АШӘА 37
Гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ула
1. О, Иегова, Мчыс исымоу,
Ажәҩан ду аасҭа уҳаракуп!
Гәык-ԥсыкала са сузыҟоуп,
Бзиа ушызбо сҳәарцгьы сҭахуп!
Алабжьара суҭоит. Сгәы иахәоит
Угәаԥхара анагӡара!
АХАПА
Саб, уара заҵәык уаԥсами,—
Сгәы зегь аартны иусҭоит сара.
2. Ухьӡ-уԥша ушамҭақәа зегь
Ашәа азырҳәоит, Ҳаб, ихааӡа.
Са сузиашахап убасҵәҟьа,
Ухьыӡ дсырҳап зегьы хараӡа.
Исҳәаз сҿаҭахьа насыгӡароуп,
Иаасырԥшып сыбзиабара.
АХАПА
Саб, уара заҵәык уаԥсами,—
Сгәы зегь аартны иусҭоит сара.
(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 6:15; Аԥсал. 40:8; 113:1—3; Еккл. 5:4; Иоанн 4:34.)