АШӘА 58
Ишәыԥшаала аҭынчра згәы азыҳәо
1. «Ажәабжь дшәырҳароуп!» — ҳадиҵеит Иисус.
Уи амҩа сабақәа дырныс,
Аҵабырг иман жәлар дрызцон.
Иабгьы иԥсаса дрышьҭан, иԥшаалон,
Есыҽны амра ҭашәаанӡа
аҵабырг дирҵон.
Ҩнаҭацԥхьаӡа, зехьынџьара
Ибзиоу ажәабжь раҳҳәалап:
«Иԥҵәоит ҳа ҳгәаҟрақәа наӡаӡа рҵыхәтәа!»
АХАПА
Ҳаб дрызгәыкуп
Аҭынчра згәы азыҳәо ажәлар,
Ҳрышьҭазароуп
Иаԥсоу зегь Анцәа иеихырхәара.
Жәлар еиқәҳархарц
Ҳҭахуп ҳара!
2. Аамҭа ҳзыԥшуама, ҳусқәа ҳрыхьӡалап!
Абар, миллионҩыла рыгәқәа,
Гәык иадамхаргьы, еиқәҳархап.
Ҳгәыбылра ӷәӷәазааит, нас, ҳара рацәа.
Ргәы ахәрақәа ирӷьар илшоит иразу Ҳанцәа.
Акырынтә ҳарҭ ауаа ҳрызцоит,
Ҳаздызкылауа ҳаԥшаалоит.
Агәырӷьара ду ҳа ҳагоит ԥхьаҟаӡа.
АХАПА
Ҳаб дрызгәыкуп
Аҭынчра згәы азыҳәо ажәлар,
Ҳрышьҭазароуп
Иаԥсоу зегь Анцәа иеихырхәара.
Жәлар еиқәҳархарц
Ҳҭахуп ҳара!
(Уахәаԥш иара убас Ис. 52:7; Матф. 28:19, 20; Лука 8:1; Рим. 10:10.)