АШӘА 38
Анцәа амч уиҭоит
- 1. Уаб алашьцарахьтә илашарахь уа уирхеит, - Думыԥхьеи Уи, аҵабырг ааиртларц. - Ибеит Ҳазшаз дудырырц шуҭахыз уара, - Дуԥшаарц иара, ақьиара урҿиарц. - Ухы шизукуа дақәургәыӷт рацәа, - Еснагь шьаҟас дузыҟалап Анцәа. - АХАПА - Иԥа ишьала ҳҿихит — - Уажәшьҭа Иара ҳаитәхап. - Анцәа иҳаиҭап амч, - Акрычҳарагь ҳирҵап. - Дхааӡоуп иуасақәа рзы, - Дыхьча ҳалалуп Ҳаб. - Анцәа иҳаиҭап амч, - Акрычҳарагь ҳирҵап. 
- 2. Аҳамҭа хәы змаӡам узыҟаиҵеит Анцәа, - Убасала духӡыӡаап, уа уихьчап. - Иамеигӡаз Зԥа иԥсҭазаара уара узы, - Иуиҭап амч, доуҳалагь уирӷәӷәалап. - Ихашҭуам угәыблыра, нас уџьа, - Уи дуцхраалап, уагьижьжьалап рацәа. - АХАПА - Иԥа ишьала ҳҿихит — - Уажәшьҭа Иара ҳаитәхап. - Анцәа иҳаиҭап амч, - Акрычҳарагь ҳирҵап. - Дхааӡоуп иуасақәа рзы, - Дыхьча ҳалалуп Ҳаб. - Анцәа иҳаиҭап амч, - Акрычҳарагь ҳирҵап. 
(Уахәаԥш иара убас Рим. 8:32; 14:8, 9; Аур. 6:10; 1 Пиотр 2:9.)