АШӘА 152
Абра уҳарҽхәалар ҳҭахуп
(1 Аҳцәа 8:27; 1 Ашықәсынҵа 29:14)
- 1. Иегова, иушеит адунеи ҭбаа, - Уазкуам Адунеи ду уара. - Аҩнқәа рҿы ахаан узынхарым, - Умч ду ҳацуп иахьа абра. - Идырԥшӡоит Вефиль уара ужәлар, - Уиашара бзиа избаз. - Ҳара ҳакзаара кыр иаҳзаԥсоуп, - Ахә ушьоит ҳажәа, о, Ҳазшаз. - АИАСЫРҬА - Ҳаб, иҳамоу зегьы - Уара уоуми иҳазҭаз. - Гәыҭбаарала иҳауҭаз - Ҳарҭ иузҳархынҳәуеит. - АХАПА - Ҳгәы гәырӷьо ҳара ашәа узаҳҳәоит, - Иаҳзыҟауҵаз, Ҳаб, ирацәоуп. - Иаҳҭахын абра уҳарҽхәалар, - Ҳагәҭакы назыгӡаз уа уоуп. 
- 2. Иегова, иузаҳкуеит аҩны ссир, - Иудыруеит ишаҳҭахыз уи. - Ҳашьцәа рымаҵ ҳурц гәык-ԥсыкала, - Ухьӡ ҳараҳкларц уи аҩнаҿы. - Уҩны ухықәкы нанагӡарцаз - Ҳаумыҳәои, Иегова, уажәы, - Иаҳзыԥшуп аусқәа ҳаԥхьаҟа, - Дҵас иҳаиҭеит Уԥа зегьы. - АИАСЫРҬА - Зегь иреиӷьу уаԥсоуп, - Ҳара ҳаамҭа, ҳалшара - Уара уоуми иззаҳкуа, - Бзиа ҳазбо Ҳанцәа. - АХАПА - Ҳгәы гәырӷьо ҳара ашәа узаҳҳәоит, - Иаҳзыҟауҵаз, Ҳаб, ирацәоуп. - Иаҳҭахын абра уҳарҽхәалар, - Ҳагәҭакы назыгӡаз уа уоуп.