Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи?
«Аӡәы хә-талантк ииҭеит, даҽаӡәы ҩба, егьи — акы» (МАТФ. 25:15).
1, 2. Избан Иисус аталантқәа ирызку ажәамаана зеиҭеиҳәаз?
ИИСУС еиҭеиҳәаз аталантқәа ирызку ажәамаана еилыкка иаанарԥшуеит иарбан ҭакԥхықәроу Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа ирыду. Аха ари ажәамаана ииашоу ақьырсианцәа зегьы ирыҵанакуеит — жәҩантәи агәыӷра змоуи адгьылаҿтәи агәыӷра змоуи. Убри аҟынтә уи аҵакы аилкаара ҳара зегь ҳзы ихадоуп.
2 Иисус ари ажәамаана еиҭеиҳәеит иара иаареи ари асистема аҵыхәтәахьы ишнеиуеи «адырга» иазкны аҵаҩцәа рызҵаара аҭак аныҟаиҵоз (Матф. 24:3). Абас ала, ари ажәамаана анаӡара ҳаамҭақәа ирықәшәоит, насгьы напхгара зуа Аҳ иеиԥш Христос иаара ируаку дырганы иҟоуп.
3. Иаҳҵозеи ҳара Матфеи 24-тәи 25-тәи ахқәа рҿы иаагоу ажәамаанақәа рҟынтәи?
3 Матфеи 24:45—25:46 рҿы иаагоуп еидҳәалоу Иисус иажәамаанақәа ԥшьба, аталантқәа ирызку ажәамаана — урҭ ируакуп. Егьырҭ ажәамаанақәа хԥа — игәрагоу, иҟәышу атәы, жәаҩык аҭыԥҳацәа, насгьы аџьмақәеи ауасақәеи ирызку — Иисус еиҭеиҳәеит иаара узырбо адырга иазку азҵаара аҭак аныҟаиҵоз. Арҭ ажәамаанақәа зегь рҿы Иисус еиҭеиҳәоит иарбан ҟазшьақәоу иаадырԥшло ииашоу ишьҭанеицәа аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан. Атәи, аҭыԥҳацәеи, аталантқәеи ирызку ажәамаанақәа Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рахь ирхоуп. Игәрагоу атәы изку ажәамаанаҿы Иисус Анцәа идоуҳала иалху ргәыԥ хәыҷ аӡбахә иҳәоит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан аҩнтәиқәа адоуҳатә фатәы ианаамҭоу рыҭара зду. Иара иазгәеиҭоит дара игәрагоу, иҟәышу ракәны иҟазарц шрыхәҭоу. Аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанаҿы Иисус иазгәеиҭоит доуҳала иалху ишьҭанеицәа зегьы ихианы, насгьы илахҿыхны иҟазар шакәу, избанзар дара Иисус дшаауа рдыруеит, аха уи аныҟало амши асааҭи рыздыруам. Аталантқәа ирызку ажәамаанаҿы Иисус иазгәеиҭоит Анцәа идоуҳала иалху ақьырсиантә маҵзураҿы аџьабаа рбалар шрыхәҭоу. Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку аҵыхәтәантәи Иисус иажәамаана адгьылаҿтәи агәыӷра змоу ауаа рахь ирхоуп. Уа иаарԥшуп дара шиашазар акәу, насгьы адгьыл аҿы иҟоу Анцәа идоуҳала иалху Христос иашьцәа русқәа зегь рҿы ирыдгылалар шрыхәҭоуa. Уажәы шәааи еиҳа инарҭбааны ҳазааҭгылап аталантқәа ирызку ажәамаана.
АҲ ИМАЗАРА ИТӘЦӘА ИРИҬОИТ
4, 5. Иааирԥшуадаз ажәамаанаҿы аҳ, насгьы изеиԥшрази аталант ахә?
4 Уаԥхьа Матфеи 25:14—30. Ҳпубликациақәа рҿы изныкымкәа еиҭаҳәан ари ажәамаанаҿы даҽа тәылак ахь ицаз аԥшәма, ма аҳ 33 шықәса рзы ҳ. ҳ. ажәҩан ахь ицаз Иисус дшааирԥшуа. Уи аԥхьа Иисус уи иеиԥшыз ажәамаана еиҭеиҳәеит, уа иҳәеит даҽа тәылак ахь дызцаз, «аԥсҳара идкыланы дхынҳәразы» шакәу (Лука 19:12). Иисус ажәҩан ахь данца, иара иаразнак аҳратә мчра зегь иҭаӡамызтb. Раԥхьа иара «Анцәа иарӷьараҿ дидтәалт, убри инаркны иаӷацәа иҿаԥхьа асаара ианышьҭаҵахо аамҭа ааира дазыԥшуп» (Аур. 10:12, 13).
5 Ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу аҳ аа-талантк иман — усҟантәи аамҭазы уи даара мал дуунc. Даҽа тәылак ахь дцаанӡа, иара арҭ аталантқәа итәцәа ирзишоит аус ахь ирышьҭырц азы. Убри ауаҩ иеиԥш Иисус, ажәҩан ахь дцаанӡа, даара зыхә ҳаракыз ак иман. Иарбаныз уи? Ари азҵаара аҭак иара иԥсҭазаара ззикыз аус иадҳәалоуп.
6, 7. Иаанагозеи аталантқәа ажәамаана аҟынтәи?
6 Иисус изы даара ихадан ажәабжьҳәареи ауаа рырҵареи. (Уаԥхьа Лука 4:43.) Иара аԥхьаҟа алҵшәа бзиа аазырԥшыша аус ашьаҭа шьҭеиҵеит. Иара иҵаҩцәа иреиҳәахьан: «Шәыблақәа аахтны амхурсҭақәа шәнарзыԥшы: урҭ шышәра ишәны, ихҟәашааӡа, абҵара иазыхиоуп» (Иоан. 4:35—38). Иисус дызлацәажәоз аҭагалара иеиԥшыз аус акәын — иара иҵаҩцәахараны иҟалоз гәыкала иҟаз ауаа рацәа реизгара. Аԥышәа змоу адгьылқәаарыхҩы иеиԥш, Иисус амхурсҭа хылаԥшрада иаанижьуамызт. Убри аҟынтә иԥсы анҭала ашьҭахь дук мырҵыкәа, насгьы ажәҩан ахь дцаанӡа, иара ишьҭанеицәа ирыдиҵеит: «Шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала» (Матф. 28:18—20, АдҾ). Абас, Иисус урҭ хәы змам ахазына риҭеит — ақьырсиантә маҵзура (2 Кор. 4:7).
7 Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо? Иисус ишьҭанеицәа аҵаҩцәа разыҟаҵара адҵа анриҭоз, иара урҭ «имазара», италантқәа, риҭеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Матф. 25:14). Даҽакала иуҳәозар, аталантқәа иаадырԥшуеит ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи адҵа.
8. Дыззыԥшызи ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу атәцәа рыԥшәма, аталантқәа еиҟараны ишриимҭазгьы?
8 Ажәамаанаҿы иҳәоуп аԥшәма аӡәы хә-талантк ииҭеит, даҽаӡәы — ҩ-талантк, ахԥатәи — акызаҵәык ауп ииҭаз ҳәа (Матф. 25:15). Аҳ урҭ еиҟараны иримҭаӡеит, аха иара дазыԥшын урҭ имаашьакәа аус руеит ҳәа, даҽакала иуҳәозар, рымчқәа зегь еизганы имаҵ руеит ҳәа (Матф. 22:37; Кәал. 3:23). Христос иҵаҩцәа аталантқәа рхы иадырхәо иалагеит Аҩынҩажәижәабамш аҽны инаркны 33 шықәса ҳ. ҳ. Урҭ ажәабжьҳәара ауси аҵаҩцәа разыҟаҵареи рҿы ирбоз аџьабаа атәы ашәҟәы Аусқәа рҿы инарҭбааны иануп (Аус. 6:7; 12:24; 19:20)d.
АҴЫХӘТӘАНТӘИ ААМҬАЗЫ АМАЗАРА АИЗЫРҲАРА
9. а) Иабаргеи ииашаз ҩыџьа атәцәа рталантқәа, насгьы иаҳәозеи уи? б) Иарбан рольу ирзалху «егьырҭ ауасақәа»?
9 Аҵыхәтәантәи аамҭазы, еиҳарак 1919 шықәса инаркны, Христос доуҳала иалху итәцәа адгьыл аҿы иус нарыгӡоит, ирыҭоу аталантқәа аус ахь ишьҭуа. Раԥхьатәи ҩыџьа атәцәа реиԥш, доуҳала иалху аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбоит. Хә-талантк, ма ҩ-талантк зауз рыуа дарбан ҳәа азхәыцра уиаҟара иаҭахым. Ажәамаанаҿы арҭ аҩыџьа еиԥшны аџьабаа рбон, избанзар ирымаз ҩбартәит. Аха иарбан рольу ирзалху адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу? Даара ихадоу! Ауасақәеи аџьмақәеи ирызкны Иисус иааигаз ажәамаана иаҳнарбоит адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ауаа рзы ишҳаҭыр дуу Христос иашьцәа рыдгылара, ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус аҿы. Аҵыхәтәантәи амшқәа раан арҭ аҩгәыԥк рыжәҩахыр еибыҭаны аџьабаа рбоит гәарҭрак аҿы еиԥш, гәацԥыҳәарыла аҵаҩцәа азыҟаҵо (Иоан. 10:16).
10. Иарбан излалукаауа ҷыдароу иамоу Иисус иаара?
10 Аҳ азин имоуп имазара иацырҵоит ҳәа азыԥшра. Ишазгәаҭаз еиԥш, ииашаз ақьырсианцәа актәи ашәышықәсазы уи имазара иацырҵеит. Аха иаҳҳәарц иҳалшозеи аталантқәа ирызкыз ажәамаана анаӡара зықәшәо ҳара иахьатәи ҳаамҭа — аҵыхәтәантәи амчқәа ирызкны? Ииашоу, аџьабаа збо Христос ишьҭанеицәа рхы аладырхәуеит аҭоурых аҿы зегь реиҳа амҿхак змоу аус: ажәабжь рҳәоит, насгьы ауаа аҵабырг ддырҵоит. Урҭ рҽазышәарақәа ирыбзоураны, есышықәса шәнызқьла аҵаҩцәа ҿыцқәа Аҳра ажәабжьҳәаҩцәас иҟалоит. Абри зегьы шаҳаҭра ауеит напхгара зуа Аҳак иаҳасабала Христос иаара аҷыдара ажәабжьҳәара ауси аҵаҩцәа разыҟаҵареи ихадоу ахәҭа шакәу. Ҳәарада, Аҳ уи даара деигәырӷьоит!
Иисус даараӡа ихадоу ажәабжьҳәаратә ус имаҵзуҩцәа рыгәра ганы ириҭеит (Шәахәаԥш абзац 10.)
ДАНБАХЫНҲӘУЕИ АҲ, АУСҚӘА ИРЦАШЬАХАЗ ДАЗҴААРЦ АЗЫ?
11. Избан иуҳәар залшо Иисус аусқәа ирцашьахаз дазҵаарц азы арыцҳара ду аан дхынҳәуеит ҳәа?
11 Иисус аусқәа ирцашьахаз дазҵаарц, итәцәа рахь дхынҳәуеит иааираны иҟоу арыцҳара ду анҵәамҭазы. Избан уи аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо? Матфеи 24, 25 ахқәа рҟны иану аԥааимбаражәақәа рҿы Иисус изныкымкәа иҳәон иара иаара атәы. Иаҳҳәап, уи далацәажәеит арыцҳара ду аан иҟало ақәыӡбара, ауаа зегьы «жәҩантәи аԥҭақәа дрыла..... иаауа Ауаҩытәыҩса Иԥа» данырбо. Иисус иҵаҩцәа аҵыхәтәантәи амшқәа раан илахҿыхзарц иааиԥхьон абарҭ ажәақәа рыла: «Иҳақәиҭу данаауа асааҭ шәыздырӡом. [...] ...шәанымгәыӷӡо асааҭ азы ауп Ауаҩытәыҩса Иԥа данаауа» (Матф. 24:30, 42, 44). Убри аҟынтә Иисус «урҭ ауаа раҳ дхынҳәит, русқәа ирцашьахазгьы дазҵааит» ҳәа ииҳәаз иаанарԥшуазар ауан ақәыӡбареи ицқьам ари адунеи ақәхреи рзы данаауа аамҭа (Матф. 25:19)e.
12, 13. а) Иреиҳәазеи аԥшәма ҩыџьа итәцәа, насгьы избан? б) Ианбараархахо амҳәыр Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа? (Шәахәаԥш арамка «Рыԥсра аҿаԥхьа иаԥсаны иԥхьаӡоуп».) в) Иарбан ҳамҭоу ироуа ауасақәа ҳәа иԥхьаӡахо?
12 Ажәамаанааҿы зыӡбахә ҳәоу аԥшәма даныхынҳә, ибоит ҩыџьа атәцәа — аӡәы хә-талантк зиҭази ҩ-талантк зиҭази — изиашаны имаҵ шыруа, ирырҭаз амазарагьы шеиҳартәыз. Дара хаҭала ус реиҳәоит: «Ихируп, суаҩ-қьиа, сыгәрагаҩы! амаҷ аҿы угәрагахеит, арацәа уахасыргылап» (Матф. 25:21, 23). Иҟалозеи ҳаԥхьаҟа, Аҳ, Иисус, хьыӡла-ԥшала ақәыӡбаразы данаауа?
13 Иисус иажәамаана аҟынтәи ҩыџьа ииашоу атәцәа аџьабаа абара бзиа избо Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аадырԥшуеит. Дара аҵыхәтәантәи амҳәыр раархахоит арыцҳара ду алагаанӡа (Аатр. 7:1—3). Армагеддон алагаанӡа Иисус урҭ изқәыргәыӷыз жәҩантәи аҳамҭа риҭоит. Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу Христос иашьцәа ажәабжьҳәараҿы ирыдгылоз ауаа иуасақәоуп ҳәа иԥхьаӡахоит, насгьы ироуеит рҳамҭа — адгьыл аҿы Аҳра анапхгара аҵаҟа анхара (Матф. 25:34).
АТӘЫ ГЫЗМАЛ, ААШЬАҨ
14, 15. Иаанагома Иисус иажәақәа Анцәа идоуҳала иалху рҟынтә аӡәырҩы итәы гызмалны, иаашьаҩцәаны иҟалоит ҳәа? Иҳаилшәыркаа.
14 Ажәамаана аҟны зыӡбахә ҳәаз ахԥатәи атәы иԥшәма имазара иацимҵаӡеит; иара аталант ахырхарҭа амҭакәа, адгьыл аҿы ижит. Ари атәы агәазыҟашьа бзиа имамызт ҳҳәар ҳалшоит, избанзар иара ишидыруаз иԥшәма иинтересқәа дрыцәхьаҵит. Иԥшәма ари атәы иқәнагаҵәҟьаны изиҳәеит «атәы гызмал, аашьаҩ» ҳәа. Уи аталант ааимихын, жәаба змаз ииҭеит. Атәы гызмал «адәы-лашьцара» дықәрыжьит, «уаҟа иҟалоит аҵәуареи ахаԥыцрҿҿареи» (Матф. 25:24—30; Лука 19:22, 23).
15 Иҳәарц иҭахызма Иисус хҩык атәцәа рҟынтәи аӡәы италантқәа адгьыл аҿы иҵәахызар, Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа рҟынтәи ахԥатәи ахәҭа атәы гызмал, насгьы иаашьо ракәхоит ҳәа? Мап. Еилҳаргап аконтекст. Игәрагоу, иҟәышу атәы изку ажәамаанаҿы Иисус змаҵуҩцәа зыпҟо атәы гызмал иӡбахә иҳәоит. Ари ала Иисус иҳәарц иҭахӡамызт игәрагоу, иҟәышу атәы иҵанакуа рҟынтәи аӡәы атәы гызмал диеиԥшхоит ҳәа. Аха зыгәрагоу атәы игәиҽанҵан атәы гызмал диеиԥшымхарц. Убасҵәҟьа жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанаҿы Иисус имҳәаӡеит, Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рыбжаҩык хәҩык аҭыԥҳа гаӡацәа иреиԥшхоит ҳәа. Иара доуҳала иҟоу иашьцәа ргәырҽаниҵон, алахҿыхра иаҟәыҵыр, ма Аԥҳәысҳәаҩ иааира иазхиамзар ирыхьуаf. Убри азоуп иаҳҳәар зҳалшо Иисус аталантқәа ирызку ажәамаана анеиҭеиҳәоз аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан Анцәа идоуҳала иалху реиҳараҩык итәы гызмалцәаны, иаашьаҩцәаны иҟалоит ҳәа иҳәарц шиҭахымыз. Иисус ишьҭанеицәа ргәырҽаниҵон иаашьо атәы гызмал иеиԥшымхарц, аха ргәы ақәкны аџьабаа абара шрыхәҭоу, аталантқәа аус ахь ишьҭуа (Матф. 25:16).
16. а) Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи? б) Ишԥариашо ари астатиа ҳара иҳамаз аилкаара ари ажәамаана иазкны? (Шәахәаԥш арамка «Аталантқәа ирызку ажәамаана аилыркаара».)
16 Иарбан ҩ-урокку ҳара иаҳҵо аталантқәа ирызку ажәамаанаҿы? Актәи, Аҳ, Иисус Христос, Анцәа идоуҳала иалху итәцәа даара зыхә ҳараку адҵа риҭеит — ажәабжьҳәара, насгьы аҵаҩцәа разыҟаҵара аус. Аҩбатәи, иара дазыԥшуп ҳара зегьы ҳмаашьаӡакәа ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳарҵәалоит ҳәа. Ус ҟаҳҵозар, ҳара Ҳаҳ, ҳәарада алахҿыхреи, агәрахаҵареи, азиашареи ахьааҳарԥшуа азы азылԥхарақәа ҳаиҭоит (Матф. 25:21, 23, 34).
a Игәрагоу, иҟәышу атәы дызусҭоу ануп аброшиура «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?» захьӡу аҟны, адаҟьақәа 21—22, абзацқәа 8—10 (аурыс). Аҭыԥҳацәа иаадырԥшуа зусҭцәоу еиҭаҳәоуп ари аԥхьа иҟаз астатиаҿы. Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана иаанаго ануп 1995 шықәса октиабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҟны, адаҟьақәа 23—28 (аурыс), насгьы ари аброшиура анаҩстәи астатиаҿы.
b Шәахәаԥш арамка «Аталантқәа ирызку ажәамаанеи аминақәа ирызку ажәамаанеи реиԥшра».
c Иисус ихаан талантк ф-нызқь динари раҟара иҟан. Аусуҩы мышкы бжьаратәла динариик иоуан аҟынтә, талантк ирҳарц азы, иара 20-ҟа шықәса аус иур акәын.
d Апостолцәа анԥсы ашьҭахь, Аҩсҭаа ақьырсиантә еизараҿы ахьаҵра цәыригеит, уи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа амҿхак дуун. Убри аамҭа иалагӡаны, аҵаҩцәа разыҟаҵаразы Христос идҵа анагӡаразы иҟаҵаз маҷын. Аха аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахыр акәын «абҵара», мамзаргьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы (Матф. 13:24—30, 36—43). Шәахәаԥш аброшиура «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?», адаҟьақәа 9—12 (аурыс).
e Шәахәаԥш аброшиура «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?», адаҟьақәа 7—8, абзацқәа 14—18 (аурыс).