АШӘА 48
Есымша Иегова ҳицуп
(Михеи 6:8)
- 1. Згәы разу Ҳанцәа ҳа ҳицуп - Есымша, хынраалара аарԥшуа. - Зегьы рзыҳәа Уи дразыми, - Амҩа иаша иашьҭоу, иазгәышьуа. - Бзиабарала Иегова - Дҳаԥхьоит, ҳидгыларц азы, - Ҳхы изаҳкырц, нас ҳаҽӡааҳхырц, - Ҳҽаларԥсны иаҳкырц инапы. 
- 2. Анцәа иӡбара ааигәами, - Адунеи цәгьа ықәӡаауеит лассы. - Аҿагылаҩцәа рацәами,— - Ҳарҭ ашәара ҳмоундаз ҳгәаҿы. - Ҳшихьчо ҳдыруеит Ҳаб Иегова, - Иааигәа ҳгылазарц ҳҭахуп. - Инапы ӷәӷәа ауҳажьуама, - Имаҵ шаҳаулац иулатәуп. 
- 3. Анцәа Иажәа, идоуҳа цқьа - Ихы иархәан дҳацхраауеит ҳара, - Цқьа даҳзыӡырҩуеит ҳаниҳәо, - Аизаралагь дҳалабжьоит рацәа. - Есымша Анцәа ҳаницу, - Ҳашьҭоуп бзиарак ҳарҿиарц, - Ахынраалараҿ ҳаиҿыԥшларц, - Ҳгәаҵаҿ қьиарак ҳахьчаларц. 
(Уахәаԥш иара убас Аҟаз. 5:24; 6:9; 1 Аҳ. 2:3, 4.)