АШӘА 86
Иегова иҟны аҵара ҳҵоит
(Исаиа 50:4; 54:13)
- 1. Шәыгәқәа изаашәырт, дыжәдыруаз шәарҭ Иегова. - «Ԥсҭазааратә ӡыхь ыжә»,— аҳәоит адоуҳа. - Аҵабырг згәаҳәо ргәы имырҭәышеи, - Ҟәышрала Ҳаб идирҵоит аҵара. 
- 2. Ҳаиԥыларақәа ахаангьы иаанҳажьрым, - Ҵабыргла нхашьа ҳирҵоит ҳа Ҳанцәа. - Уи идоуҳа цқьеи иразу ҳашьцәеи - Амч ҿыцқәа ҳарҭоит, нас ҳамҩагь лашоит. 
- 3. Аҽхәаԥхьыӡ ашәа анырҳәо, ҳагәқәа шьҭыҵуеит, - Рҽеизган ирҳәоит уи дыздыруа Анцәа. - Ҳрывагылп ижәлар ашәаҿ ҳарҩызцәан, - Аӡәк иеиԥш, ҳабжьы хааи ҳагәқәеи неилаҵа! 
(Уахәаԥш иара убас Аур. 10:24, 25; Аат. 22:17.)