АШӘА 19
Иҳақәиҭу иуаххьа
- 1. Ҳаб ажәҩанаҿ иҟоу, Иегова, - Иаацәырымҵи аҵых иԥшьоу! - Уара уҟәышра ҳурбеит, умч, убзиабара, - Уиашара, ухьыӡ-уԥша. - Уа ужәлар асыс ашьа иахьчеит, - Ажәытәан хақәиҭрак рзааган. - Нас ашәышықәсқәа анҵы, заа Аҩыра ишаныз, - Иҳазкеиҭәеит Иҳақәиҭу ишьа. 
- 2. Ача, нас аҩы гәаларшәагоуп, - Ҳахә иушәаз рацәа иҳаракуп. - Убас бзиара уны, ҳамҭас дҳауҭеит Уԥа, - Ҳаԥсҭазаара ула еибаркуп. - Иахымԥаӡоз уажәа ԥсраҽнынӡа, - Уаха Ихәылԥаз ҳаизнагеит. - Нас, аџьшьара ааҳарԥшлап убри амш ду азы, - Уи ҳа ҳааихәеит, иԥсрала ҳаиқәхеит. 
- 3. Иҳадаҳкылт ааԥхьара иҳауҭаз, - Ҳаизеит Уара уҿаԥхьа абра. - Угәыблыра иазҳәоуп Иисус жәҩанынтә иаара, - Ҳгәазыҳәоит уаха урҽхәара. - Уаххьа ахьӡ-аԥша уара иузҭо, - Уажәы уи ҳара ҳарӷәӷәалоит. - Уи инымҵәаӡо ԥсҭазаара ҳаурц ҳҭаххар, - Иисус имҩа ҳанылан ҳцалап. 
(Уахәаԥш иара убас Лука 22:14—20; 1 Кор. 11:23—26.)