Аизара аиҳабацәа аишьцәа аԥсаса иреиҷаҳаларц разыҟаҵара шрылшо
«Сара сахьтә иуаҳаз... ирыларҵәала... агәрахаҵара змоу ауаа» (2 ТИМ. 2:2).
1. а) Иарбану Анцәа имаҵзуҩцәа еснагь еилыркаауаз азыҟаҵара аганахь ала, насгьы хархәашьас иамоузеи уи иахьа? б) Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?
АНЦӘА имаҵзуҩцәа жәытәнатә аахыс ирдыруан азыҟаҵара бзиа ақәҿиара шаанаго. Убас, иҭҟәаны иргаз Лот иеиқәырхаразы апатриарх Аврам бџьарла еибиҭеит игәаҭаз, даҽакала иуҳәозар аҵара иахысыз, иазыҟаҵаз ауаа, убри азоуп урҭ рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа қәҿиарала изынарыгӡаз (Аҟаз. 14:14—16). Аҳ Давид ихаан Анцәа иҩнаҿы иҟаз ашәаҳәаҩцәа «Иегова изы ашәаҳәашьа дырҵан», насгьы ирҽхәаԥхьыӡ рҳәон (1 Ашықәс. 25:7). Иахьа ҳара адоуҳатә еибашьра ҳалахәуп, Аҩсҭаа ицхырааҩцәеи иареи ҳарҿагыланы (Ефес. 6:11—13). Иара убас ҳара ҳамч зегь азаҳкуеит Иегова ирҳаракра (Аур. 13:15, 16). Убри аҟынтә ҳаргьы, ажәытәан Анцәа имаҵ зуаз реиԥш, азыҟаҵара ҳҭахуп ҳазну амҩаҿы ақәҿиара ҳамазарц. Аизараҿы егьырҭ разыҟаҵара аизара аиҳабацәа ирыдуп (2 Тим. 2:2). Иарбан методқәоу рхы иадырхәо аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа, аишьцәа аԥсаса иреиҷаҳаларц разыҟаҵаразы?
ШӘРЫЦХРААЛА АҴАҨЦӘА РДОУҲАРА ДЫРӶӘӶӘАЛАРЦ
2. Илшозеи аҟаҵара аизара аиҳабы аиашьа иахәҭоу аҟазара илааӡара далагаанӡа, насгьы избан уи зхадоу?
2 Аизара аиҳабацәа абаҳчааӡаҩцәа ирҿҳарԥшыр ҳалшоит. Абаҳчааӡаҩ ажәла леиҵаанӡа, иҟалап адгьыл ԥсылахарц азы арҵәра аҭахуп ҳәа иԥхьаӡар. Убасҵәҟьа, аизара аиҳабы уиаҟара аԥышәа змам аиашьа иахәҭоу аҟазара илаиааӡаанӡа, раԥхьа аҵаҩы игәы шьҭихыр илшоит Аҩыра аҟынтәи иаагоу зхәыцрақәак рыла. Убасҟан уи игәы азыҟаҵара еиҳа иаднакылоит (1 Тим. 4:6).
3. а) Ишԥаулшо ухы иаурхәар Марк 12:29, 30 ирну ажәақәа, аҵаҩы уаниацәажәо? б) Ишԥалшо аизара аиҳабы инцәаиҳәара аҵаҩы инырыр?
3 Аҳра иазку аҵабырг аҵаҩы ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи шаҟа ӷәӷәала ианыруа аилкааразы, уиазҵаар улшоит: «Ишԥарныруеи иудукыло аӡбарақәеи уусқәеи Иегова уҽахьизукыз?» Ари азҵаара иԥшьоу ҳмаҵзура ҳаԥсынаӡала анагӡара иаа́наго иазкны гәаартыла аицәажәара алагара иуцхраауеит. (Уаԥхьа Марк 12:29, 30.) Шәеицәажәара аҵыхәтәаны Иегова шәиҳәар, насгьы аҵаҩы иазыҟаҵараҿы ақәҿиара иоурц ицхраауа иԥшьоу адоуҳа шәаҳәар шәылшоит. Ҳәарада, аиашьа даара игәы иахәоит гәык-ԥсыкала иара изы Анцәа шәахьиҳәаз.
4. а) Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу аҵаҩы доуҳала аизҳара ицхраауа? б) Иарбан хықәку ирымоу аизара аиҳабацәа, аишьцәа аназыҟарҵо?
4 Аҵаҩы иазыҟаҵара шәаналаго аамҭазы еилшәырга ахынраалара аарԥшреи, ак аҟаҵара азхиареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟазаареи шаҟа ихадоу аилкаара ицхраауа библиатә ҿырԥштәқәак (1 Аҳ. 19:19—21; Неем. 7:2; 13:13; Аус. 18:24—26). Арҭ аҟазшьақәа доуҳала аизҳара ицхраауеит, ихырҳагоу амаҭәашьарқәа аҵиаа аизҳара ишацхраауа еиԥш. Абар Жан-Клод зыхьӡу Франциа инхо аизара аиҳабы ииҳәаз: «Аҵаҩцәа аназыҟасҵо, раԥхьаӡа акәны урҭ доуҳала ихәыцуа уааны иҟаларц азы срыцхраар сҭахуп. Сара еснагь сашьҭоуп аҵаҩы библиатә жәеинраалак сизаԥхьарц алшара ансоуа ҭагылазаашьак, Анцәа Иажәа иану „иџьашьахәу аусқәа“ ибарц азы» (Ԥс. 119:18). Ишԥалшо еиҭа аҵаҩы ирӷәӷәара?
АХЫҚӘКҚӘА РЫҚӘЫРГЫЛАРЕИ АҴАКЫ АИЛКААРЕИ ШӘРЫЦХРААЛА
5. а) Избан изхадоу аҵаҩы идоуҳатә хықәкқәа рылацәажәара? б) Избан аизара аиҳабацәа иқәыԥшугьы разыҟаҵара зрыхәҭоу? (Шәахәаԥш албаага.)
5 Аҵаҩы шәиазҵаа иарбан доуҳатә хықәкқәоу имоу ҳәа. Уи иалкаау ахықәкы имамзар, шәицхраа инаигӡартә иҟоу хықәкык ақәыргылара. Шәхатә ҿырԥшы еиҭашәҳәа: иарбан хықәку уаанӡа зны инашәыгӡарц ишәҭахыз, насгьы шаҟа шәгәырӷьоз уи аншәылшаз. Ари аметод мариоушәа жәбоит, аха уи даара аус ауеит. Африка инхо Виктор зыхьӡу ипионеру аизара аиҳабы игәалашәоит: «Санқәыԥшыз аизара еиҳабык сдоуҳатә хықәкқәа ирызкны ибзианы изызхәыцыз зҵаарақәак сиҭеит. Уи сара смаҵзура еиҳа ҭакԥхықәрала азхәыцра сгәазҭанаҵеит». Иара убас аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа ихадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ишқәыԥшӡоу инаркны аишьцәа разыҟаҵара, ирылшо адҵақәа рыҭо. Заа разыҟаҵара шәаналаго, шәара уи ала иқәыԥшу шәрыцхраауеит ианрызҳалак, аԥырхага рацәаны ироургьы, адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылараa. (Уаԥхьа Ԥсалом 71:5, 17.)
Идеилшәыркаала адҵа анагӡара зхадоу, насгьы рҽазышәарақәа рзы ишәырҽхәала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—8.)
6. Иарбан ҷыдароу иалукаауа Иисус егьырҭ шазыҟаиҵоз аҿы?
6 Аҵаҩы Анцәа имаҵ аура агәазыҳәара имазарц азы, иҟаҵатәу адагьы уи зыҟаҵатәу иеилыркаалатәуп. Убас шәара Арҵаҩ Ду, Иисус Христос, шәиҿыԥшлоит. Иаҳҳәап, Иисус апостолцәа аҵаҩцәа азыҟарҵаларц адҵа риҭаанӡа, идеилиркааит урҭ изыӡырҩыр зрыхәҭаз. Иара иҳәеит: «Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь сыҭоуп. Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҟынтә аҵаҩцәа азыҟашәҵала» (Матф. 28:18, 19, АдҾ). Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа егьырҭ аназыҟарҵо Иисус иҿыԥшлар?
7, 8. а) Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа егьырҭ аназыҟарҵо Иисус иҿыԥшлар? б) Избан аҵаҩцәа рырҽхәара зхадоу? в) Иарбан лабжьарақәоу аизара аиҳабацәа рзы ихәарҭахо егьырҭ разыҟаҵараҿы? (Шәахәаԥш арамка «Егьырҭ шазыҟаҵалатәу».)
7 Аҵаҩы иеилшәыркаа иарбан библиатә принципқәоу иду адҵа иаҵанакуа. Убас шәара ишәырҵоит Иԥшьоу Аҩыра иану апринципқәа инарықәыршәаны ахәыцшьа. Иаҳҳәап, шәара аиашьа шәиҳәоит Аҳратә зал ахь уназго амҩа ацқьареи уа аныҟәара шәарҭамзарци дацклаԥшларц. Шәара ишәырбар шәылшоит Тит иахь 2:10, насгьы иеилшәыркаар Аҳратә зал аиҷаҳара «Ҳанцәа-Ҳаиқәырхаҩ... иаҳирҵо аҵара» шарԥшӡо. Иара убас аҵаҩы игәы азҭашәҵа дазхәыцырц иара инаигӡо аус аизараҿы иҟоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ишрыцхраауа. Абас еиԥш иҟоу аицәажәарақәа рыбзоурала, аҵаҩы аԥҟарақәа ракәымкәа, ауаа дрызхәыцлоит. Иара имаҵзура аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ахәарҭа шырзаанаго анибо, уи даара даргәырӷьалоит.
8 Ишәхашәмыршҭлан аҵаҩы ирҽхәара, шәылабжьарақәа данрықәныҟәо. Избан уи зхадоу? Аҵиаа шәҭырц азы аӡы шаҭаху еиԥш, гәык-ԥсыкала иҟаҵоу арҽхәара аҵаҩцәа ахәарҭа рзаанагоит, уи аӡы ирзаҩызоуп. (Еиҿшәырԥш Матфеи 3:17.)
ДАҼА УАДАҨРАК
9. а) Иарбан уадаҩроу азыҟаҵара иадҳәалоу ибеиоу атәылақәа рҿы инхо аизара аиҳабацәа зықәшәо? б) Избан ақәыԥшцәа шьоукы рыԥсҭазаараҿы аҵабырг ахаангьы аԥхьатәи аҭыԥ зааннамкылоз?
9 Ибеиоу атәылақәа рҿы аизара аиҳабацәа даҽа уадаҩрак иақәшәоит: аӡы зыҽӡаазххьоу 20—30 шықәса раҟара зхыҵуа аишьцәа аизараҿы еиҳа активра аадырԥшларц изларыцхраатәу. Ҳара 20 тәыла рҟынтә аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа ҳрыҳәеит еиҭарҳәарц избан, дара ргәаанагарала, иқәыԥшу аишьцәа аизараҿы аҭакԥхықәра агара изазымхәыцуа. Рхәаԥшышьак даара интересуп: дара игәарҭеит аишьцәа шьоукы ианқәыԥшыз аӡәгьы ргәы шазҭаимҵоз адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара. Зны-зынла раԥхьа адоуҳатә хықәкқәа змаз ақәыԥшцәа дара рҭаацәа ари адунеи аҿы аманшәалара ашьҭалара ргәы азҭарҵон! Арҭ ақәыԥшцәа рыԥсҭазаараҿы аҵабырг ахаангьы аԥхьатәи аҭыԥ ааннакыломызт (Матф. 10:24).
10, 11. а) Ишԥаилшо аизара аиҳабы аиашьа игәазыҟашьа аԥсахра дицхраар? б) Иарбан библиатә жәеинраалақәоу аизара аиҳабы аиашьа иирбар илшо, насгьы избан? (Шәахәаԥш албаага.)
10 Аиашьа аизараҿы аинициатива ааимырԥшуазар, уи игәазыҟашьа аԥсахразы амчи ачҳареи рацәаны иаҭахуп. Аха уи умч зқәымхо ак акәӡам. Абаҳчааӡаҩ ҵиаақәак рыхәҵәқәа ииашаны ирызҳаларц азы ашьшьы-шьшьыҳәа ахырхарҭа аиҭоит. Шәаргьы аамҭа цацыԥхьаӡа ашьшьы-шьшьыҳәа аиашьа шәицхраар шәылшоит аизараҿы аҭакԥхықәрақәа дшырзыҟоу аԥсахра. Ишԥалшо уи аҟаҵара?
11 Аиашьа шәиҩызахарц азы, аамҭа шәамеигӡан. Шәицхраа аизара дшаҭаху ибарц. Аамҭа-аамҭала ианаало абиблиатә жәеинраалақәа шәхы иархәаны шәиацәажәала, уи ала Анцәа иҽизкра дазхәыцларц ацхыраара иҭо (Еккл. 5:4; Ис. 6:8; Матф. 6:24, 33; Лука 9:57—62; 1 Кор. 15:58; 2 Кор. 5:15; 13:5). Уи шәиазҵаар шәылшоит: «Иарбан ажәоу иуҭаз Иегова уҽанизукыз?» Игәы ақәҿнаҭыртә азҵаара ишәҭ: «Угәы ишԥаанаго, иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵыз, уара аӡы уҽанӡааухыз? Иарбан цәаныррақәоу иоуз Аҩсҭаа?» (Ажәам. 27:11; 1 Пиот. 5:8). Ахаангьы имаҷшәымшьалан ибзианы иалху ажәеинраалақәа ирымоу амчb. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 4:12.)
АҴАҨЦӘА, АИАШАРА ААШӘЫРԤШЛА
12, 13. а) Дзакәытә ҵаҩызи Елисеи? б) Иарбан ҳамҭоу Иегова Елисеи ииашаразы ииҭаз?
12 Иаҳҳәа́рц иҳалшозеи шәара шәзы, зыцхыраара ҳҭаху иқәыԥшу аишьцәа? Иарбан гәазыҟашьоу ишәыцхраауа Анцәа имаҵзураҿы ақәҿиара шәымазарц? Ари азҵаара аҭак аԥшааразы, шәааи ҳазааҭгылап ажәытәан инхоз ҵаҩык иҿырԥшы.
13 3 000-ҟа шықәса раԥхьа аԥааимбар Илиа иқәыԥшыз Елисеи имаҵуҩыс аҟалара дааиԥхьеит. Елисеи гәахәарыла ари ааԥхьара идикылеит, насгьы иашарала зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дицхраауан, хынрааларыла Илиа идҵақәа зегьы нагӡо (2 Аҳ. 3:11). Фышықәса анҵы ашьҭахь, Елисеи еиликааит ирҵаҩы Илиа иаарласны Израиль ԥааимбарс амаҵ аура дшаҟәыҵуа. Илиа иҵаҩы иеиҳәоит уаҳа дишьҭаланы дымцаларц. Уи аамҭазы Елисеи ибзианы дазыҟаҵан, аха иара хынтә Илиа иеиҳәоит: «Сара уаансыжьӡом». Иара хьаҵрада иҭахын имҩақәҵаҩ дицҟазарц иахьынӡазалшоз ала. Иегова Елисеи ииашаразы азылԥхара ииҭеит: Иегова Елисеи ибартә алшара ииҭеит Илиа џьашьахәыла дышимххо (2 Аҳ. 2:1—12).
14. а) Ишԥарылшо аҵаҩцәа Елисеи иҿыԥшлар? б) Избан изхадоу аҵаҩы аиашара ааирԥшлар?
14 Ишԥашәылшо шәара Елисеи иҿыԥшра? Иарбан дҵазаалакгьы ишәырҭо, уиаҟара ҳаҭыр ақәымзаргьы, иаразнак анагӡара шәазхиаз. Шәырҵаҩы ҩызас дшәыԥхьаӡала, насгьы агәра ишәыргала ицхыраара даара ахә шышәшьо. Гәахәарыла арҵара ианақәҿышәҭуа, шәара ишәҳәоит: «Сара уаансыжьӡом». Аха зегь раасҭа ихадоу, иашала инашәыгӡала ишәырҭо адҵақәа зегьы. Избан уи зхадоу? Убасҟан мацароуп шәара ииашоу, зыгәра угартә иҟоу уаҩны шәхы анаашәырԥшуа, аизара аиҳабацәа агәра ргоит Иегова ишиҭаху аизараҿы аҭакԥхықәра шәыдҵара (Ԥс. 101:6; уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:2).
ИАХӘҬОУ АПАТУҚӘҴАРА ААШӘЫРԤШЛА
15, 16. а) Ишԥааирԥши Елисеи ирҵаҩ иахь апатуқәҵара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Ргәы шԥашьҭихи Елисеи егьырҭ аԥааимбарцәа?
15 Илиа ишьҭрамдаҩ, Елисеи, изку ахҭыс иара убас иаанарԥшуеит аишьцәа иахьа ишрылшо аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа рахь иахәҭоу апатуқәҵара аарԥшра. Елисеи Илиеи аԥааимбарцәа рҿы Иерихон ианыҟаз ашьҭахь, дара аӡиас Иордан ахь рҿынархеит. Абар уа иҟалаз: «Илиа имаҭәа иган, иааикәаирҳәын, аӡы дҭасит. Аӡы еиҩшеит». Цәаакырак злам аӡы аҵа инҭысны, урҭ амҩа ианыланы, еицәажәо ицон. Ишаҳбо еиԥш, Елисеи уажәшьҭа зегь здыруеит ҳәа ихы иԥхьаӡомызт. Илиа дахьынӡаицыз Елисеи ирҵаҩы иажәақәа зегьы гәникылон. Анаҩс Илиа аԥшатлакә далаланы ажәҩан ахь дхалеит. Елисеи Иордан аӡиас ахь даныхынҳә, Илиа имаҭәала аӡы дҭасын, ҿааиҭит: «Дабаҟоу Иегова, Илиа Инцәа, дабаҟоу?» Аӡы дырҩегьых еиҩшеит» (2 Аҳ. 2:8—14).
16 Игәашәҭама шәара Елисеи иҟаиҵаз актәи иџьашьахәы Илиа иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи иџьашьахәы ишеиԥшыз? Иамоузеи уи интересс? Иҟалап Елисеи дымхәыцуазҭгьы, амчра иара иоузар, уажәшьҭа иаразнак зегь иԥсахроуп ҳәа. Уи аҭыԥан Елисеи амаҵзураҿы Илиа иҟынтә аҿырԥшы игон, уи ала ирҵаҩ иахь иахәҭоу апатуқәҵара аарԥшуа. Уи егьырҭ аԥааимбарцәа даара ргәы шьҭнахит (2 Аҳ. 2:15). Елисеи ԥааимбарс 60 шықәса инарзынаԥшуа амаҵ иуан. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова имчала Илиа иаасҭа еиҳаны аџьашьахәқәа ҟаиҵеит. Иарбан уроку иалыркаар рылшо аҵаҩцәа?
17. а) Ишԥарылшо иахьа аҵаҩцәа Елисеи иҿыԥшлар? б) Ишԥаилшо Иегова аамҭа анцалак ииашоу аҵаҩцәа ихы иаирхәар?
17 Шәгәы иаанамган аизараҿы аҭакԥхықәра шаашәоулак, шәара аизараҿы ишьақәыргылоу аиҿкаара иаразнак ишәыԥсахроуп ҳәа — шәара шәаԥхьа ишыҟарҵоз акәымкәа, зынӡа даҽакала аҟаҵара. Аԥсахрақәа рыҟаҵара шаҭаху злеилкаахо шәара шәгәаҳәара ала акәӡам, аха аизара иаиуа аҭахрақәеи Иегова иорганизациа аҟынтәи иҳауа амҩақәҵарақәеи рыла ауп. Елисеи Илиа иметодқәа анаҩсгьы ихы иархәо, егьырҭ аԥааимбарцәа ргәы шьҭихит, насгьы иара иаԥхьа иҟаз иахь апатуқәҵара ааирԥшит. Шәаргьы шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо ргәы шьҭышәхлар, насгьы аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа рахь апатуқәҵара аашәырԥшлар шәылшоит, Абиблиа шьаҭас измоу рметодқәа шәхы ианашәырхәо. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 4:17.) Аԥышәа рҳауа, шәара хымԥада, аизара ԥхьаҟа ицо Иегова иорганизациа иаццаларц иацхраауа аԥсахрақәа ҟашәҵалар шәылшоит. Иҟалап аамҭа анцалак, шәаргьы, ииашоу аҵаҩцәа, Елисеи иеиԥш, Иегова ицхыраарала шәырҵаҩ иаасҭа еиҳау аусқәа рыҟаҵара шәылшар (Иоан. 14:12).
18. Избан иахьа даара изхадоу аизараҿы аишьцәа разыҟаҵара?
18 Ҳара ҳақәгәыӷуеит ари, насгьы уи аԥхьа иҟаз астатиаҿы иаагаз алабжьарақәа егьырҭ аизара аиҳабацәагьы аишьцәа разыҟаҵаразы аамҭа азалхра ргәы азҭанаҵап ҳәа. Ианаало аишьцәа гәахәарыла ари аҩыза азыҟаҵара иақәҿырҭлааит, насгьы ироуз адырра ҟәышрала рхы иадырхәалааит, Иегова иуасақәа иреиҷаҳауа. Уи адунеи зегь аҿы аизарақәа ӷәӷәахаларц иацхраауеит, насгьы ҳара зегьы ҳаԥхьаҟа иҟало аԥышәарақәа раан аиашара ахьчара иҳацхраауеит.
a Иқәыԥшу аиашьа доуҳала дшышәхьоу, иара убас ахынраалара шимоу ала ихы ааирԥшызар, насгьы иара егьырҭ абиблиатә ҭахрақәа дрықәшәозар, аизара аиҳабацәа уи аиашьа маҵзуратә цхырааҩыс дҟаларц арекомендациа аларҵар рылшоит, уи 20 шықәса ихымҵыцзаргьы (1 Тим. 3:8—10, 12; шәахәаԥш 1990 шықәса февраль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 23, аурыс).
b Аицәажәараан шәхы иашәырхәар шәылшоит аброшиура «Аԥа Иаб дааиртырц иҭахуп» захьӡу, адаҟьақәа 14—16, абзацқәа 8—13 (аурыс) рҿы иану, насгьы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» захьӡу ашәҟәы, ахы 16, абзацқәа 1—3 рҿы иану азхәыцрақәа.