АШӘА 151
Иара дрыԥхьоит
(Иов 14:13—15)
1. Анаҟәа еиԥш, аԥсҭазаара нҭакәкәа
Ицоит лассы, ибжьаӡны.
Ҳамшқәа мԥыруеи, аҵыхәтәахь иццакуа,
Урҭ алаӷырӡ ҳазныжьны.
Зны аӡәы дыԥсыр, дгылару ҩаԥхьа?
Ҳақәиргәыӷт абас Анцәа:
АХАПА
«Срыԥхьап урҭ — аԥсра цәгьа хьаҵып.
Рыԥсы ҭасымҵои иԥсхьоу.
Игәхьаазгап гәык-ԥсыкала
Сшамҭа, сныжьны ицахьоу.
Ихаҵа, нас, гәыҩбарада:
Аԥсра наҟ иҭасырхоит.
Наӡаӡа исызгәакьоу
Џьанаҭ дгьылаҿ инсырхоит».
2. Иалшом Иегова ҳиднагарц аԥсра,
Анцәа иҩызцәа дрыхәоит.
Иҟоуп игәалашәараҿы дара,
Аԥсҭазаарахь ирҿыхоит.
Ҳгәырӷьауа ҳаиқәшәап, уаанӡатәи нкабап,
Ҳалаӷырӡ Анцәа ирбап.
АХАПА
«Срыԥхьап урҭ — аԥсра цәгьа хьаҵып.
Рыԥсы ҭасымҵои иԥсхьоу.
Игәхьаазгап гәык-ԥсыкала
Сшамҭа, сныжьны ицахьоу.
Ихаҵа, нас, гәыҩбарада:
Аԥсра наҟ иҭасырхоит.
Наӡаӡа исызгәакьоу
Џьанаҭ дгьылаҿ инсырхоит».
(Уахәаԥш иара убас Иоанн 6:40; 11:11, 43; Иак. 4:14.)