Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 11, ад. 24—25
  • Урҭ Иисус иӡбахә рыҩуан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Урҭ Иисус иӡбахә рыҩуан
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иара Ирҵаҩы ибзоурала анажьра закәу еиликааит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Аԥышәарақәа раан иара азиашара ааирԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Пиотр гәыкала Анцәа имаҵ иуан — уи шәаргьы ишәылшоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 11, ад. 24—25
Иисус иӡбахә зыҩуаз ахацәа: Матфеи, Марк, Лука, Иоанн, Пиотр, Иаков, Иуда, насгьы Павел

АУРОК 11

Урҭ Иисус иӡбахә рыҩуан

Иубома ари асахьаҿы иану ауаа?~ Арҭ Матфе́и, Марк, Лука́, Иоа́нн, Пио́тр, Иа́ков, Иу́да, Па́вел роуп. Арҭ ахацәа Иисуси дареи аамҭак азы еицынхон, насгьы дара уи иԥсҭазаара атәы рҩит. Уааи урҭ ирызку еиҳа еилаҳкаап.

Иудыруазеи уара арҭ ауаа ирызкны?

Урҭ рахьынтәи х-ҩык апостолцәан, Иисус ажәабжь ицырҳәон. Иузҳәома уара урҭ рыхьӡқәа?~ Арҭ Матфеи, Иоанни Пиотри роуп. Апостолцәа Матфеи Иоанни Иисус ибзианы дырдыруан, рҩыџьагьы уи иԥсҭазаара атәы рышәҟәқәа ирнырҵеит. Апостол Иоанн иара убас иҩит ашәҟәы Аатра, насгьы асаламшәҟәқәа хԥа: Актәи Иоанн, Аҩбатәи Иоанн, Ахԥатәи Иоанн. Апостол Пиотргьы иҩит Актәи Пиотр, насгьы Аҩбатәи Пиотр захьӡу асаламшәҟәқәа ҩба. Урҭгьы Абиблиаҿы иануп. Пиотр аҩбатәи исаламшәҟәы аҟны ҳара иаҳбоит Иегова ажәҩан аҟынтәи Иисус изы абарҭ рҩызцәа ажәақәа шиҳәаз: «Ари сара бзиа избо сԥа иоуп. Уи сара сиргәырӷьоит!»

Асахьаҿы иубо егьырҭ ауаагьы рышәҟәқәа рҿы Иисус иӡбахә еиҭарҳәеит. Урҭ руаӡәк Марк ихьӡын. Иҟалап иара ихаҭа ибазаргьы Иисус дшыркыз. Егьи Лука ихьӡын. Уи дҳақьымын, насгьы иҟалап уи дқьырсианхазар Иисус данԥсы ашьҭахь.

Иисус иӡбахә зыҩуаз егьырҭ ҩыџьа ахацәа иашьцәа еиҵбацәа ракәын. Иудыруама урҭ ирыхьӡыз?~ Урҭ ирыхьӡын Иакови Иудеи. Раԥхьа дара Иисус игәра ргаӡомызт. Уи ихы еилагеит ҳәа ргәы иаанагон. Аха нас игәра рго иалагеит, насгьы иқьырсианцәахеит.

Аҵыхәтәаны ари асахьаҿы иубо ауаҩы Павел иоуп. Иара дқьырсианхаанӡа Савл ихьӡын. Уи ақьырсианцәа ицәымӷын, ацәгьарақәа рзиуан. Иудыруама уара Павел дызқьырсианхаз?~ Ҽнак зны Павел Дамаскҟа дышцоз, иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтәи бжьык иаҳаит. Ари Иисус ибжьы акәын. Уи Павел диазҵааит: «Избан сыгәра зго ауаа уара абас ицәгьаны узрызныҟәо?» Уи ашьҭахь Павел иҽиԥсахит, насгьы дқьырсианхеит. Павел иҩит Абиблиа иану 14 шәҟәы, асаламшәҟәы Римаа рахь инаркны асаламшәҟәы Ауриацәа рахь аҟынӡа.

Ҳара есҽны Абиблиа ҳаԥхьоит, ус ауми?~ Ҳара Абиблиа ҳанаԥхьо, Иисус иӡбахә акыр еиҳаны еилаҳкаауеит. Иуҭахума уара уи иӡбахә еиҳаны еилукаарц?~

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • 2 Пиотр 1:16—18

  • Марк 3:21; 14:51

  • Иуда 1

  • Аусқәа 9:1—18

АЗҴААРАҚӘА:

  • Изыҩуадаз Иисус иӡбахә апостолцәа рҟынтә?

  • Ирыхьӡызи Абиблиа зыҩуаз Иисус иашьцәа ҩыџьа?

  • Дышԥақьырсианхеи Павел?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра