АШӘА 158
«Иагхаӡом»
(Аввакум 2:3)
- 1. Адгьыл аԥшӡара ҳаршанхоит ҳара, - Иааҳакәыршоу зегь блахкыгами, Ҳанцәа. - Зҽызымԥсахуа Ҳаб, ачҳара аарԥшны, - Уԥшуп ианурхио зегь шыҟаз иԥшӡаны. - АХАПА - Ҳаб, џьанаҭ дгьыл ҳарба, уи ҳазыԥшуп ҳара. - Ачҳара ҳаҳәоит иахьа. - Агәра ҳамгои ҳара, умш ааигәахоит зынӡа, - Иагхом, имааиуеи иара. - Мап, иагхом зынӡа! 
- 2. Ҳазыԥшуп иԥсхьоу ргылара аамҭа. - Ҳазшаз, иуҭахуп рыԥсы аҭаҵара. - Бзиа иумбои урҭ зегьы уара, - Ҳаб, ҳуҳәоит, иҳаҭ иумоу ачҳара. - АХАПА - Ҳаб, џьанаҭ дгьыл ҳарба, уи ҳазыԥшуп ҳара. - Ачҳара ҳаҳәоит иахьа. - Агәра ҳамгои ҳара, умш ааигәахоит зынӡа, - Иагхом, имааиуеи иара. - Мап, иагхом зынӡа! 
- 3. Рыԥшаара уаҿуп згәы разу ауаа. - Ируҭап уара аԥсҭазаара лаша. - Ҳувагыланы ажәабжь ҳҳәоит ҳара, - Уи ҳаиҩызара арӷәӷәоит, Ҳанцәа, еиҳа. - АХАПА - Ҳаб, џьанаҭ дгьыл ҳарба, уи ҳазыԥшуп ҳара. - Ачҳара ҳаҳәоит иахьа. - Агәра ҳамгои ҳара, умш ааигәахоит зынӡа, - Иагхом, имааиуеи иара. - Мап, иагхом зынӡа! - Уҳацхраа умш азыԥшра! 
(Шәахәаԥш иара убас Кол. 1:11.)