҳнарҵо Илиа иҿырԥшы Иегова мацара имҵахырхәара?

  • Ишԥаҳалшо ҳара Илиа иҿыԥшра Абиблиа иаҳнарҵо иақәшаҳаҭым ауаа анаҳԥыло?

  • Иаҳнарҵозеи Илиа инцәаиҳәара ашьха Кармил даныҟаз?

  • Ишԥашәылшарыз шәара Илиа игәрахаҵара аҿыԥшра?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра