АШӘА 20
Угәы ззыбылуа Уԥа дҳауҭеит
- 1. Иегова, Иҳабу, - Ҳаԥсҭазаара ҭацәын. - Иаҳзуӡбеит аҿыхра,— - Гәыӷра дук ҳзыԥшын! - Уажәшьҭа уара иутәуп - Ҳаԥсҭазаара зегьы. - Ауаа ираҳҳәалап - Ишумоу агәҭакы. - АХАПА - Уара, Иегова Ҳаб, - Еиҳа уҳарҽхәалоит. - Ҳа ҳзы Уԥа уимеигӡеит, - Убри иазкны еснагь ҳшәаҳәоит! 
- 2. Иегова, агәыраз, - Уқьиара ҳурбеит. - Уҳаԥхьеит хаҭала, - Бзиагьы ҳаубеит. - Аҳамҭа џьашьахәы - Хәы змам ауп ҳара ҳзы,— - Иззыбылуа угәы - Иҳақәиҵеит иԥсы! - АХАПА - Уара, Иегова Ҳаб, - Еиҳа уҳарҽхәалоит. - Ҳа ҳзы Уԥа уимеигӡеит, - Убри иазкны еснагь ҳшәаҳәоит! - АХЫРКӘШАМҬА - Иегова, Иҳабу, ҳануҳәо иаҳҳәалоит: - «Уԥазаҵә изыҳәа ҳарҭ аџьшьара уаҳҭалоит!» 
(Уахәаԥш иара убас Иоанн 3:16; 15:13.)