Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 48
  • Аҩызцәа бзиақәа алшәхла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҩызцәа бзиақәа алшәхла
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 48
Аурок 48. Аиҩызцәа амра аҭашәара ианаҿу селфи ҟарҵоит.

АУРОК 48

Аҩызцәа бзиақәа алшәхла

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Агәырӷьара анумоу, уҩызцәа угәырӷьара иацырҵоит, ауадаҩрақәа раан угәы шьҭырхуеит. Аха Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит иааҳақәшәо зегь ҩызцәас ишьҭаҳамхларц. Ишԥалхлатәу аҩызцәа бзиақәа? Шәааи уи ҳалацәажәап.

1. Ишԥаҳныруеи ҳҩызцәа?

Ҳара ҳазцу аҩызцәа ҳреиԥшхоит. Аҩызцәа ибзианы ма иҽеимкәа иаҳнырыр рылшоит. Уи есыҽны ҳазцу аҩызцәа, ма аинтернет аҿы ҳзацәажәо ракәзар ауеит. Абиблиа иаҳәоит: «Аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит, ахшыҩдақәа [Иегова бзиа дзымбо] рҟны аус змоу арыцҳара дақәшәоит» (Ажәамаанақәа 13:20). Иегова бзиа дызбо, имаҵ зуа аҩызцәа шәыцхраалоит гәыкала Иегова имаҵ ауреи шәыԥсҭазаараҿы ииашоу аӡбарақәа рыдкылареи. Иегова бзиа дызбо ракәымкәа, егьырҭ ауаа ҩызцәас ишьҭышәхыр, Иегова шәицәыхарахар шәылшоит. Убри азоуп Абиблиа изҳабжьнаго аҩызцәа аналҳхуа ҳгәаҳҽанызарц. Ҳҩызцәа Анцәа бзиа дырбозар, урҭ анырра бзиа ҳарҭоит, ҳаргьы анырра бзиа раҳҭоит. Ҳара иҳалшоит ҳгәы шьҭибахлар, ҳаибарӷәӷәалар, ҳаицхыраалар (1 Фессалоникаа 5:11).

2. Ихадоума Иегова изы ҩызцәас иалҳхуа?

Иегова еснагь аҩызцәа бзиақәа алихуеит. Абиблиаҿы иануп Анцәа «ауаҩ иаша ҩыза гәакьас диԥхьаӡоит» ҳәа (Ажәамаанақәа 3:32). Дышԥахәаԥшуеи Иегова, бзиа дзымбо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхыр? Ҳәарада, уи игәы инархьуеит! (Шәаԥхьа Иаков 4:4.) Аха Иегова бзиа дызбо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхуазар, уи даараӡа даргәырӷьоит. Иара иҭахӡам ииашам акы аҟаҵара ҳгәазҭазҵар зылшо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхлар. Иҽеим аҩызцәа ааныжьны, Иегова бзиа дызбо аҩызцәа ҳарҳауазар, насгьы иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәозар, иара ҳҩыза бзиа иакәхоит (Аԥсалом 15:1—4).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа аҩызцәа аналшәхуа, аҟәышра аарԥшра зхадоу, насгьы шәыԥсҭазаара еиӷьызтәуа аҩызцәа шалхтәу.

3. Шәгәышәҽаныз, иҽеим аҩызцәа шьҭышәымхлан

Анцәа бзиа дзымбо, насгьы инормақәа ирықәымныҟәо аҩызцәа — иҽеим ҩызцәоуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Иҽеим аиҿцәажәара мап ацәкышьа шәҵала» (6:17)

  • Ишԥаҳалшо иҳазгәамҭаӡакәа иҽеим аҩызцәа шьҭаҳхыр?

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:33, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан уаау иҽеим ҩызцәаны ишәзыҟалар алшо? Избан ус шәгәы изаанаго?

Шәаԥхьа Аԥсалом 119:63, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҳацхраауазеи аҩызцәа бзиақәа ралхра?

Агәыблаа аҵәақәа ануп, урҭ руак баауп. Аҵәабаа амҵқәа ахаԥыруеит, егьырҭ аҵәақәагьы абаара иалагеит.

Ҵәабаак шә-ҵәак арбаауеит. Убжьихыр шԥаилшо иҽеим аҩыза?

4. Ишәеиԥшым ауаҩы ҩызас дышәзыҟалар илшоит

Абиблиаҿы Израиль инхоз ҩыџьа ахацәа реиҩызара аӡбахә ануп. Уи Давиди Ионафани роуп. Дара злеиԥшымыз даараӡа ирацәан. Руаӡәк ахьча иакәын, егьи — аҳ иԥа иакәын. Уи адагьы, еиқәлацәаӡамызт. Аха дара аиҩызара ӷәӷәа рыбжьан. Шәаԥхьа 1 Самуил 18:1, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан ҩызцәас ишьҭаҳхуа рықәреи иааныркыло аҭыԥи зхадам?

Шәаԥхьа Римаа 1:11, 12, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥарылшо Иегова бзиа дызбо аиҩызцәа дара-дара еицхыраалар?

Ари авидеонҵамҭа аҟынтә шәара еилышәкаауеит иқәыԥшу аиашьа зынӡа иара иеиԥшымыз аҩыза дыширҳаз. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Урҭ уҩызцәахар рылшоит» (5:06)

  • Избан Акил ашкол аҿы дзацәажәоз иҩызцәа иани иаби ргәы изыҵхоз?

  • Избан раԥхьа Акил урҭ аҷкәынцәа ҩызцәа бзиақәаны изиԥхьаӡоз?

  • Ицхраазеи иара аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара?

5. Аиҩызара бзиа шеизырҳатәу

Еилышәкаа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаареи шәхаҭагьы ҩыза бзианы аҟалареи шшәылшо. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Дызусҭада аҩыза бзиа?» (4:14)

Авидеонҵамҭа «Дызусҭада аҩыза бзиа?» аҟынтә асахьа: арԥыси уи иҩызцәеи қәрала, расала, насгьы шьҭрала еиԥшӡам.

Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 18:24, насгьы 27:17, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥеицхыраауеи аҩызцәа бзиақәа?

  • Ишәымоума шәара аҩызцәа бзиақәа? Ишәымамзар, иҟашәҵар шәылшозеи, ишәырҳарц азы?

Шәаԥхьа Филиппаа 2:4, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Аҩызцәа бзиақәа шәымазарц азы, шәхаҭагьы ҩыза бзианы шәыҟазароуп. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо уи аус аҿы?

Асахьақәа «Аԥҳәыс илзааигәоу хҩык лҩызцәа драцәажәоит»: 1) лара лҩыза ҭелла длацәажәоит; 2) Аҳратә зал аҿы зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа длацәажәоит; 3) агәырҩа иақәшәаз лҩыза лгәы лырҭынчуеит.

Аҩызцәа бзиақәа шәымазарц азы шәхаҭагьы ҩыза бзианы шәыҟазароуп

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Изеиԥшразаалакгьы ҩызцәақәак умазароуп, зынӡа аӡәгьы думамзар аасҭа».

  • Иахышәҳәаауазеи шәара уи?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Аҩызцәа аналҳхуа, аҟәышра ааҳарԥшуазар, Иегова уи даргәырӷьоит, ҳхаҭагьы ахәарҭа ҳзаанагоит.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова изы изхадоу ҩызцәас ишьҭаҳхуа?

  • Иарбан уаау ҩызцәас ашьҭыхра иаԥсам?

  • Иҟашәҵар шәылшозеи, аҩызцәа бзиақәа шәырҳарц азы?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа аҩызцәа бзиақәа ауадаҩрақәа раан ишәыцхраар шрылшо.

«Аҵыхәтәа ааиаанӡа аҩызцәа бзиақәа шәырҳала» («Ахьчаратә бааш», ноиабр 2019)

Иҟашәҵар шәылшозеи, аҩызцәа бзиақәа шәырҳарц азы?

«Как найти хороших друзей?» («Ответы на твои вопросы», атом 1, ахы 8)

Ижәдыруазар акәзеи аинтернет аҿы аҩызцәа ралхра иазкны?

«Асоциалтә каҭақәа ҟәыӷарала ухы иархәала!» (4:12)

Шәаԥхьа абиографиа «Мне очень не хватало отца», насгьы еилышәкаа хаҵак аҩызцәа бзиақәа рырҳара ицхрааз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2012, аурыс)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра