Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 10, ад. 22—23
  • Иисус еснагь азыӡырҩра ааирԥшуан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус еснагь азыӡырҩра ааирԥшуан
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иқәыԥшу Иисус
    Учимся на примерах из Библии
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Сара Иегова итәы соуп!
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 10, ад. 22—23
Иосифи Мариеи Иисус аныҳәарҭаҿы дрыԥшаауеит

АУРОК 10

Иисус еснагь азыӡырҩра ааирԥшуан

Иузымариоума уара еснагь уҭаацәа рҳәатәы ахаҵара?~ Мап. Иудыруама уара Иисус еснагь Иеговеи иҭаацәеи рҳәатәы шхаиҵоз?~ Иара иҿырԥшы уара иуцхраауеит уани уаби рзыӡырҩра, уи анымариамгьы. Уааи Иисус еиҳа еиӷьны деилаҳкаап.

Иисус адгьыл ахь даанӡа уи ажәҩан аҿы Иаб Иегова дицынхон. Адгьыл аҿгьы Иисус аҭаацәа иман. Урҭ ирыхьӡын Иосифи Мариеи. Иудыруама уара урҭ Иисус иҭаацәа ракәны ишыҟалаз?~

Иегова ажәҩан аҿы инхоз Иисус иԥсҭазаара Мариа лымгәарҭахьы ииаигеит. Егьырҭ ахәыҷқәа ранацәа рымгәарҭаҿы ишрызҳауа еиԥш, Иегова Мариа лымгәарҭаҿы Иисус изҳалартә иҟаиҵеит. Ари даара иџьашьахә дуун. Жәымз раҟара анҵы Иисус диин, адгьыл аҿы анхара илшеит. Убас ауп Иосифи Мариеи Иисус иҭаацәа шракәхаз.

Иисус 12 шықәса анихыҵуаз, хҭыск иаанарԥшит шаҟа иӷәӷәаны Иаб Иегова бзиа дибоз. Иисус иҭаацәеи иареи Иегова имҵахырхәарц Иерусалимҟа ицеит. Аҩныҟа ианыхынҳәуаз, Иосифи Мариеи игәарҭеит Иисус дышрыцмыз. Уи џьаргьы дырзыԥшаауамызт. Иудыруама уи дахьыҟаз?~

Избан Иисус аныҳәарҭаҿы дзыҟаз?

Иосифи Мариеи иаразнак Иерусалимҟа ихынҳәын, Иисус иԥшаара иалагеит. Дара даара игәырҩон, избанзар џьаргьы дырзыԥшаауамызт. Аха хымш рышьҭахь аныҳәарҭаҿы дырбеит! Иудыруама Иисус аныҳәарҭаҿы дзыҟаз?~ Избанзар уа Иаб Иегова изку еиҳаны еиликаарц илшон. Иисус Иегова бзиа дибон, насгьы дызлаиргәырӷьаша еиликаарц иҭахын. Иара ишизҳазгьы, еснагь Иегова дизыӡырҩуан. Иисус азыӡырҩра ааирԥшуан, зны-зынла ишизымариамызгьы, уи азы иара агәаҟрагьы дазхиан. Аха дырзыӡырҩуазма иара убасгьы Иосифи Мариеи?~ Абиблиа ус шакәу аҳәоит.

Иунарҵозеи уара Иисус иҿырԥшы?~ Аҭаацәа ирзыӡырҩлатәуп, уи даара ицәгьазаргьы. Иҟауҵалома уара ус?~

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • Лука 1:30—35; 2:45—52

  • Ефесаа рахь 6:1

  • Ауриацәа рахь 5:8

АЗҴААРАҚӘА:

  • Ишԥаҟалеи Иосифи Мариеи Иисус иани иаби ракәны адгьыл аҿы?

  • Дабарыԥшааи Иосифи Мариеи Иисус данырцәыӡ?

  • Иунарҵар алшозеи уара Иисус иҿырԥшы?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра