АШӘА 83
«Ҩнык аҟнытә даҽа ҩнык ахь»
- 1. Ҩнаҭак аҟынтә даҽак ахь ҳцо, - Иегова иажәабжь ҳҳәоит. - Қалақьи қыҭеи ҳаҩмыжькәа, - Иԥсаса ҳахьчалоит. - Аԥсҳара шааигәахаз иазкны - Ибзиоу ажәабжь ҳҳәоит, - Аԥсҳа ишиҳәаз еиԥш, иахьа - Зегьы ирылаҳҳәоит. 
- 2. Ҩнаҭак аҟынтә даҽа ҩнык ахь - Агәыӷра наҳамгои. - Ҳазшаз ихьӡ зҳәо, уи, хымԥада, - Аԥсеиқәхара имбои. - Аха ҳаҭыр злаиқәаҳҵои - Знык зыӡбахәгьы ҳмаҳац? - Ирзааҳартып иажәхьоу, иҿоу - Иҳаракӡоу уи ахьӡ. 
- 3. Нас, ажәабжь Аҳра ду иазку - Зегьы ирхьыҳагӡап. - Уи рыдыркылома дара? - Ҳара иаҳзыӡбом, мап. - Ирзеиҭаҳҳәап аԥеиԥш атәы, - Уи ҳақәиргәыӷт Ҳазшаз. - Ҳархысны ҳарҭ аҩнаҭақәа, - Иԥсасагьы ҳаԥшаап. 
(Уахәаԥш иара убас Аус. 2:21; Рим. 10:14.)