Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/1 ад. 17—21
  • Еиҿышәкаала иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Еиҿышәкаала иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәара
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘҬААЦӘАЛАЗААРА «ХԤАНЫ ЕИКӘЫРШОУ ШАХАХААИТ»
  • АХАЦӘА, ИШӘЫДУ АХАДАРА БЗИАБАРАЛА ИНАШӘЫГӠАЛА
  • АҲӘСА, АХЫНРААЛАРА ААРԤШНЫ, АНЦӘЕИ ШӘХАЦӘЕИ ИРҲӘО ШӘАЦНЫҞӘАЛА
  • ГӘЫҲАЛАЛРАЛА ИШӘАНЕИБАЖЬЛА
  • АХЬТӘЫ ԤҞАРА ШӘЫҚӘНЫҞӘАЛА
  • «АБЗИАБАРА АҼАГӘЫЛАҲӘАРА» ШӘАШЬҬАЗ
  • Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара насыԥзарц азы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Наӡаӡатәи аҭаацәалазааразы иаҭаху ҩ-цаԥхак
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи хаҵеи-ԥҳәыси, насыԥ рымазарц азы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/1 ад. 17—21
1. Насыԥ змоу хаҵеи-ԥҳәыси еицәажәоит. 2. Урҭ хаҵеи-ԥҳәыси ауадаҩрақәа ирықәшәоит аусураҿы, ахәыҷқәа рааӡараҿы, аԥареи агәабзиареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа рымоуп

Еиҿышәкаала иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәара

«Иегова аҩны имыргылозар, баша аџьабаа рбоит уи зыргыло» (ԤС. 127:1а).

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААРЦ?

  • Иарбан уадаҩрақәоу изықәшәо иахьа хаҵеи-ԥҳәыси?

  • Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара «хԥаны еикәыршоу шаханы» аҟаҵара?

  • Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси ахьтәы ԥҟара ақәныҟәара?

1—3. Иарбан уадаҩрақәоу аҭаацәарақәа иахьа изықәшәо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

«ШӘАРА ииашаҵәҟьаны шәҭаацәалазаара ӷәӷәазарц шәҭахызар, уи азгьы шәымч шәамеигӡозар, Иегова хымԥада дышәзылԥхоит»,— иҳәеит 38 шықәса аҭаацәалазаараҿы насыԥ змоу иашьак. Хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәалазаара ирзаанаго агәырӷьара ацеиҩшара адагьы, дара аамҭа хьанҭақәа раан еицхыраалар рылшоит (Ажәам. 18:22).

2 Аха иџьашьатәӡам хаҵеи-ԥҳәыси лассы-лассы ауадаҩрақәа ахьрызцәырҵуа (1 Кор. 7:28). Хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа ԥсыҽхар ауеит есыҽнытәи ауадаҩрақәа ирыхҟьаны. Хаҵеи-ԥҳәыси наӡам аҟнытә, аилибамкаареи, имхәыцӡакәа ирҳәо, ргәы рзырхьуа, ахәра рнызҵо ажәақәеи даараӡа иӷәӷәоу аҭаацәалазаарагьы анасыԥ рымнахыр алшоит (Иак. 3:2, 5, 8). Шьоукы аусура хьанҭеи ахәыҷқәа рааӡареи еиларыгӡоит. Хаҵеи-ԥҳәыси аӡәырҩы рааԥсареи астресси ирыхҟьаны, реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аамҭа алхра рцәыцәгьоуп. Агәамбзиара, афинанстә, насгьы егьырҭ ауадаҩрақәеи хаҵеи-ԥҳәыси рыбзиабареи рпатуқәҵареи арԥсыҽыр алшоит. Уи адагьы, иӷәӷәоуп ҳәа узхәаԥшуа аҭаацәарақәагьы хыбгалар ауеит абас еиԥш иҟоу «ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа», иаҳҳәап асексуалтә ламысдара, мыцқьа-шьацқьа аҟамзаара, аицәымӷра, аиӷара, ахыбаара, аԥсахеибакра, аимак-аиҿакқәа ирыхҟьаны (Гал. 5:19—21).

3 Аҭагылазаашьа еиҳа еицәанатәуеит «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан ауаа Анцәа зынӡа хьаас дахьрымам. Дара рхы мацара иазхәыцуеит, уи аҭаацәалазаара анырра бааԥс а́наҭоит (2 Тим. 3:1—4). Иара убас иахьа аҭаацәарақәа рыцҳашьара злам аӷа дрықәыӷәӷәоит. Апостол Пиотр заа ҳгәаҳҽаниҵеит: «Шәара шәаӷа шәыкәша-мыкәша алым аиԥш дыцхлымуеит, шәахьылбааидаша дашьҭоуп» (1 Пиот. 5:8; Аатр. 12:12).

4. Ишԥеиҿкаатәу иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәара?

4 Иапониа инхо аҭаацәара иалалахьоу иашьак ицәаныррақәа ртәы иҳәоит: «Сара даара сгәы иҵхон ҳфинанстә ҭагылазаашьа. Сыԥҳәыси сареи уиаҟара ҳаицәажәомызт, убри аҟынтә ларгьы даара уи гәҭыхас илыман. Уи адагьы, ааскьа лгәабзиара даара иуашәшәырахеит. Зны-зынла абарҭ зегьы ирыхҟьаны, ҳгәы нибархоит». Аҭаацәалазаараҿы уадаҩрақәак узрыцәцом, аха урҭ ӡбашьа рымам ҳәа аҳәара ҟалом. Иегова ицхыраарала аҭаацәалазаара ӷәӷәазарц, насгьы насыԥ аманы иҟазарц алшоит. (Уаԥхьа Ԥсалом 127:1.) Шәааи ҳрыхцәажәап аҭаацәалазаара ӷәӷәазарц, насгьы акыр инеирц азы иаҭаху адоуҳатә ргыларатә елементқәа хәба. Нас ҳахәаԥшуеит абзиабара, ашьыхга бзиа еиԥш, арҭ аргыларатә елементқәа шеиднакыло.

ШӘҬААЦӘАЛАЗААРА «ХԤАНЫ ЕИКӘЫРШОУ ШАХАХААИТ»

5, 6. Иҟарҵар рылшозеи хаҵеи-ԥҳәыси, рҭаацәалазаара «хԥаны еикәыршоу ашаха» еиԥш иҟаларц азы?

5 Насыԥ змоу аҭаацәалазаара зегь реиҳа ихадоу шьаҭас иамоу — уи аҭаацәалазаара Аԥҵаҩы изыӡырҩреи изиашареи роуп. (Уаԥхьа Екклезиаст 4:12.) Хаҵеи-ԥҳәыси Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалар рылшоит, абзиабара зныԥшуа иабжьагарақәа ианрықәныҟәо. Ажәытәан Анцәа ижәлар убас раҳәан: «Шәара арӷьарахь шәхы харгьы, армарахь шәхы харгьы, шәышьҭахь абжьы шәаҳалоит: „Абар амҩа, убри ала шәцала“» (Ис. 30:20, 21). Иахьатәи аамҭазы хаҵеи-ԥҳәыси Иегова ибжьы «раҳауеит» иара Иажәа ианеицаԥхьо (Ԥс. 1:1—3). Хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалар рылшоит аинтерес зҵоу, доуҳала узырлахҿыхуа аҭаацәаратә мҵахырхәара ала. Иара убас, аҭаацәалазаара ӷәӷәазарц, насгьы Аҩсҭаа идунеи иҟанаҵо ақәыӷәӷәара иацәыхьчазарц азы, хаҵеи-ԥҳәыси есыҽны Анцәа еициҳәозар ауп.

Хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәаратә мҵахырхәара иалагаанӡа, ахаҵа Анцәа диҳәоит

Хаҵеи-ԥҳәыси адоуҳатә усқәа анеицыҟарҵо, рҭаацәалазаара арӷәӷәара иацхраауеит, уи Иеговеи дареи еизааигәанатәуеит, насгьы дара-дара еизааигәахоит (Шәахәаԥш абзацқәа 5, 6.)

6 «Есааира, ауадаҩрақәеи аилибамкаареи аҭаацәаратә насыԥ ианаԥырхагахо, Анцәа Иажәа аҟынтәи абжьагарақәа ачҳара аарԥшреи анажьреи иҳацхраауеит,— иҳәоит Германиа инхо Герхард. Уи ада аҭаацәара насыԥ аиуам». Хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара «хԥаны еикәыршоу шаханы» иҟаларц азы аџьабаа анеицырбо, насгьы адоуҳатә усқәа анеицыҟарҵо, уи еиҳагьы Иеговеи дареи еизааигәанатәуеит, насгьы дара-дара еизааигәахоит. Абас еиԥш иҟоу аҭаацәалазаара ииашаҵәҟьаны насыԥ амазаауеит.

АХАЦӘА, ИШӘЫДУ АХАДАРА БЗИАБАРАЛА ИНАШӘЫГӠАЛА

7. Ишԥарыхәҭоу ахацәа аҭаацәараҿы ирыду ахадара анагӡара?

7 Аҭаацәара ӷәӷәазарц, насгьы насыԥ амазарц еиҳараӡак изыбзоуроу ахаҵа иду ахадара шынаигӡо ауп. 1 Коринфаа рахь 11:3 аҟны иануп «дарбан хаҵазаалакь хыс-хадас Христос дышимоу, аԥҳәыс лакәзар — лхаҵа» ҳәа. Аконтекст иаанарԥшуеит ахаҵа ихадара анынаигӡо, иара ихада Христос дшиҿыԥшуа. Иисус ахаангьы агәымбылџьбарара ааирԥшӡомызт, дыхжәаӡамызт, еснагь абзиабара ааирԥшуан, дқьиан, дҟәымшәышәын, ауаа рылшарақәа еиликаауан, ахынраалара ааирԥшуан (Матф. 11:28—30).

8. Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс лыбзиабареи лпатуқәҵареи арҳара?

8 Христос иҿыԥшуа ахацәа деспотцәаны рхы мҩаԥыргом, рыҳәса дара мчыла пату рықәырҵаларц есааира ирықәыӷәӷәо. Аха дара рыҳәсақәа «адырра инақәыршәаны» ирызныҟәоит, даҽакала иуҳәозар рцәаныррақәа ирызхәыцуеит, насгьы аилкаара аадырԥшуеит. Урҭ ҳаҭыр рықәырҵоит, дара раҵкыс «ишкәадоу, ишыԥсыҽу» дырны (1 Пиот. 3:7). Ауаа рыгәҭан, ма рхала ианыҟоу ахаҵа иԥҳәыс лыпату ламырҟәӡакәа длацәажәоит, насгьы дылзыразуп. Уи ала иара иааирԥшуеит лыхә ҳаракны ишишьо (Ажәам. 31:28). Бзиабарала ихадара анынаигӡо, ахаҵа иԥҳәыс лыбзиабареи лпатуқәҵареи ирҳауеит, насгьы Анцәа уи аҩыза аҭаацәалазаара дазылԥхоит.

АҲӘСА, АХЫНРААЛАРА ААРԤШНЫ, АНЦӘЕИ ШӘХАЦӘЕИ ИРҲӘО ШӘАЦНЫҞӘАЛА

9. Ишԥалылшо аԥҳәыс ахынраалареи азыӡырҩреи раарԥшра?

9 Ахамеигӡареи апринципқәа зныԥшуа Иегова иахь иҳамоу абзиабареи инапымчхара аҵаҟа ахынраалара аарԥшра иҳацхраауеит (1 Пиот. 5:6). Аҭаацәараҿы аԥҳәыс Иегова имчра дацныҟәоит, лхаҵа даницхраауа, насгьы аусқәа аницҟалҵо. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Аҳәса, ианакәзаалакь шәхацәа ражәа шәацныҟәала, Иҳақәиҭу ила иахәҭаны ишыԥхьаӡоу аиԥш» (Кәал. 3:18). Еилкаауп ахаҵа иӡбарақәа зегьы иԥҳәыс илгәамԥхар шалшо. Аха уи иӡбара Анцәа изакәанқәа ирҿагыламзар, азыӡырҩра аазырԥшуа аԥҳәыс урҭ рыцныҟәара дазхиоуп (1 Пиот. 3:1).

10. Иарбан хәарҭоу иаанаго абзиабара зныԥшуа азыӡырҩра?

10 Аԥҳәыс аҵакы змоу ароль лзалхуп, уи лхаҵа изы дыцхырааҩуп (Аҟаз. 2:18). Лара лганахь ала ацхыраара ҟалҵоит, аҭаацәараҿы ирыдыркыло аӡбарақәа рҿы патуқәҵарала лгәаанагареи лцәаныррақәеи ртәы анылҳәо. Аха убри аамҭазгьы лара лхаҵа иҳәатәы дахыԥом. Ахаҵагьы аҟәыӷара ааирԥшуеит, иԥҳәыс илҳәо азҿлымҳара аарԥшны дазыӡырҩуазар (Ажәам. 31:10—31). Абзиабара зныԥшуа азыӡырҩра аҭаацәараҿы аҭынчреи, агәырӷьареи, аҳәоуеиқәшәареи аанаго́ит. Иара убас хаҵеи-ԥҳәыси Анцәа игәаԥхара ахьынарыгӡо агәахәара рзаанагоит (Ефес. 5:22).

ГӘЫҲАЛАЛРАЛА ИШӘАНЕИБАЖЬЛА

11. Избан анажьра захәҭоу?

11 Акрызҵазкуа аргыларатә елементқәа иреиуоуп анажьра. Хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит, абиблиатә лабжьара ианацныҟәо: «Аӡәи-аӡәи шәеибашаҭа, шәгәеизынхарақәа, шәгәалақәа шәыбжьышәх, ишәанеибажь» (Кәал. 3:13). Аҭаацәалазаараҿы аизыҟазаашьақәа ԥсыҽхоит, хаҵеи-ԥҳәыси ргәалақәа рхамыршҭыкәа, ак анеимарклак иаразнак иргәалеибаршәозар. Аҭӡамц анышьшьалак аҩны еилаҳар шалшо еиԥш, ҳгәаҵаҿы инхаз агәаареи агәыԥжәареи анажьра иаԥырхагахоит, уи аизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Аха хаҵеи-ԥҳәыси Иегова иҿыԥшны гәык-ԥсыкала рыгхақәа ранеибажьуазар, уи рҭаацәалазаара еиҳа иарӷәӷәоит (Мих. 7:18, 19).

12. Ишԥахнаҩо абзиабара «агәнаҳарақәа жәпакы»?

12 Ииашаҵәҟьоу абзиабара «аԥсахеибакра-гәаара алам», уи «агәнаҳарақәа жәпакы» хнаҩоит (1 Кор. 13:4, 5; уаԥхьа 1 Пиотр 4:8). Даҽакала иуҳәозар, абзиабара ҳгәазҭанаҵоит гәыҳалалрала анажьра. Апостол Пиотр Иисус даниазҵаа шаҟантә аӡәы ианаижьлар ихәҭоу, Иисус аҭак ҟаиҵеит: «Бжьынтә хынҩажәеижәабантәы» (Матф. 18:21, 22). Абасала Иисус иааирԥшит ауаҩы шаҟантә ианажьтәу шышьақәырӷәӷәам (Ажәам. 10:12)a.

13. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара, анажьра ҳцәыцәгьазар?

13 «Хаҵеи-ԥҳәыси анажьра рҭахымзар, ирыбжьоу агәаареи агәрамгареи еизҳауеит, уи аҭаацәалазаара бжьнахуеит,— лҳәоит Аннетт.— Анажьра хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа арӷәӷәоит, еизааигәанатәуеит». Шәара анажьра шәцәыцәгьазар, аџьшьара аарԥшра шәҽазышәшәала. Ҟазшьас ишәымаз шәхатә ҩыза гәык-ԥсыкала ирҽхәара (Кәал. 3:15). Анажьра шәаназхиоу, шәара ишәоуеит аҭынчра, акзаара, насгьы Анцәа изылԥхарақәа (Рим. 14:19).

АХЬТӘЫ ԤҞАРА ШӘЫҚӘНЫҞӘАЛА

14, 15. Изакәызеи ахьтәы ԥҟара, насгьы избан изхадоу аҭаацәалазаараҿы уи ақәныҟәара?

14 Ауаа зегьы иргәаԥхоит раҳаҭыр анырбо. Егьырҭ ҳара ҳгәаанагара ианазхәыцуа, еилаҳкаауеит пату шҳақәырҵо. Аха иҟалап шәара ишәаҳахьазар, аӡәы игәы анындырхалак ишиҳәо: «Исзиуз ацынхәра изызуеит!» Зны-зынла ауаҩы деилукаар ҟалоит, аха Абиблиаҿы иануп: «Иумҳәан: „Дышсызныҟәаз еиԥш иаргьы убас сизныҟәоит“» (Ажәам. 24:29). Иисус иҳадигалеит ари ауадаҩра ӡбашьас иамоу узырбо, зегь еицырдыруа ахьтәы ԥҟара. Уи убас аҳәоит: «Ауаа шәызныҟәаларц шышәҭаху еиԥш шәаргьы шәрызныҟәала» (Лука 6:31). Иисус иҳәарц иҭахын ҳара ауаа ҳзыҟазарц шаҳҭаху еиԥш, даргьы ҳарзыҟазарц шҳахәҭоу, насгьы ацәгьара ҳзызуз ацәгьара изура ҳшашьҭамло. Аҭаацәалазаараҿы ари иаа́нагоит шәҩыџьагьы шәеизыҟазаашьа аҟынтәи ишәоурц шәыззыԥшу наҟ аҭара шшәыхәҭоу.

15 Хаҵеи-ԥҳәыси дасу ирызцәырҵуа рцәаныррақәа ианрызхәыцуа, уи еиҳа еизааигәанатәуеит. «Ҳара аус аҿы ҳақәныҟәоит ахьтәы ԥҟара,— иҳәоит Аладатәи Африка инхо аҭаацәара иалоу аиашьа.— Ҳәарада, зны-зынла аилибамкаара ҳазцәырҵуеит. Аха ҳара уеизгьы убас ҳаизыҟоуп, ҳара иаҳзыҟазарц шаҳҭаху еиԥш,— апатуқәҵара аарԥшуа».

16. Ишԥарыхәҭам хаҵеи-ԥҳәыси ахымҩаԥгара?

16 Иахәҭам уара ухатә ҩыза играқәа егьырҭ рзеиҭаҳәара, мамзаргьы еснагь иугәамԥхо иҟазшьақәа игәаларшәара, ухәмаршәа акәзаргьы. Ишәхашәмыршҭын, аҭаацәалазаара — ари еиҳа иӷәӷәоу, еиҳа зыбжьы дуу, ма еиҳа ажәала изго ҳәа иҟоу еицлабрам. Ҳәарада, ҳара зегьы ҳнаӡам, убри аҟынтә аамҭа-аамҭала ҳгәы нибархалар ҟалоит. Ахаҵагьы аԥҳәысгьы ирымаӡам азин аихыччара, ажәала аларҟәра, насгьы анапы ашьҭыхра. (Урыԥхьа Ажәамаанақәа 17:27; 31:26.)

17. Ишԥарылшо ахацәа ахьтәы ԥҟара ақәныҟәара?

17 Культурақәак рҿы дхаҵоуп ҳәа изышьҭоу зыԥҳәыс длазырҟәуа, насгьы дзыпҟо иоуп, аха Абиблиаҿы иҳәоуп: «Агәаара иахымыццакуа иӷәӷәоу иаасҭа деиӷьуп, зыҽнызкылогьы ақалақь зго диеиӷьуп» (Ажәам. 16:32). Аҭоурых аҿы зегь раасҭа еицырдыруа ауаҩы Иисус Христос иҿыԥшразы, насгьы аҽынкылара аарԥшразы имаҷымкәа амч аҭахуп. Зыԥҳәыс дзыпҟо, насгьы ажәала длазырҟәуа ахаҵа дхаҵоуп ҳәа узҳәаӡом. Ари аҩыза ахымҩаԥгашьа Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Иӷәӷәаз, игәымшәаз аԥсаломшәаҳәаҩ Давид иҳәеит: «Шәыԥсахеибакраан агәнаҳа шәаҵамлан. Шәиарҭаҿы шәгәы иҭашәҳәа зегьы, ҿышәымҭын» (Ԥс. 4:4).

«АБЗИАБАРА АҼАГӘЫЛАҲӘАРА» ШӘАШЬҬАЗ

18. Избан изхадоу анаҩсгьы абзиабара аизырҳара?

18 Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 13:4—7. Аҭаацәалазаараҿы зегь реиҳа ихадоу абзиабара ауп. Абиблиаҿы иануп: «Агәыҳалалра, аҟәыӷара, ахыларҟәра, ахачҳара шәыҽреиуашәтә, убарҭ рыла шәҽеилашәҳәа. Зегьы раҵкыс иеиӷьуп абзиабара аҽагәылаҳәара, уи акы згымкәа иҟоу ирыҩаӡароуп» (Кәал. 3:12, 14). Иисус ибзиабара иаҿыԥшу ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара, ашьыхга еиԥш, еиднакылоит иӷәӷәоу, акыр инеиуа аҭаацәалазаара аргыларатә елементқәа. Ари аҩыза абзиабара аарԥшуа, хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәара дырӷәӷәар, насгьы ирыхьчар рылшоит рхатә ҟазшьақәа шрымоугьы, ачымазара бааԥс ишақәшәогьы, рматериалтә ҭагылазаашьа шыуадаҩхазгьы, насгьы рыуацәеи дареи ауадаҩрақәа шрыбжьоугьы.

19, 20. а) Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси қәҿиарала иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәалазаара аиҿкаара? б) Еилыргахозеи анаҩстәи астатиаҿы?

19 Аҭаацәалазаара насыԥ амазарц азы, иаҭахуп абзиабара, аиашара, насгьы аџьабаа абара. Хаҵеи-ԥҳәыси ауадаҩрақәа ахьрызцәырҵуа иахҟьаны рҭаацәалазаара акгьы иаԥсам ҳәа ахәыцра рыхәҭам. Дара ирылшо зегь ҟарҵалар ауп рҭаацәалазаара ахьчарадагьы, анасыԥҵәҟьа амазарц. Иеговеи рхатә ҩызеи рахь иаадырԥшуа абзиабара Анцәа изиашоу иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси ргәазҭанаҵоит анаҩсгьы ауадаҩрақәа риааира, избанзар «абзиабара ахаан еиԥхьбара ақәым» (1 Кор. 13:8; Матф. 19:5, 6; Аур. 13:4).

20 Арҭ «ихьанҭоу аамҭақәа» раан еиҳараӡак ицәгьоуп иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәалазаара аиҿкаара (2 Тим. 3:1). Аха Иегова ибзоурала уи алшахоит. Ус шакәугьы хаҵеи-ԥҳәыси убжьызхуа ари адунеи анырра аҿагылара рықәшәоит. Анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара арӷәӷәареи ахьчареи шрылшо.

a Хаҵеи-ԥҳәыси ауадаҩрақәа рыхгара, насгьы анеибажьра рҽазыршәоит. Аха хаҵеи-ԥҳәыси ацәыбзара рыбжьалазар, усҟан ахара здым Абиблиа азин инаҭоит ианажьтәу, ма илҵтәу аӡбара (Матф. 19:9). Шәахәаԥш «Анцәа ибзиабараҿ уҟаз» захьӡу ашәҟәы Ацҵаҿы иаагоу астатиа «Аилыҵреи хаз-хазы анхареи рзы Абиблиа ахәаԥшышьа», ад. 219—221.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра