Христос шәиҿыԥшла, ахынраалареи агәрыцҳашьареи аарԥшуа
«Христосгьы ҳара ҳзы ауп дзықәшәаз агәаҟрақәа дызрықәшәаз, аҿырԥштәы заҳзаанижьыз, Иара имҩала ҳцаларазы [ишьҭра ҳхыланы, АдҾ] (1 ПИОТ. 2:21).
1. Избан ҳара Иисус ҳаниҿыԥшуа Иегова еиҳа ҳзизааигәахо?
ҲАРА иаҳҭахуп зҟазшьақәеи зхымҩаԥгашьеи ҳгәаԥхо ҳарҿыԥшлар. Адунеи аҿы инхоз зегь рҟынтәи Иисус Христос иеиԥш аӡәгьы иҿыԥшра иаԥсам. Избан? Ҽнак зны иара ихаҭа иҳәеит: «Сара сызбахьоу сабгьы дибахьеит» (Иоан. 14:9). Иисус Иаб иҟазшьаҵәҟьақәа ааирԥшуан, иара данеилаҳкаауа, ҳара Иегова ибзианы даҳдыруеит. Убри аҟынтә Иисус ҳаниҿыԥшуа, ҳара иҳарҳауеит даара зыхә ҳараку акы — Адунеи аҿы зегь иреиҳау Ахаҭара Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа!
2, 3. а) Избан Иегова дзеиҷаҳаз Иара Иажәаҿы Иисус ихаҭара аарԥшызарц, насгьы дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә? б) Еилҳаргозеи ҳара ари, насгьы анаҩстәи астатиаҿы?
2 Аха ишԥаҳалшо ҳара Иисус иеилкаара? Иегова деиҷаҳаит Иара Иажәаҿы, еиҳарак Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы, Христос ихаҭара инарҭбааны иаарԥшызарц. Иегова иҭахуп ҳара Иисус еиҳа еиӷьны деилаҳкаарц, насгьы ҳаиҿыԥшларц. (Уаԥхьа 1 Пиотр 2:21.) Абиблиаҿы иҳәоуп ҳара Христос ишьҭра ҳхыланы ҳцалар ауп ҳәа. Иегова иҭахуп ҳара Иисус иусқәа зегь рҿы ҳаиҿыԥшларц. Ҳәарада, Иисус ҳара дҳаиԥшымызт, уи днаӡан. Аха Иегова дазыԥшӡам имаҵзуҩцәа рҟынтәи анаӡара. Иара иҭахуп инаӡам ауаа реиԥш иахьынӡаҳалшо ала Иԥа ҳаиҿыԥшларц.
3 Шәааи Иисус имаз ҟазшьақәак еилҳаргап. Ари астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәоит иара иааирԥшуаз ахынраалареи агәрыцҳашьареи, анаҩстәи астатиаҿы ҳрылацәажәоит игәымшәареи игәеилых бзиеи. Урҭ аҟазшьақәа ирызкны ҳара х-зҵаарак рҭак ҟаҳҵоит: иаанагозеи уи аҟазшьа? Ишԥааирԥшуаз уи Иисус? Ишԥаҳалшо ҳара иара иҿыԥшра?
ИИСУС ИААИРԤШУАЗ АХЫНРААЛАРА
4. Ишԥаҳаилшәыркаарыз ахынраалара закәу?
4 Изакәызеи ахынраалара? Иахьатәи аԥагьара злоу ари адунеи аҿы ахынраалара ԥсыҽроуп, насгьы хақәымгәыӷроуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аха лассы-лассы ус акәӡам ишыҟоу. Ахынраалара аарԥшразы, амчи агәымшәареи аҭахуп. Ахынраалара — аԥагьареи ахышьҭыхреи анулам ауп. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы «ахынраалара» ҳәа лассы-лассы еиҭагоу ажәа аарԥшуп «ахшыҩ ахынраалара» ҳәа (Флп. 2:3, АдҾ). Ахынраалара злалаго ҳара ҳхы ҳшахәаԥшуа алоуп. Библиатә жәарк аҿы иҳәоуп: «Ахынраалара аарԥшра иаанагоит Анцәа иҿаԥхьа шаҟа ҳлаҟәу аилкаара». Ҳара ииашаҵәҟьаны Анцәа иҿаԥхьа ахынраалара ааҳарԥшуазар, егьырҭ раҵкыс ҳхы ҳаракны иаҳбалаӡом (Рим. 12:3). Инаӡам ауаа ирцәыцәгьоуп ахынраалара аизырҳара. Аха ҳара уи ҳалшоит, Анцәа иҿаԥхьа ҭыԥс иаанаҳкыло ҳаназхәыцуа, насгьы иԥа ишьҭра ҳанху.
5, 6. а) Дызусҭада амаалықь хада Михаил? Иҳаилшәыркаа. б) Иабааирԥши Михаил ахынрааларатә гәазыҟашьа?
5 Ишԥааирԥшуаз Иисус ахынраалара? Иара еснагь илан ари аҟазшьа: ажәҩан аҿы доуҳатә шамҭаны даныҟазгьы, адгьыл аҿы дуаҩы наӡаны даныҟазгьы. Ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак.
6 Игәазыҟашьа. Иуда исаламшәҟәаҿы иаагоуп Иисус адгьыл ахь даанӡа иҟалаз хҭыск. (Уаԥхьа Иуда 9.) Амаалықь хада Михаил Иисус «аҩысҭааи иареи аимак анрымаз», уи диқәшаҳаҭымхаӡеит. Аимак зрымаз «Моисеи ицәеижь» азоуп. Ишдыру еиԥш, Иегова Моисеи дахьжу аӡәгьы изымдырыртә иҟаиҵеит (Ҩынтә. 34:5, 6). Моисеи ибаҩқәа Аџьныш амц мҵахырхәаразы ихы иаирхәарц иҭахызҭгьы ҟаларын. Аҩсҭаа игәҭакы зеиԥшразаалакгьы, Михаил уи гәымшәарыла диҿагылеит. Еилыркаагатә усумҭак аҿы иҳәоуп абырзен ажәақәа «аимак», насгьы «дақәшаҳаҭымхаӡеит» ҳәа еиҭагоу «азинтә еимакы аӡбахә анрымоу рхы иадырхәоит» ҳәа. Урҭ ҵакыс ирымазар ауеит «Михаил „ишимеикыз Аџьныш изин“ Моисеи ицәеижь ахархәара». Аха уеизгьы Амаалықь хада еиликаауан ақәыӡбара азин шимамыз. Убри аҟынтә аӡбара аус Иреиҳаӡоу Аӡбаҩ Иегова ииҭеит. Абас, Михаил апровокациа иҽаимҭеит, ихәҭамыз амчра ихахьы имгеит. Изакәытә хынрааларатә гәазыҟашьоузеи Иисус иааирԥшыз!
7. Ишԥарныԥшуаз ахынраалара Иисус иажәақәеи иусқәеи?
7 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, иажәақәеи иусқәеи зегьы рҿы иааирԥшуан ииашаҵәҟьоу ахынраалара. Ицәажәашьа. Иисус ахаангьы ихазы иахәҭам азҿлымҳара дашьҭамызт. Ахьӡи аҳаҭыри зегьы Иаб ииҭон (Мар. 10:17, 18; Иоан. 7:16). Иара убас ахаангьы иҵаҩцәа драцәҳаӡомызт, насгьы илаирҟәӡомызт. Урҭ даара пату рықәиҵон, ирҽхәон, насгьы рыгәра шигоз дирбон (Лука 22:31, 32; Иоан. 1:47). Иусқәа. Иисус ирмариоу аԥсҭазаара еиҳа еиӷьишьон, аматериалтә маҭәарқәа рацәаны имазарц дашьҭамызт (Матф. 8:20). Иара уиаҟара ҳаҭыр змамыз аусқәа гәахәарыла инаигӡон (Иоан. 13:3—15). Еиҳарак Иисус ахынраалара ааирԥшуан азыӡырҩраҿы. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:5—8.) Егьырҭ рзыӡырҩра зҭахым иԥагьоу ауаа реиԥш акәымкәа, Иисус хынрааларыла Анцәа игәаԥхара дацныҟәон, «ҳәатәхаҵарала дыҟан... дыршьаанӡа». Еилкаауп Иисус, ауаҩытәыҩсатә Ԥа, ахынраалара змаз агәы шизҭаз (Матф. 11:29).
ИИСУС ИЕИԤШ АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
8, 9. Ишԥаҳалшо ҳара ахынраалара аарԥшра?
8 Ишԥаҳалшо ҳара ахынраалара аарԥшраҿы Иисус ҳаиҿыԥшлар? Ҳгәазыҟашьа. Ахынраалара анааҳарԥшуа, ҳара иахәҭам амчра ҳхахьы иаҳгаӡом. Ҳара егьырҭ рықәыӡбара азин шҳамам еилаҳкаауазар, рыгхақәа рзы акритика рзаҳауӡом, насгьы рмотивқәа рахь алак-ҩакра ааҳарԥшӡом (Лука 6:37; Иак. 4:12). Ахынраалара ҳацхраауеит мыцхәы ҳиашоуп ҳәа ҳхы ҳмыԥхьаӡаларц, насгьы ҳара иҳамоу абаҩхатәреи, мамзаргьы аҳаҭыртә дҵақәеи змам иатәамбакәа ҳрыхәамԥшларц (Еккл. 7:16). Ахынраалара аазырԥшуа аизара аиҳабацәа егьырҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи раасҭа рхы ҳаракны ирбаӡом. Урҭ ахьчацәа егьырҭ дара раасҭа еиҳауп ҳәа ирыхәаԥшуеит, насгьы зегьы иреиҵоу реиԥш рхы мҩаԥыргоит (Флп. 2:3; Лука 9:48).
9 Ҳахәаԥшып 1894 шықәса инаркны пилигриммс, ма раионтә хылаԥшҩыс, амаҵ зуаз аиашьа Уолтер Торн иҿырԥшы. Ари амаҵзураҿы иара шықәсы рацәала амаҵ иухьан, анаҩс аштат Ниу-Иорк иҟаз Аҳра иаҵанакуаз афермахь амаҵзуразы ааԥхьара ирҭеит. Уа иара акәытқәа рааӡара инапы алакын. Аиашьа Торн иҳәон: «Есааира сара схы ҳаракны абара саналаго, ус сҳәоит: „Уара асаба уаҩызоуп! Иумоузеи уара, уҽхәартә еиԥш?“» (Уаԥхьа Исаиа 40:12—15.) Ииашаҵәҟьаны, ари хынрааларатә гәазыҟашьоуп!
10. Ишԥарныԥшуеи ахынраалара ҳажәақәеи ҳусқәеи?
10 Ҳцәажәашьа. Ҳара ииашаҵәҟьаны ахынраалара зныԥшуа агәы ҳазҭазар, уи хымԥада ҳцәажәашьа ианыруеит (Лука 6:45). Ҳара ҳхы мыцхәы ҳахцәажәалаӡом: ҳхатәы еихьӡарақәа, насгьы иҳамоу аҳаҭыртә дҵақәа рыӡбахә (Ажәам. 27:2). Уи аҭыԥан ҳара ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рҟазшьа бзиақәа ҳбалоит, иӷәӷәоу рганқәеи, рбаҩхатәреи, рықәҿиарақәеи рзы иҳарҽхәалоит (Ажәам. 15:23). Ҳусқәа. Ахынраалара аазырԥшуа ақьырсианцәа ари асистемаҿы аҭыԥ дуқәа ирышьҭаӡам. Дара имариоу аԥсҭазаара ныҟәыргоит, ари адунеи ахәаԥшышьала уиаҟара ахьӡ змам аусура анагӡара иазхиоуп, Иегова еиҳаны имаҵ руларц азы (1 Тим. 6:6, 8). Уи адагьы, ҳара зегьы ахынраалара ааҳарԥшлар ҳалшоит азыӡырҩра ҳаназхиоу. Аизараҿы анапхгара зхахьы изго рзыӡырҩразы, насгьы Иегова иеиҿкаара иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа рықәныҟәаразы, иахәҭоуп ахшыҩ ахынраалара аарԥшра (Аур. 13:17).
ИИСУС ИГӘРЫЦҲАШЬАРА
11. Иҳаилшәыркаа агәрыцҳашьара закәу.
11 Изакәызеи агәрыцҳашьара? Агәрыцҳашьара — ари абзиабара иамоу аганқәа ируакуп. Иара агәшаҭареи арыцҳашьареи реиԥш иҟоу ацәанырра ҟәымшәышәқәа иреиԥшуп. Абиблиаҿы иануп иара убас иҵаулоу агәрыцҳашьара атәы (Лука 1:78; 2 Кор. 1:3; Флп. 1:8). Еилыркаагатә усумҭак аҿы абиблиатә ааԥхьара арыцҳашьара аарԥшра иазкны абас ануп: «Зыӡбахә ҳәоу ауадаҩра иақәшәаз рахь арыцҳашьара аарԥшра атәы мацара акәӡам. Ари ааԥхьара иаанагоит ауаа рыцхраара, рыԥсҭазаара еиӷьызтәуа ак аҟаҵара». Агәрыцҳашьара — ари ауаа абзиара рзыҟаҵара угәазҭазҵо мчуп ҳҳәар ҳалшоит.
12. Излоубарҭоузеи Иисус ауаа даара ишрыцҳаишьоз, насгьы игәы зызҭанаҵози иара уи ацәанырра?
12 Ишԥааирԥшуаз Иисус агәрыцҳашьара? Уи ицәаныррақәеи иусқәеи. Иисус даара ауаа рыцҳаишьон. Иисус илаӷырӡ ааит, Мариа илыцызи лареи иԥсыз лашьа Лазарь дшырҵәыуоз аниба. (Уаԥхьа Иоанн 11:32—35.) Уи аԥхьа Иисус арыцҳашьара игәазҭанаҵеит аԥҳәысеиба лԥа иԥсы аҭаҵара. Уажәгьы уи арыцҳашьара игәазҭанаҵоит Лазарь иԥсы аҭаҵара (Лука 7:11—15; Иоан. 11:38—44). Иисус иҟаиҵаз ари аус Лазарь жәҩантәи аҳамҭа иоуртә алшара инаҭазар ҟалап. Урҭ ахҭысқәа раԥхьа Иисус изыӡырҩырц иара иахь инеиз ауаа рацәа аниба, «иагьрыцҳаишьоит». Ауаа рыцҳаишьеит аҟынтә, иара «акыр дырҵара... далагоит» (Мар. 6:34). Шаҟа аҽаԥсахзеи Христос иажәақәа ирықәҿызҭыз ауаа рыԥсҭазаара! Иазгәашәҭ: Иисус игәрыцҳашьара баша емоциамызт. Уи ауаа рыцхраара игәазҭанаҵон (Матф. 15:32—38; 20:29—34; Мар. 1:40—42).
13. Ишԥаныԥшуаз Иисус ицәажәашьа иааирԥшуаз агәрыцҳашьара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
13 Уи ицәажәашьа. Иисус игәы гәрыцҳашьарыла иҭәын, убри аҟынтә ицәажәашьа арыцҳашьара аныԥшуан, еиҳарак згәы каҳаны иҟаз ауаа данрацәажәоз. Апостол Матфеи аԥааимбар Исаиа иажәақәа Иисус изикит: «Иара ихжәахьоу акалам ԥиҵәаӡом, иҿыцәаауа ақәнытә фҭил ирцәаӡом» (Ис. 42:3; Матф. 12:20). Иисус иажәақәа ргәы шьҭырхуан, ргәы дырӷәӷәон гәыла ихжәахьоу акалам, мамзаргьы аҿыцәаара иаҿу ахәшатә лампа афҭил иеиԥшыз ауаа. Иисус иҳәон «ӷәӷәала згәы каҳаны иҟоу» рзы агәыӷратә жәабжь (Ис. 61:1). Иара иааиԥхьон аџьабаа ӷәӷәа збо, «аидара хьанҭа иаҵоу» иара иахь инеирц, ираҳаҭхарц азы (Матф. 11:28—30). Иисус ишьҭанеицәа агәра диргеит Анцәа хаала имаҵзуҩцәа зегьы дышреиҷаҳауа, иара убас еиҵоу — ари адунеи аҿаԥхьа уиаҟара ахьӡ змам ҳәа иԥхьаӡоугьы уахь иналаҵаны (Матф. 18:12—14; Лука 12:6, 7).
АГӘРЫЦҲАШЬАРА ААРԤШРАҾЫ ИИСУС ШӘИҾЫԤШЛА
14. Ишԥеизырҳалатәу егьырҭ рахь ацәанырра ҟәымшәышәқәа?
14 Ишԥаҳалшо агәрыцҳашьара аарԥшраҿы Иисус иҿыԥшра? Ҳцәаныррақәа. Аӡәы дааиижьҭеи арыцҳашьара аарԥшра ицәыцәгьазар ауеит. Ус шакәугьы, ҳара Абиблиа ҳаанаԥхьоит агәрыцҳашьара еиԥш иҟоу ацәанырра ҟәымшәышәқәа реизырҳара. Арҭ аҟазшьақәа уаа ҿыцны иҟало ақьырсианцәа зегьы иаадырԥшлар ауп. (Уаԥхьа Кәаласаа рахь 3:9, 10, 12.) Ишԥеизырҳатәу егьырҭ рахь ацәанырра ҟәымшәышәқәа? Инықәырԥшны иуҳәозар, гәаартыла уҟазароуп (2 Кор. 6:11—13). Аӡәы ицәаныррақәеи игәҭыхақәеи ртәы анышәзеиҭеиҳәо, ибзианы шәизыӡырҩла (Иак. 1:19). Шәхы шәазҵаа: «Сара иара иҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы, схы шԥазбоз? Исҭаххарызи сара еиҳарак?» (1 Пиот. 3:8).
15. Ишԥаҳалшо ҳара ихжәахьоу акалам, мамзаргьы иҿыцәаауа афҭил еиԥшу аӡәы ицхраара?
15 Ҳусқәа. Агәрыцҳашьара ҳгәазҭанаҵоит егьырҭ рыцхраара, еиҳарак ихжәахьоу акалам, мамзаргьы иҿыцәаауа афҭил иеиԥшу. Ишԥарыцхраатәу урҭ? Римаа рахь 12:15 аҿы иануп: «Иҵәыуо шәрыцҵәыуа». Згәы каҳаны иҟоу еиҳа ирҭаху арыцҳашьара ауп, алабжьарақәа ракәымкәа. Зыԥҳа дыԥсыз иаҳәшьак илнырит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхыраара. Лара илгәалашәоит: «Сара исыцхраауан сҩызцәа ус баша исыцҵәыуарц иахьааиуаз». Иара убас ҳара иҳалшоит ацәанырра ҟәымшәышәқәа раарԥшра, аус қьиақәа аныҟаҳҵо. Шәара дыжәдыруазар ҟалоит зхаҵа дыԥсыз аиаҳәшьа, уи лыҩны ак ҟаҵатәызар ауеит. Мамзаргьы зықәрахь инеихьоу қьырсианк аизарахь дгатәызар ауеит, ажәабжьҳәарахь иццатәызар алшоит, мамзаргьы аҳақьым иахь дгатәхар. Мыцхәы идуум ақьиара аарԥшрагьы ацхыраара зҭаху аиашьа, ма аиаҳәшьа рыԥсҭазаара ӷәӷәала иаԥсахыр ауеит (1 Иоан. 3:17, 18). Уи адагьы, ҳара егьырҭ рахь абзиабара ааҳарԥшуеит, иахьынӡаҳалшо ала инагӡаны ажәабжьҳәара ҳҽаналаҳархәуа. Згәы аарту ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы уи зегь иреиӷьу знеишьоуп!
Иаашәырԥшуама шәара агәрыцҳашьара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь? (Шәахәаԥш абзац 15.)
16. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара, згәы каҳаны иҟоу ҳрыцхраарц азы?
16 Ҳцәажәашьа. Иҟәымшәышәу ҳцәаныррақәа ҳгәазҭарҵоит згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭаҳхларц (1 Фес. 5:14). Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара, урҭ ҳрыцхраарц азы? Ҳажәақәа ирныԥшуазароуп урҭ гәыкала ринтерес шҳамоу, ииашаҵәҟьаны ҳрыцхраарц шаҳҭаху. Згәы каҳаз гәыкала данҳарҽхәо, уи илоу аҟазшьа бзиақәеи илшареи ргәаҭара ицхраауеит. Урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иргәалаҳаршәар ҳалшоит дара Иегова рыхә ҳаракны ишишьо, избанзар иара иоуп Иԥа иахь иаазыԥхьаз (Иоан. 6:44). Ҳара агәра дҳаргар ҳалшоит Иегова згәы каҳаз имаҵзуҩцәа даара дышреиҷаҳауа (Ԥс. 34:18). Ҳара ҳажәа хаақәа агәышьҭыхра зҭаху ауаа ахәышәтәыр алшоит (Ажәам. 16:24).
17, 18. а) Ишԥаиҭаху Иегова аизара аиҳабацәа иуасақәа ирзыҟазарц? б) Еилҳаргозеи ҳара анаҩстәи астатиаҿы?
17 Аизара аиҳабацәа, ишәгәалашәала Иегова иуасақәа хаала шәрызныҟәалар шиҭаху (Аус. 20:28, 29). Шәара ишәуалу — урҭ рырчареи, ргәышьҭыхреи, доуҳала рырлахҿыхреи ауп (Ис. 32:1, 2; 1 Пиот. 5:2—4). Убри аҟынтә арыцҳашьара злоу аизара аиҳабы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аконтроль рзиуӡом. Иара ихатә ԥҟарақәа шьақәиргылаӡом, насгьы ихаҵара ицеиҩызшо ахара рыдушәа рбо иҟаиҵаӡом, ирылымшо мчыла идирҟаҵарц азы. Аха иҭахуп Анцәа имаҵ ахьыруа агәырӷьара рзаанагаларц. Иара агәра ганы дыҟоуп аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Иегова иахь иаадырԥшуа абзиабара Иара изы ирылшо зегь аҟаҵара ргәы шазҭанаҵо (Матф. 22:37).
18 Хымԥада, ҳара Иисус иааирԥшуаз ахынраалареи агәрыцҳашьареи ҳанрызхәыцуа, усҟан уи анаҩсгьы ишьҭра ҳақәланы ацаразы ҳгәазыҳәара еизҳауеит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус иҟазшьақәа даҽа ҩба — игәымшәареи игәеилых бзиеи.